"Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!": Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы

© Foto / ́Марина БарцыцԥҳаҬамара Шьаҟрыл
Ҭамара Шьаҟрыл - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бызшәадырыҩ, афилологиатә наукақәа ркандидат, апрофессор, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы, Ахьӡ-аҧша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара зысҭазаара азызкыз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа иахьа илхыҵуазаарын 97 шықәса.

Аԥсуаа рҭоурых аҿы ХХ-тәи ашәышықәсазы хәҩык иадамхаргьы, иналукааша ауаа рыхьӡ шәҳәа рҳәар: Лакәаба, Гәлиа, Арӡынба, убра дрываҟәало, дреиҵаӡамкәа лыхьӡ ҳҳәар ҳалшоит Шьаҟрыл Платон ду иԥҳа Ҭамара.

© Foto / из семейного архива Тамары ШакрылҬамара Шьаҟрылԥҳа
Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!: Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа

Лакәабеи Арӡынбеи рыбжьара игылан амилаҭ хақәиҭра азықәԥацәа, урҭ рацәаҩын: аԥсуа интеллигенциа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, анхацәа, дара Шьаҟрылаа рҭаацәара шынеибаку зегьы.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа агәҭагьы акәымкәа, аԥхьагылацәа, ахақәиҭратә қәԥараҿы аԥызацәа дреиуан. Аԥсны даҵеилашан, Аԥсны даԥҳаҵәҟан лыԥсадгьыли лыжәлари дырҿахәҳәаҩын. Машәырны иҟамлеит лара ллитературатә кьыԥхьымҭа аҟны ԥсевдонимк аҳасабала иахьаҵалҩыз "Аԥсны-ԥҳа"(!) ҳәа.

Ҭамара лҟәыӷара, лдырра, лҵара, лдоуҳамч, иавагылан агәаӷьра ду. Акы дыннакылаҵәҟьомызт уи ахы ада. "Шаҟа дкыдырҟьахьаз, шаҟа дкыдырцалахьаз, акы даанакыломызт… Аиаша ыҟам ҳәа ахьылбоз дагәыдлон, аԥхьа дгылон. Аполитика мацара акуӡамызт уи", - лҳәоит лаҳәшьа Екатерина Шьаҟрылԥҳа. Ҿырԥштәысгьы иаалгон, иахьа изгәалашәо маҷны иаанхазаргьы: Фазиль Искандер иповест "Созвездие Козлотура" амшала аиҳабыра дықәцалан данырк, Ҭамара Шьаҟрылԥҳаи, Маргарита Ладариаԥҳаи, Варвара Шониеи (алит.кафедра) ахцәажәарақәа еиҿкаауа, астудентцәа алархәуа Искандер адгылара ширҭаз.

© Foto / из семейного архива Тамары ШакрылРоман Ҷанба, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа, ҭырқәтәылантәи иааны иҟаз аԥсуа, Нелли Аршба, Шьалуа Инал-иԥа, Гьаргь Шамба, Владимир Агрба, Иури Аргун.
Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!: Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Роман Ҷанба, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа, ҭырқәтәылантәи иааны иҟаз аԥсуа, Нелли Аршба, Шьалуа Инал-иԥа, Гьаргь Шамба, Владимир Агрба, Иури Аргун.

Урҭ аеҳәшьцәа хьӡи-ԥшеик ма ҽак алаҳарҳап ҳәа аполитика иаламлаӡеит. Ауаа еицырдыруа иҟаӡҵаз раԥхьатәи ршьаҿа - аԥсуажәлар рызҵаара шьҭызхуаз Сталин изырышьҭыз ашәҟәы ауп. Уи еиԥш ашәҟәқәа Ҭамара шәкыла илыҩхьазар ҟаларын ашьҭахь. Аха уи аамҭаз Сталин изышәҩыз иаҵанакуаз – шәыжәлар рзинқәа рзы цәгьаԥсышьала ԥсра-ӡра шәцон акәын, ишәгәагьызеи ?!- анаҳҳәа. Ҭамара иааркьаҿны аҭак ҳалҭеит, аԥсра еиҳау шыҟоу ҳгәаларшәауо:

- "Ауаҩы иԥсы ҭоуп мацараз аԥсҭазаара иаԥсамзар ҟалап! - лҳәеит.

