"Илбаз иакәӡам дыззааргаз..."

CC0 / / Силует девушки
Силует девушки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақьаӷьариа лыцхыраарала аԥҳәысҳәараан зны-зынла иҟалар зылшоз ахҭысқәа аҭыԥҳацәа рразҟы ишаныԥшуаз еиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Коӷониаԥҳа: илбаз иакәӡам дыззааргаз

Аҳәара уадаҩуп иахьа сызлацәажәо атема атрадициатә ҟазшьа ду амоуп ҳәа, аха усгьы, шамаха џьара иуԥымло цәырҵроуп сгәахәуеит. Апоет Платон Бебиа илаф жәеинраала "Ачара ду" иахьа чарацыԥхьаӡа ирҳәоит. Измаҳацда арҭ ацәаҳәақәа:

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ахәышҭаара дыҽҳәыганы: жәаха шықәса зхыҵуаз Жозиа лхаҵацара шыҟалаз

"Ачара ду аилашымҭаз

Амҳараҿы бжьык аагеит.

- Унан, иҳахьзеи? Ҳаи, сыԥсындаз!

Амитә ҳахьит, ҳҭаца дцеит!"

Апоет иажәеинраала асиужет хыҭҳәаауп сызҳәом, ари иамоуп акырынтә ҳаԥсҭазаараҿы имҩаԥысхьаз ахҭысқәа рсиужет. Иахьа иҟалап, ас иҟамлозаргьы, аха схәыҷреи сқәыԥшреи раамҭазы исаҳахьан "илбаз иакәӡам дыззааргаз" шырҳәоз. Апоет Бебиа илаф ажәеинраала иазааигәоу асиужетқәа зны-зынла аԥҳәыс лзы иразҟыдараны ианыҟало ыҟоуп, ҳчарақәа рҿы иацкәашозаргьы.

"Ус уа, агәыла ҭаҳмада

Дахьтәаз ҿааиҭит абас:

- Дадраа, ҳҭаца дцеит, избанзар

Илбаз иакәӡам дыззааргаз…"

Абри ашәа сазыӡырҩыцыԥхьаӡа иаасгәалашәоит ԥҳәыск лҭоурых, уи ари ашәаҿы ишыҟоу еиԥш, илбаз иакәым дыззааргаз, аха лҟазшьа илнамҭеит, ашәа асиужет аҿеиԥш, лабраахь агьежьра, дыззааргаз илдырбаз шиакәмыз анылба.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Знык иахыԥаз шәынтә иахыԥоит: ахаҵацара аҿҳәара ахыгара зҵасым

Таиф Аџьба илакә-поема "Сабажәгьалеи" афырхаҵа ишьашәалаз, иҟәынгаз арԥыск иуацәа ԥҳәыс дизыргарц рҭаххеит. Дара ибзианы ирдыруан, иара иҟәынгареиԥш, адәахьтәи иҭеиҭыԥшгьы аӡәгьы дшыхнамхуаз. Сабажәгьалеи ихаҭа-ԥсаҭа иакәын иара. Иуацәа убри аҟынтә ирхәыцит ԥҳәыс дшизааргашаз аплан. Зны далрыԥшааит ажәа знырҵашаз, зсахьа бзиаз, хшыҩлагьы икәадамыз лара.

Рҟәынга иҿы ааиртыр иԥҳәысаагара шхыбгалоз рымдыруаз, исахьагьы уи анубаалон усгьы, убри аҟынтә, иаалаган, рқыҭа иатәыз, зыгәра ргоз, ирыцәтәыммыз аҭаацәара иалалахьаз ԥшӡакы рыҷкәын иҭыԥан ԥҳәысҳәара дыргарц. Ақьаӷьариа амҩа ылылхит аԥхьа, аҭыԥҳа длацәажәеит, зычаԥашьа бзиоу, зани заби бзиоу дшизылҳәо азы дазыҟалҵеит.

Аҭыԥҳа маҷк инахараз шьха қыҭак датәын, арҭ аҭаца дызгарц зҭахыз адгьыл каршәраҿы инхон. Иахьынхоз рҭыӡҭыԥ аманшәалара адагьы, мазаралагьы ихьысҳамызт. Аӡӷаб деибан, лани лареи ракәын ашьха қыҭаҿы аҩны иахыз.

Ицеит илықәыршәны аԥҳәысҳәара арҭ ауаа. Аҟәынга иҭыԥан ицәырыргоз иблақәа иаҵәаӡа, знык унархыԥшылар урытҟәо иҟан. Ауха иахьнеиз аԥшәмаԥҳәыс лыԥҳа аразҟы лоур лҭахымзи, аишәа лырхиеит асасцәа дахьқәа рзы. Аҭыԥҳа дынкылыԥшны днаихәаԥшит лҳәара инеиз. Иаразнак лгәы дҭашәеит аблагәыӷра, иԥшӡара дыхнахит иаразнак. Аԥшӡа, иԥшра адагьы, итәашьа-игылашьала дугәамԥхо дыҟамызт. Ирфеит, иржәит, асасцәа изызнеиз ан лҿы ицәырыргеит, уи аамҭазы ақьаӷьариа аус лухьан, абла гәыӷрақәа ихырхыз аҿа ллырҳәахьан, ари аҩыза аразҟы даҽазнык лашҭа ишҭамлар шалшо лырдырны.

Апҟара - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

Ажәакала, дырҳәеит аҭыԥҳа, дук хара имгакәа, аҭацаагацәа цан, Аҟәынга ҳәа ҳзышьҭоу аԥҳәыс дизааргеит. Аҭыԥҳа лакәзар, дызҭаргалаз ашҭа лаша, илдырбахьаз аблагәыӷра уҳәа, лгәы ҭыԥраауа дыҟан. Чарамызт ируз, аха ауацәа, аҭахцәа адгаланы аишәа бзиа рхиан. Ҵхыбжьонынӡа еилыҵуамызт асасцәа, аҭацагьы маӡала дкылыԥшны абла гәыӷрақәа дрышьҭан, аха дара џьара рҽыҵәахны иҟан, ицәырҵуамызт макьана.

Ҭынчрахеит, асасцәа еимпит, аҭацагьы луада лдырбеит. Дук мырҵыкәа, абла гәыӷрақәа рцынхәрас луада иааҩналеит ашарамша блақәа. Лыблахаҵ аагьежьит азныказ. Ашьҭыбжьқәагьы цәгьахеит аҭаца даазгаз рыҩнаҿы. Ақьаӷьариа лакәзар, ҵаҟатәи аихагылаҿы лҽырхианы дтәан, аҩныҟа агьежьра шхьымӡӷу, уахь лышьҭахьҟагьы лан лыбӷа шԥылҵәо уҳәа, илҳәашаз рхианы илыман.

Илылымшеит аҭаца апоет Бебиа иажәеинраалаҿ ишыҟоу еиԥш, аҩныҟа ацара, илылымшеит, избанзар ҟазшьала дыӷәӷәамызт. Даанхеит дыззааргаз иҿы. Аҵаул чарагьы лзыруит анаҩсан. Аҭаца дахьыкҿагылаз ани абла гәыӷрақәа харшәшәара ҳәа иныҩналеит. Лгәы ааилагьежьит лара, лыԥсы злахаз, лразҟы анасыԥдара азҭаз аблақәа данырхыԥшыла, аха илыхьыз лҽамариашаны ҭацара ахәхәаҳәа иуа дыкҿагылан, лынасыԥдара илхаршәыз лкасала ихҩаны.

Аҭаца еснагь дазыԥшын урҭ абла гәыӷрақәа зхаз рашҭа данҭало ҳәа. Даалон иара уарла-шәарла, даныржьозтәи ахҭысқәа алаф ахь ииаганы иаацәырго. Абас ицон аамҭа. Аҟәынгажә иакәзар, дгәырӷьаҵәа иԥҳәыс ԥшӡа длывагьежьуан, иҟәынгара убла ааҭнахуама уҳәаратәы.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Аамҭа цеит. Аҵеи диит ари ашҭаҿы. Ахәыҷы маҷк изҳауа даналага, абзҳәацәа игәарҭо иалагеит аҷқәын хәыҷ абла гәыӷрақәа шихаз. Уаҳа акыр аҭахызма, ус акәымзаргьы, илыхшаз "ани илдырбаз иоуп дзеиԥшу" ахьӡхалеит. Убас шырҳәозгьы, лара гәыбӷан аӡәгьы илиҭомызт, анхәеи абхәеи рмаҭа иеиӷәырӷьо инхон.

Абас еиԥш иҟоу ахҭысқәа рыӡбахә акырынтә исаҳахьан. "Илбаз иакәӡам дыззааргаз" рҳәон. Ари арыцҳара ианахаз еснагь иразҟыданы срыхәаԥшуан. Акгьы иацәымшәакәа, зразҟы аиқәырхаразы зыҩныҟа ачара аилашымҭазы игьежьуаз рҭоурых сазгәыдуун. Абла гәыӷрақәа ракәзар, уажәгьы иҟоуп, зны-зынла имҩахыҵуеит анкьа иара дзырбаны иааргаз ҭацас дахьыҟоу амӡырхахьы…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0