Дызшьуаз Шеварднаӡе ҩ-миллионк изишәон: Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа лҭоурых

© Foto / Кама ЛасурияКама Ласурия
Кама Ласурия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан илхылгаз аҭоурых атәы ҳадигалоит апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" автор апоет Анатоли Лагәлаа.

Кама Лашәриа-ԥҳа данҩыҵшәа инаркны лыԥсадгьыл ахьаа иаразнак илылаҽхьан. Уи илбон ақырҭқәеи агырқәеи ес ирӡбалакгьы ҿарԥак-ҿарԥак ҟаҵаны, дара рыԥсадгьыл Қырҭтәыла иамкуашәа Аԥсныҟа ишеихоз, иаразнак араҟа ишҭарҩуаз, аусурҭақәа шрырҭоз, ишындырхоз, ишындырҵуаз. Аԥсны ақалақьқәа рҿы зехьынџьара дара хыԥхьаӡарала иҳаиҳан, ирҭахыз ҟарҵон, ирҭахыз руан, амала Тҟәарчали Гәдоуҭеи заҵәык рҟны уиаҟара аҽҟьарҭақәа рырҭомызт ҳаҷкәынцәа. Ақалақьқәа ракәым, ақыҭақәа рахьгьы ипланы идәықәлахьан, урҭ ҿыцынхацәоуп ҳәа ҳара ҳажәларгьы рыцхрааны, еигәышә ԥынҵала абна тоурақәа рхны инаган индырхон. Ашьҭахь урҭ рџьабаа аӡы иарҭеит акәымзар…

Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Кавказ ахьчаразы" амедал зауз Аҷандаратәи аԥҳәыс лҭоурых

Ҳара ҳаишьцәоуп ҳәа игылан урҭ хыԥхьаӡарала иҳаиҳахаанӡа, ианҳаиҳаха, шәара ашьхақәа рҟынтәи шәылбааит, ари аԥсадгьыл зтәу ҳара ҳауп рҳәеит. Атәым арбаӷь аҩнатә арбаӷь дәылнацарц иалагеит! Аҭоурыхтә ҵабырг излаҳәо ала, дара анкьаӡа арахь Аԥсныҟа Гыртәылантәи усура ианаалоз, аԥсуаа урҭ убриаҟара ирзымычҳауазар акәхарын, ианцоз, рыҽқәа руацқәа рыҽхьынҵаны иддыргон! Шәара шәцоит, аха шәгәамгьы ара инышәмыжьын, уахь ижәга ҳәа акәын иаанагоз… Нас амчымхарақәа ирыхҟьаны урҭ арахь иаҳцәықәҳаит акәымзар, дара ара ишырҭахыз ахаангьы иҟамлаӡацызт ажәытә…

Камеи сареи ҳаицәажәараан лгәы иалан илҳәон:

"Иахьагьы сгәы аҵәымӷ еиԥш иалоу, аибашьра ианналага, азеиԥшынхарҭаҿ сахьыҩназ аҭӡамц бжьара ибжьаҵаны исымаз стапанча Кәтолҟа санцоз иахьысзымгаз ауп. Уи даара схы иасырхәаран иҟан абџьарқәа ҳауаанӡа… Аха иааг, исызҭодаз?.." - ҳәа.

Сара стәаны Кама сахьылзыӡырҩуаз схәыцуан, баша ирымҳәозаарын ҳабацәа, аҭыԥҳа бзиа быжьҩык арԥарцәа дрыԥсоуп ҳәа. Убасҟан, аибашьра иалагаанӡагьы, ҳаԥсуара, ҳхаҵара, ҳгәаӷь, Кама леиԥш иҟаз аӡӷабцәа рҿы даара иӷәӷәаны аԥсы ҭан. Арагәаԥшь иаҩызан, егьа иуҭаххаргьы, акгьы узамырԥаӡомызт… Урҭ ус рхы уқәдыртәаӡомызт, усасызар, сасҵас пату уқәырҵон, усасра иахурҟьар, аԥшәма духашҭыр, иаразнак уҭыԥ удырбон, иадхалаӡомызт!..

"Ҳқыҭақәа рҿы ҳаннеи, аибашьра ианналага, ҳаргьы гәыԥ-гәыԥла ҳҽеидаҳкылеит. Абџьар абаҟагәышьаз, иаҳшьуаз ирхаҳхуан. Ишәызныҟәымгозар, арахь ишәыман шәмаандаз ҳәа алафқәагь раҳҳәон ҳанынархагылалак!.. Сҩызцәа аҷкәынцәа ирбон урҭ иргәаҟны иршьыз, сара саби саб иашьеи ршьа уажәыгь иахьысзымуцыз сгәы ишалаз, "бшьа бымур бымуазар, баала, Џьгьарда ашәанцәа ҵәахны иҳамоуп, бшьа буп", рҳәон, аха сара исымуит… Сара исҭахын аибашьра адәаҿы изур…

Раиса Кәакәаа-Гәаланӡиа - Sputnik Аҧсны
Аибашьра шалагоз злардыруаз адыргақәеи ан лықәреи

Ҳара раԥхьаӡа Борис Лашәриа иҩны аштаб еиҿаҳкааит. Реиҳа иахьшәарҭаз Кәтоли Дӷамшьи рҳәааҿы ҳгылеит. Зегь раԥхьаӡа командирс дҳаман ахымца иаҩызаз Заур Ҷантуриа. Уи игәаӷьреи, ихаҵареи ажәак-ҩажәак рыла аҳәара цәгьоуп… Аиҿахысра ӷәӷәақәа руак аҿы иара данаҳцәыршьгәышьа, агәыԥ командирс сара сарҭеит.

Ахаан исхашҭуам, ҩнык аҿы ақырҭуа гвардееццәа афара-ажәра иаҿуп, абџьаргьы бзиан ирымоуп, шәрыкәшароуп ҳәа адҵа ҳауит. Убри аҩнаҭа иатәыз аҷкәын даашьҭаҳхын, уи иани иандуи уа иҟан, мхырҭала мацара ҳҳәазаны аҩны ҳазааигәахеит. Аха иаразнак ҳрыжәлар, ахысбыжьқәа раҳар, ааигәа иҟаз ақырҭқәа ҳакәшон, иара уаҵәҟьа ҳандырҵәон азы, ишыржәра ижәны ианалгалак, ианашьлак, (Қырҭтәыла иҟоушәа рбо ианыҟалалак!) хысрада ҳрылганы, рабџьарқәа рхаҳхырц ҳҭаххеит. Убри ҳазгәышьуа ҳаштәаз, ҳаԥшызар, ҩыџьа агвардееццәа аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс дшыҳәҳәоз деимырхха дрыманы аԥшырҭахь рҿаархеит. Ԥыҭк данааскьарга, ҳала ишабоз дынкарыжьын (уара уҿы саҭамыз), амш лылагара иалагеит. Ари збаз, ҳара иҳацыз уи лыҷкәын, иавтомат аашьҭыхны урҭ ишьырц иҿанынеиха, ҳаҷкәынцәа аӡәы шьапҿаршә изиун, дахьынкаҳаз, анышәгәал иҿагәаны, иҟытбжь мыргаӡакәа сааҭбжак дышьҭагәаны дикын. Нас иаҳаулакгьы, иаргьы дмырхыскәа, ҳаргьы ҳамхыскәа, мчыла ишимуаз, дшыӷыз-ӷызуаз, дара ақырҭқәа ахьымнеицыз ҩныкаҿы дааганы, ауаа идыртәалан, ҳара уахь ҳаиҭацеит. Ауха урҭ агвардееццәа зегьы ҳшьит, рабџьар рхаҳхит, иахьыҩназ аҩны ҳара иаҳхырҟьаны ирымблырц, ирҳәазаны хара иганы икаҳажьит, аха зегь акоуп, урҭ агьааурқәа, иахьыҟалаз еилыркаазар акәхап, уи аҩны рбылгәышьеит, иццышәны иргеит. Иара аҩнаҭа аԥҳәысгьы лхабар уаҳа иаҳмаҳаит, амала лыҷкәын, еиҿахысра ӷәӷәак аҿы иҽҭаимырхартә дшыҟазгьы, даанымгылакәа, аӷацәа рыгәҭаҵәҟьа дрылалан, иҽҭаирхагәышьеит. Иара гәаҟ, сара сан илзыруз анаҩс аԥсҭазаара сҭахым иҳәон, ихгьы аԥыригеит…

Мушни Хварцкия - Sputnik Аҧсны
Ԥсабарала, шьала-дала иеибашьҩыз - Мушьни Хәарцкьиа

Сара сызлахәыз аиҿахысра ӷәӷәақәа мҩаԥысит аибашьра аԥхьатәи амшқәа рзы Қьеҭуангьы. Уброуп ҳахьеиқәшәаз Мушьни Хәарцкьиеи сареи. Иара санибаҵәҟьа, еилагылаз зегьы илаԥш хьанҭа нархиган, абри аҩыза шԥашәыхьи ҳәа гәыбӷан риҭозшәа: "Абри ахәыҷы лыҩныҟа дыжәга!" иҳәеит. Аха сара сҽыҵәахны, иара имырдырӡакәа, ажәыларақәа рахь ҳанцоз хаҵамаҭәала сҽеиласҳәан, аҷкәынцәа срылагыланы сцон. Маанала сииааит!..

Исгәалашәоит, Кәачара агара ҳандәықәлаз, ачечен еибашьҩы Руслан Дахцаев саԥхьа дгыланы дцон. Ҳара атрасса амҩа агәҭа ҳанылеит ҳхысуа, наҟ-ааҟ аҩнқәа былуа. Усҟан Чанҭа Ҷантуриа даҳцәырымшьӡацызт, командирс дҳаман. Гәырам Инаԥшьгьы убра дырхәит. Ус ҳашнеиуаз, ҳаԥшызар, қырҭуак дыҳәҳәо даауеит, "аԥсуаа аауеит, аԥсуаа ҳандырҵәоит" ҳәа қырҭшәала. Ҳара иҳацыз аибашьҩы Аполлон Берзениа ақырҭшәа бзиан идыруан, уи диазҵааит, "иабантәиаауеи, шаҟаҩ еицыда, бџьар хкыс ирымои, цқьа ҳара ҳахь шәааскьаны иҳашәҳә", - ҳәа ҿыҭны. Уи даҽаӡәгьы дицын. Аполлон иақырҭшәа зынӡа ицқьамзаргьы ҟаларын, аха урҭ шәаны иҟамзи, ани арахь "иргәыҵасуаз" ргәыҭҟьара ҳара ҳахь иаман аҿаанахеит. Ҳаргьы иаҳҭахыз уи акәын, аҩыџьагь иара уаҵәҟьа иааилаҳшьын, рабџьар рхыхны ҳҿынаҳхеит. "Машьшьалаҳ, даҽа ҩ-автоматкгьы ҳауит!" — ҳҳәеит. "Шәдырҩатә еиӷьхааит!" — ҳәа ҳазҿырҭуан наҟынтәи ихысуа инеиуаз ҳҩызцәагьы!

Исгәалашәоит, ҳара Кәачара ҳшыҟаз, Аныуаа рхәы ргеит, Лабрагьы ҳцәыргеит анырҳәа, гәыԥҩык ҳҽааибыҭан, тракторла ҳдәықәлеит. Ус ҳашнеиуаз, сан рыцҳа лкалҭ ак ылаҳәоуп, изакәу сеидру, ҳгәашә аԥхьа сналхьыԥшит. Схы лысмырбаргьы ҟалон, аха дрыцҳасшьеит, убасҟантәи лыбжьы иахьагьы сгәы иқәыҩуеит: "Нан, бысцәыршьуеит, бабацои?" — ҳәа дааӷызыӷызит.

© Foto / скриншот из видео Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа
Дызшьуаз Шеварднаӡе ҩ-миллионк изишәон: Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа

Убри аҽны Аныуаа рхәы ҳажәлеит, хыԥсыра ҳбеит, хыхь иҟаз ҵаҟа ицон, ҵаҟа иҟаз хыхь ицон, арахь ҳатрактор адәышкәаӷьаз иқәыркын, аихсра иалагеит, дара хыхь иқәтәамзи, уахьынтә рнапсыргәыҵа ҳанызшәа ҳарбон. Иааулакгьы ҳхы еиқәҳархеит, ҳхьаҵит... Анатоли, сара убарҭ зегьы ҩны исыман, аха аибашьра ашьҭахь исцәырӷьычгәышьеит.

…Ҽнак, зынӡа ахысра ҳәа атәыла бгаӡеит, амца акит иааҳакәыршан зехьынџьара. Урҭ абџьар ҿыц анроулак ус акәын, ҳара ҳаиԥш ахқәа ԥхьаӡаны ихысӡомызт, зны-зынла рганаҿ лабак ԥҵәаргьы, убри алаба ахьыԥҵәаз иеиарханы сааҭк ианхысуаз ыҟан!.. Ҽнак, Аслан Занҭариа даасыдгылан, "Кама, Лабра ҳцәыргоит", — иҳәеит. Уа ҳаҷкәынцәа гылан, аха ацхыраара ӷәӷәа рмоур, ишәарҭан.

© Foto / скриншот из видео Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа
Дызшьуаз Шеварднаӡе ҩ-миллионк изишәон: Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афырхаҵа Кама Лашәриаԥҳа

"Абар автомат!" — иҳәан, автоматк ҿыцҳаҳараӡа инасиркит. "Бара ибҳәар, аҷкәынцәа усгьы иаангыло ракәӡам, аха зегь дәықәлоит", — иҳәеит. Саргьы ахьышәҭҳәа урҭ снарылаԥшын: "Ҳцома, аҷкәынцәа?!" — сҳәеит. "Бара бцозар, ҳамцои!" — рҳәеит даргьы аӷуҳәа. Убас, убри аҽны акомандирра соуит! Скоманда "Кама" ахьӡын, арациаҿгьы "Кама" ҳәа акәын ишсышьҭаз. "Ҳаҷкәынцәа рыԥсы бнапы иануп", — рҳәан, инасықәныҳәан, сноурышьҭит. Убри аҽны ҳара ҳахь жәылара иаауаз ҳаӷацәа ихьагәгәа, иҟәаҟәаса рышьҭахьҟа иҳархынҳәит. Ҳара дара ирымаз абџьар хәыџьара ишан хәҭак ҳамазҭгьы, аибашьра ҳанналагоз, иҟалап аибашьра мызкы еиҳаны имцаргьы, ирласны инҵәон ҳара ҳиааирала!..

Уажә даҽа хҭыскгьы уасҳәоит: "Гәлыуаа рхәы" ҳәа иахьашьҭоу хәы ҳаракык ҳақәтәоуп жәааҩык сеибашьцәа сыманы. Дахьынтәааз цқьа исыздыруам, калмыкк днеит, Кама дырӷьычуеит ҳәа. Уи лхы хҵәаны Шеварднаӡе изназго ҩ-миллионк риҭарц рылеиҳәеит, иҳәеит.

Уи сара хьаас исымазма, мамзаргьы агәра згозма, аха ҳхадацәа сырган, ҩымш "Катран" агәыԥ аҿы сҵәахны срыман, нас исымукәа сара стәқәа рахь сааит.

