Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл

© Фото : Инна Ҳаџьымԥҳа лархив аҟынтәМаврик Начҟьебиеи иҷкәыни.
Маврик Начҟьебиеи иҷкәыни. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҵарауаҩык математикк иаҳасабала ашьақәгылара дахьӡаны, аҭаацәарагьы аҧиҵаны, ҩажәеижәаба шықәса рыла аҧсҭазаара ауалқәа зегьы ишәеит ҳәа ззуҳәар ҟало, иааикәыршан иҟаз зегьы бзиа избоз Маврик Наҷҟьебиа иҭоурых дазааҭгылоит Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа.

Адунеиаҿ зегьы реиҳа иҧшьоу, зегьы иреиҳау иахҭынҵатәызар акәхап зегьы реиҳа узыхӡыӡаауагьы. Избанзар зыхә шәатәым акгьы ыҟаӡам аҧсҭазараҿы. Ҳаҧсадгьыл ахы ианақәиҭтәха, уи рыҧсы ахҭнырҵеит инарылыҳәҳәоз ҳажәлар рҵеицәа реиҳараҩык, уи иахьагьы иаҳныҧшуеит.  Еилшьаау абна ахҿарах агылара шазымариами иаҩызоуп ауаатәыҩса ҳаҧсҭазарагьы. Усҟан иҳалыршьааз рҭыҧқәа ҭацәны иаанхеит иахьа уажәраанӡа. Аӡәы иҭыҧ даҽаӡәы изхамырҭәаауазар акәхап.

Аҧсадгьыл ахьчараҿы мацара акәымкәа, аҧсҭазаара ахҭысқәа зегьы рҿы аӡәы ишьҭахь имгылоз дреиуан Маврик Наҷҟьебиа. Маврики уи иҩызцәеи ирҭахыз ахақәиҭреи аҭынчреи ракәын. Ргәаҿы иеисуан аҧсҭазаара азхьра иазкыз агәамч. Аҧсра рцәыхаран акәын ишырбоз, аха аӡәаӡәала иаҧшаауан уи алаҧш хьшәашәа, рыцҳашьара злам.

Витали Быҭәба - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхҭҵааҩ ду, март жәохә-жәафтәи ажәылараан хабарда ибжьаӡыз Витали Быҭәба иҭоурых

Маврик Владимир-иҧа Наҷҟьебиа дҭахеит 1993 шықәса, март 15 —16-тәи ажәылараан. Уи иҭахара иаразнак Аҧсны иахыҩит, иарҿиеит ихьӡала алегендақәа рацәаны. Иара далан мраҭашәаратәи ахырхарҭа аҩбатәи абаталион Виачеслав Анқәаб напхгара зиҭоз. Данҭаха ашьҭахь ианашьан Леон иорден. Аҵыхәтәантәи ажәылараҿы уи дыҟан аҩбатәи абаталион, аҩбатәи арота, Владимир Кәакәасақьыр дзаҧхьагылаз аҿы.

"Маврик марттәи ажәылара мчыбжьык шагыз сара сротаҿы днеит. Ара иидырқәоз аҷкәынцәа ыҟан. Сара абра уара уҿы сыҟазар сҭахуп иҳәеит. Аха сара Маврик азин сымаӡам уара удкылара ҳәа иасҳәеит. Избанзар, апрезидент Владислав Арӡынба адҵа ҟаиҵеит аҵарауааи аҟазараусзуҩцәеи афронт аҟынтәи ралгара азыҳәан. Аха исҳәаз дазымӡырҩӡакәа, ҩымш ус уа аҭабиаҿы дҳацын, дхынҳәны дымцаӡеит. Ашьҭахь ус иасҳәеит, Маврик иумуӡозар ушьҭа нас хыхь аминомиотчикцәа тәоуп, убарҭ рҿы уца ҳәа иасҳәеит. Избан акәзар, жәылара ҳцоит, уа ирхәуа дҟалоит, иршьуа дҟалоит, даҳгар зынӡа исҭахӡамызт, аҧхьаҟа ҳзықәгәыҕуаз ҷкәынан. Иара шәахьцо сшәыццоит иҳәеит. Man сҳәеит, аха…

© Фото : Инна Ҳаџьымԥҳа лархив аҟынтәМаврик Начҟьебиа иҩызцәеи иареи.
Маврик Начҟьебиа иҩызцәеи иареи. - Sputnik Аҧсны
Маврик Начҟьебиа иҩызцәеи иареи.

Март 15-16-тәи ажәылараан автомат имаӡамызт. Сара иcҭар сҭахымызт, аха иагьа ҟаларгьы саангылом аниҳәа, автомат исҭеит. Ауха асааҭ аказы аӡы ҳарит, амза жәохә рзы. Ҳацәгьамкәа ҳцон. Абри "Зеркало" ҳәа иахьашьҭо ҳаннеи, хәыҷык ҳаиҧхьытташәа ҳҟалеит, избан акәзар, аракета иаҵәа ҳәа изышьҭоу анаҳдырбалак, ҳа ҳтәқәа цәырҵран иҟан.

Аха уа ҳаннеи, ҳа ҳтәқәа ҳәа yaҩ дыҟаӡамызт. Планс иҳамаз убри акәын, capa cpoтa Ачадара амҩаду хыхь, 16-тәи аихагылақәа ахьыҟоу ҳхаланы, ҳаҽҳарҕәҕәар акәын. Ҳдәықәлеит, аха аплан ҳара ишаҳҭахыз иалымҵит. Ҧыҭк ҳанынаскьа ашьҭахь, ааҩык ҳаизынхеит ҩныкаҿы. Маврик ҳара дҳацын. Убри аