Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых

© Foto / предоставлено Мадиной СаманджияМадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа
Мадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы иџьабаа иаԥхьаҟа иԥылоит гәыкала даназнеиуа, избанзар илауҵаз ауп иааурыхуа. Зусура ԥсыршьагас измоу, уадаҩрак ззаҵам асахьаҭыхҩы қәыԥш Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых шәаԥхьа Sputnik аматериал аҟны.

Аамҭа анааилак ауаҩы иалихуеит иара игәы ззыбылуа ихатәы занааҭ. Иҟалоит изанааҭ ахь имоу агәыблыра иара изыҳәаны иԥсыршьаганы, иԥсҭазаара иаԥхьагыланы ианизыҟало.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Мадина Саманџьиаԥҳа даныхәыҷыз аахыс асахьаҭыхра бзиа илбоит. Ашкол данҭаз ибзианы абаҩхатәра аалырԥшуан адизаини асахьаҭыхреи рҿы. Еиҿылкаауан, илырԥшӡон ашкол аҭыӡқәа. Иҭылхуа лсахьақәа, лара ишазгәалҭо ала, ԥсык-ԥсык рхоуп, ишлылшо ала илырцәажәоит. Инстаграм аҿтәи лдаҟьаҟны еиуеиԥшым лҭыхымҭақәа уԥылоит: апеизаж, ақалақь ахаҿра ӡырызго асахьақәа, ауаҩы иҭеиҭыԥш уҳәа ирацәаны. Мадина лырҿиара дазааҭгыло илҳәоит:

© Foto / предоставлено Мадиной СаманджияМадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа
Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Мадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа

"Ҽнак снатәаны сахьак ҭысымхкәа ҟамлаӡацт. Сара сыԥсы алоуп асахьаҭыхра. Саныхәыҷыз сан исалҳәалон асахьаҭыхҩы ишилшо ишьҭа абри адгьыл аҟны ааныжьра. Убасҟан ауп ианалага зегьы, иахьа уажәраанӡагьы аангылашьа сымаӡам. Асахьаҭыхра сыԥсҭазаара иашьашәаланы ишыҟазгьы, сҭалеит апсихологиатә факультет, аха зегьы акоуп асахьаҭыхра касмыжьӡеит. Апсихологиатә факультет саналга ашьҭахь сҭалеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Сан лоуп аҟазара агәыблыра сзыркызгьы, лара занааҭла дсахьаҭыхҩуп".

Мадина зыпрофессионалтә ҟазара ҳараку специалиступ. Иахьа лара қәҿиарала аус луеит рҵаҩык иаҳасабала асахьаҭыхратә студиаҟны.

© Foto / предоставлено Мадиной СаманджияМадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа
Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Мадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа

"Аграфикатә дизаин аган ала аус зухьеит жәаҩа шықәса. Уи ашьҭахь софистә усура аҽаԥсахит асахьаҭыхратә студиаҿы сусурала. Уаҟа сара срықәшәеит хыԥхьаӡара рацәала аҟазара злаз, еиуеиԥшым аганқәа рыла зҽазыҟазҵоз ауаа. Сара аеҵәа сызкыдԥаауамызт са сахь раԥхьаӡа акәны ҽазыҟаҵара иааиуаз "ахаан сымҭыхӡацт" зҳәоз, аҵыхәтәаны иҭыхымҭқәа ссирқәа иманы данцоз. Ауаҩы иџьабаа иаԥхьаҟа иԥылоит гәыкала даназнеиуа. Илауҵаз ауп иааурыхуа. Убасҟан сара еилыскааит арҵара ари шус дуу, иагьысҭахуп сышьҭа ари адгьыл аҟны иаанхарц", - лҳәоит асахьаҭыхыҩ қәыԥш.

Мадина қәҿиарала Москва иҭылҵааит аграфика иадҳәалоу аҵара. Аус луан Москва еицырдыруа аӡыргаратә хеилакқәа рыҟны. Аԥсны имаҷымкәан аус лухьеит дизаинерк иаҳасабала, убас Аҟәафон адизаинерс дыҟан. Лара лҭыхымҭақәа дырԥшӡоит иахьа Амшын аԥшаҳәа, акаҳуажәырҭақәа.

Урыстәыла аус анылуаз илырҳаит ирацәаҩны лусура иазҿлымҳау ауаа, асахьаҭыхра лҿызҵаарц зҭаху аҵаҩцәа.