Зыжәлар рзы зыԥсы ҭыхны изкыз, ишлыдыргалозгьы, зхазы малума ҭыԥума мап рцәызкуаз, ирышьҭамыз, лара акырӡа инахараны ԥхьаҟа илбон, агәрагьы лгон аиааирагьы, ахақәиҭрагьы, азхаҵарагьы, лыжәларгьы рыгәра лгон, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аԥышәарақәагьы лбон. Иахьа ицо аглобализациа зхыԥхьаӡара рацәам ажәларқәа ишырԥырхагахо азгәаҭо, ҳазхьалырԥшуан ицәырҵыз ишәарҭоу атенденциа ҽыц – аҿар хыи-ԥсыи ҳәа ринтересқәа апхьа идыргыло рааӡара ҳшалагаз. Идыруп, хы-ԥси ҳәа ҳандәықәла аҳәынҭқарра акәым ҳажәларынгьы ҳашзаанымхо.

Илыцназгоз лаҳәшьа, Екатерина Шьаҟрылԥҳа лҳәашьала, Ҭамара ҩ-фронтк дырҿагылан ("приходилось бороться на двух фронтах). Лаамҭа зегьы лыжәлар рзинқәа рыхьчара, рхақәиҭраз ақәԥара иагоз азы: "сусумҭақәа сыхьҵәуа исзыԥшуп, сара Бруннераа, Боденраа ашәҟәқәа рзысыҩуеит", - лҳәон илхьааны, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, лнаукатә ҭҵаарақәа иахьырцәагхоз азы. Убри лнаукатә ԥшаарақәа рҿгьы лара имариамыз, иуадаҩу, иҿыцу амҩақәа аалыртуан.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лзы абызшәадыррагьы, иааидкыланы алингвистикагьы политикан. Избан акәзар, аԥсуа бызшәа қырҭшәоуп анырҳәалак, уи шьҭа иполитикатә проблеман. Ҳажәлар, ҳмилаҭ ҭазырхо уи зегь политикоуп ҳәа илыԥхьаӡон. Лара илҳәан еиԥш: "аполитика уа (аиҳабыраҿ –М.Б.) аус анууа мацара акәӡам, аполитика – уи уаажәларратә-граждантә позициоуп!".

1992 шықәсазы аибашьра ианалага, ҳмилаҭ қәԥара аԥхьагылацәа ируаӡәкыз Ҭамара, Аҟәа дахьалахаз зегьы дырхьаан, ҳлыцәшәон ак лыхьыр ҳәа. Лалгаразы ауаҩгьы длызнеит, ҟалашьа амазар Аҟәа далҵырц. Саргьы сентиабр мза алагамҭазы, аус ахьызуаз Владислав Арӡынба идкыларҭа аҟынтәи, макьана ушиашоу Аҟәаҟа аҭел уасратә иҟан, аҟынтә алшара ансоу сылзасит: - Шәышԥаҟоу, шәеибгоума, ақалақь шәалҵыр ауазар?"-, ҳәа… Мап лкит дырҩегь: "Шәызегь шәсыргәамҵуеит, хьаас сшәымкын сара", - лҳәеит.