Узырччаша даҽакгьы уасҳәап, ҳаналагах. Сгәыԥ сызцыз Лабраҟа ацҳаԥжәара ацара рықәшәеит. Бара иахьак баҳгом, абра быҟаз, бынасыԥгьы баазхәыцлап рҳәан, хәы-ԥшӡак аҿы снықәдыртәан, дара ныҵашәкәа ицеит. Сара урҭ срызгәаан, схы снапы наҵаргәан сахьынатәаз, сааҭбжак убас стәазаарын. Убри асааҭбжак зегьы ақырҭуа снаипер иабџьар сықәкны скылкааны икызаарын! Сеихсра изымгәаӷьзаап, сигәаԥхазаап аԥсцәеирымга! Убри аҽны инаркны, иабџьар кажьны Шәачаҟа дықәҵзаап. Аибашьра ашьҭахь асалам шәҟәы сзааишьҭит, сара абригь-абригь соуп, аибашьраан бысшьыртә алшара сыман, аха бсымшьӡеит, бсыццозар бызгоит, арахь бааи, ҳәа. Аха ани аҭак шԥеизызыҩуаз… "Сынасыԥ" мап ацәыскит! Абри аҩыза аҭоурыхгьы сақәшәахьеит…

Даҽа жәыларак аҿгьы, уи Тамшь анаҳгоз ауп, артҟәацгақәа ансываԥжәа, ахԥҽыхақәа рацәаны исылалеит, аконтузиа соуит. Аҷкәынцәа ргәы еиҭамшәарц азы, Заза Занҭариа дысхагылан, ибжьы сгәы иқәыҩуан: "Кама, быбжьы рга абааԥсы, аҷкәынцәа агәра ргартә быԥсы шҭоу!" "Ԥхьаҟа, ԥхьаҟа!.." — сҳәеит сара ишсылшоз. Заза арациа аасымихын ҿиҭит: "Кама лыхьӡала ԥхьаҟа, Кама лыхьӡала ԥхьаҟа!" — ҳәа.

Маврик Начҟьебиеи иҷкәыни. - Sputnik Аҧсны
Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл

Убригь сацәынхан, ирласны сеиҭагылеит. Аҵыхәтәан, ҳгәыԥқәа еидырҵан "Стрелец" ахьӡҵан Баро Тапаӷәуа командирс дҟарҵеит. Аха иара ԥхынгәы ҩба рзы данҭаха, сара командирс сеиҭаҟарҵеит Тамшь анаҳга, Гәдоуҭантәи аӷбақәа аннеи.

Иахьа иуасҳәаз, Анатоли, сара сызлаԥшызи исхызгази рыхәҭа хәыҷык ауп. Егьи зегьы абоуҭаху, уара уакәым, сара схаҭагьы исхасыршҭыр сҭахуп… Абзиараз, сашьа, сахьугәалашәаз иҭабуп", — лҳәан, сусура ауада ашә ныдылҵан, дындәылҵны дцеит Кама.

Убри нахыс сара мчыбжьык сгәы иқәыҩуан Кама лажәақәа, схаҿы иаазгон уи илхылгаз, дзыниаз, шаҟаҩ лҩызцәа гәакьақәа лымпыҵаԥсыз, шаҟаҩ еиқәлырхаз, шаҟантә аԥсра алакҭа дҭаԥшхьаз. Уи аибашьра ашьҭахь иаразнак иланаршьеит "Леон иорден", уи ашьҭахь "Аԥсны афырхаҵа" ҳәа ахьӡ ҳарак лхырҵеит.

Иџьоушьаша, уи данаауԥыло, данаауацәажәо, акгьы ҟазымҵаӡац, акгьы зхызымгаӡац аӡә леиԥш иҟәандаӡа даауахәаччоит. Уи лҭоурых, уи илхылгахьоу зегьы анудыруа, уаалеигәырӷьоит, Кама абас ихааӡа аччара ахьлылшо азы, Кама иреиӷьӡоу анасыԥ дахьаԥсоу азы…

Ажәабжьқәа зегьы
0