© Foto / предоставлено Мадиной СаманджияМадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа
Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Мадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа

"Москвеи Шәачеи аус анызуаз срабадырит аҟазацәа. Аҭыхра зҵарц зҭахыз алшара иман сыстудиахь амҩахыҵра. Сҭыхымҭақәа рыҟны апропаганда ҟазшьа аҭаны стәыла еснагь иӡырызгон. Ҳаԥсадгьыл аԥшӡара ҭызхуаз аҵаҩцәа, ҳәарада, иџьаршьон, ара иҟазшәа атмосфера рзаԥысҵон. Иахьа уажәраанӡа дареи сареи аимадара ҳабжьоуп, асахьа мацара иабзоураны Аԥсны агәыблыра ркит", - лҳәоит Мадина.

Алиса Шәқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Архитектор, асахьаҭыхҩы, аӡахҩы: астудентка Алиса Шәқьериаԥҳа ҳлабадыруеит

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Мадина аус луан Шәача. Уаҟа илыдылкылон аҵаҩцәа, аха аҭаацәара даналала дхынҳәит Аԥсныҟа. Иахьа Аҟәа ақалақь аҟны иаартны илымоуп лхатәы сахьаҭыхратә студиа. Лара лахь имҩахыҵуеит асахьаҭыхра зҵарц зҭаху зегьы, ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа. "Сара ахаан мчыла ауаҩы идысцалаӡом. Иара иалихуеит игәы иаҭаху асахьа, нас убри ҳахәаԥшны ҳҭыхуеит. Сусураҟны сыԥсы сшьоит, уи еиҳау цәанырра ыҟаӡам. Сахьак ҭыхны саналгалак, сгәы-сыԥсы еизҳауеит, иҭазгалоит ссоциалтә даҟьақәа рахь. Ауаа ахәшьара бзиа арҭоит, уи даара амотивациа снаҭоит", - ҳәа азгәалҭоит Мадина.

Асахьаҭыхҩы лусураҟны иуԥылоит дызлаҭыхуа амыругақәа рыхкы рацәаны. Урҭ зегьы доусы рыхьыӡқәа рымоуп. Лхы иалырхәо аҭыхгақәа зегьы еиԥшӡам, акы поуп, акы еиҳа ижәпоуп. Лҭыхымҭақәа зегьы ирыҵоуп агәалашәарақәа, доусы ирымоуп рхатәы хьыӡқәа. Лҭыхымҭа "Ацәанырра" зыхьӡу аҟны даарԥшуп зхы иақәиҭу, зцәаныррақәа ирықәиҭу, заԥхьаҟа ԥынгылак змам аҭыԥҳа лхаҿсахьа.

© Foto / предоставлено Мадиной СаманджияМадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа
Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Мадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа

"Ари ахаҿсахьа арҿиара злоу ауаҩы изы зых иақәиҭу хаҿсахьоуп. Уи инапы злаку аус бзиа ибоит, ихы мшаҭа игәҭакахьы деихоит. Ари асахьа аҭыхра санаҿыз аамҭазы иаархәеит. Уажәы иҟоуп ақалақь Пермь ахатәы коллекциаҿы", - ҳәа дазааҭгылеит Мадина.

Мадина лҭыхымҭақәа аархәахьеит имаҷымкәан ауаа, убасгьы иҿарҵарц рылшоит ргәы иаҭаху асахьа. Лхаҭа лҭыхымҭакәа ҳамҭас лыуацәа, лҩызцәа, илзааигәоу ауаа ирылҭоит. Лара даара деигәырӷьоит лҭыхымҭақәа бзиа ибаны иахьрыдыркыло.

© Foto / предоставлено Мадиной СаманджияМадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа
Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Мадина Саманџьиаԥҳа лусумҭа

Еиҳа зҭыхра мариеи, аԥсабара акәу, мамзаргьы ауаҩы иҭеиҭԥш акәу ҳәа ҳанлазҵаа абас лҳәеит:

"Аԥсабара аҭыхра еиҳа имариоуп, избанзар уи иацу ахаареи, аԥшӡареи ауаҩы игәаҵанӡа иаразнак инеиуеит. Ауаҩы ихы-иҿы аҭыхра адагьы, иҭухроуп иара иҩныҵҟатәи иҟазшьа, игәаҭа, иҿаԥшылара. Убри зегьы анузаарԥш ауп, уанпрофессионалҵәҟьоу", - ҳәа азгәалҭоит Мадина.

Сынтәа Мадина Саманџьиаԥҳа Гагра ақалақь аҟны еиҿылкааит лҵаҩцәа хәыҷқәа рцәыргақәҵа. Уи азкын Аԥсны Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа лиубилеитә ныҳәа мшы.

Мадина лусумҭа: Аԥсны Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа
Зусура ԥсыршьагас измоу: асахьаҭыхҩы Мадина Саманџьиаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Мадина лусумҭа: Аԥсны Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмаа

Мадина лаԥхьаҟа лгәы иҭоуп лхатәы цәыргақәҵа аиҿкаара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0