Имӡакәа иаҳҳәап, ас еиԥш аӷа инапы аҵаҟа аанхашьа иагьакуп иагьыҩбоуп: иҟан ианаамҭаз изалымҵыз, мамзаргьы зхы иамыхәоз ачымазаҩцәа ма абыргцәа батәыс измаз, урҭ кажьны цашьа змамыз. Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы дҟалагәышьоит зыжәлар знаԥхогьы. Урҭ ачарҳәацәа рацәамзаргьы хазы игылоуп ампыҵахала инапахьы ииасыз, аус ицызуаз, уимоу зпаспорт аҿгьы ақырҭуа ҳәа зҽанызҵоз (ҳмаҷра иабзоураны рыӡбахә алацәажәара ҳҭахым аха). Ажәакала, ишақәшәаз ала "шәызҿагылоу зусҭҵәада, арҭ ҳара ҳариааиуама", ҳәа шьоук дара ртәала ахыхьчара иашьҭалт, ҽа џьоукы Гәдуоҭанӡа инаӡазаргьы "абџьар ззымкуагьы ыҟами", ма "ҳгәабзиара уашәшәыроуп", ҳәа рхы дырқьион. Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лтәы хазуп. Уи хазы дгылоуп! Лымацара заҵәык аибашьра адәы аҿы даанхаргьы, аӷа ир рҿагылара зылшоз лакәын. Убри аҩыза агәаӷьра, агәымшәара лыман, убрысҟак дыззықәԥоз лыжәлар риашара амч лнаҭон.

Ҭамара Шьаҟрылԥҳа
Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!: Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа

Ҭали Џьапуаԥхаи сареи ҳанлацәажәоз абас аҭак ҟалҵеит Аҟәа ахьаанылмыжьыз азы азҵаара: "Уажәгьы уашьҭангьы убри ҟасҵар, сықәҵыр, ахаан схы ианасыжьуамызт, схы сызмырқьиауа сынхон. Сынамыс аҿаԥхьа сақәиҭымызт ҳәа исыԥхьаӡон. Уаагьы(Гәдоуҭа) еидарас схы рысҭон. Ҳаҷкәынцәа аибашьцәа рызқәа сҽавакны (сышԥатәоз) сара зықәра зфахьоу…"

Ҭамара акырынтә иаҳзеиҭалҳәалон: 1941 шыкәсазы аибашьра ду ианалага ихәыҷқәаны ақалақь иалганы Лыхныҟа ишыргаз. "Шықәсыкгьы мҵыкәа, мызқәак рышьҭахь ҳаныгьежь, Аҟәа аԥсшәа умаҳауа иҟалахьан, ақалақь узымдыруа ақырҭуа хҵәацәа рыла иҭәхьан, акультурагьы аҽапсаххьан…".

"Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!.." Убригьы лара лықәԥара акәын.

Дыздыруаз ибзианы иргәалашәоит, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа ишылцәаҩамыз лыбжьы рдуны ацәажәара, аудиториа ду аҿы дықәгылозаргьы. Уи иагьаҭахӡамызт, знык данцәырҵ инаркны амҵ ԥыруазар иуаҳауа иҭынчрахон, илҳәарызеи ҳәа ажәак реиҩымшәо аџьар лзыӡырҩуан, ларгьы лыбжьы ҳаракцәамкәа дналагон. Ус, аибашьра аан иааҩуа иалагеит: "Ҭамара "рыцҳа", лхала лыбжьы рдуны аԥсышәала дцәажәоит ақалақь аҟны, ҳәа. Уи лхала лхы дацәажәомызт аха, дәқьанума, амҩаду аҿы аума лыбжьы зегьы ираҳаратәы аԥсышәала данцәажәоз, ишәаны аҭак ззыҟамҵози, ишаԥсыуааз дмыраргамаразы зҽыԥхьазкқәозгьы ыҟазар акәхарын.

Нас даҽакгьы ыҟан, лара ишҳалҳәаз ала, аҳҭнықалақь аҿы даанызкылоз: "Абра аԥсыуак аӡәы дыҟамкәа, аибашьцәа аԥсыуак аӡә далахар, дахьнеиуа имамкәа (днымхараз) – сышә аартын" - лҳәеит.

© Foto / предоставила семья Шакрыл Ҭамара Шьаҟрылԥҳа. Афото: Марина Барцыцԥҳа
Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!: Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа. Афото: Марина Барцыцԥҳа

Аибашьра аԥхьагьы, ашьҭахьгьы аԥсуаа ақыҭаҿ инхо рҿы ишаԥу еиԥш аҩны даныҟаз лыҩнашә ессымша ишаартыз, лыҩны инеихьаз иааихьаз ирдыруеит- ацаԥха шалмыркуаз, уимоу иҵрааны иаанлыжьуан. Аамҭақәа есымша еиԥшымызт, аха аибашьра анцаҵәҟозгьы ус ҟалҵозаарын. Лгәылацәа иргәамԥхозаргьы, уаха аҩбатәи аихагыла аҟнытәи длыбааны аҩны аҩналарҭа ашәгьы аартны инлыжьуан, уаха ԥшыхәра дыҟаны, еибашьҩык дзалымҵкәа ақалақь далаханы царҭа, ҿыҵәахырҭа имоур, лара зегь еицырдыруаз лышҟа ихы ԥхьеикырц дымҩахыҵразы.

© Foto / Марина БарцыцԥҳаЛидиа Ҷкадуаԥҳа, Галина Ҭарџьман-иԥа (Копашевиӡе), Марина Барцыцԥҳа, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа, Ҭали Џьапуаԥҳа, Алина Ачԥҳа.
Сымацара сынхаргьы аԥсышәала сцәажәалон!: Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Лидиа Ҷкадуаԥҳа, Галина Ҭарџьман-иԥа (Копашевиӡе), Марина Барцыцԥҳа, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа, Ҭали Џьапуаԥҳа, Алина Ачԥҳа.

Зыжәлар рзы зыԥсы ҭыхны изкыз, Ҭамара ахыхьчара лыгәгьы иҭашәомызт, иаҭахызар лыԥсгьы рықәылҵаҵәҟьон. 2004 шықәсазы рзы аилаҩеиласра аныҟала (иахьанӡа итрадициахарц акгьы згым "амчра агара" зыхьӡаҳтәыз), ажәлар еиҿамҳандаз, сара исхысрым, срыбжьаҟазап ҳәа днеит лара. Ноиабр 12 рзы дҳабжьыԥсаараны, уаха илҳәаз ажәақәа схашҭӡом: "Шәхацкы сцааит, ианамух сыда ԥсра ҟамлааит!", - лҳәеит. Ус иагьыҟалеит… Аҵыхәтәантәи ашықәс "харак снеиӡом, шықәсык еиҳа", лҳәон. Избан сзеилкаауамызт қәра дуӡӡакгьы лымамызт (лыгәгьы бзиан, 80 шықәсанӡагьы дзымнеит). Аҽны хьҭак ыҟамызт аха наԥхаз ҵаӷақәакгьы лымӷан, лнапқәа ааихьшьны, "маҷк сыхьҭшьуеит", - лҳәеит. Аԥсуаа ражәа иалоуп "сузӡатәуп" ҳәа, анырҳәо уи ухацкы сцааит, иухьша сыхьааит ауп иаҵанакуа. Курбанс, ӡатәс, ҳхацкыс лхы ҟалҵеит Ҭамара убасҟан. Лара ишылҳәаз еиԥш иҟалеит – лыда ԥсра ҟамло убри аҽны!

Ҳаиҳабацәа дааргәалашәацыԥхьаӡа ргәы рыхьны ирҳәоит: Ар ахьеибашьуа аԥҳәыс илкьысӡом, "Аԥсны, Аԥсны шылҳәоз" лыԥсҭазаара далҵит", ҳәа. Аха Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дызнысыз амҩа ҽакала хыркәшашьа амамзар акәхарын, лхы ҳақәылҵаҵәҟеит, лҭахарала аграждантә еибашьра аанылкылеит. Лыгәнаҳа Анцәа иҳақәумҵан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0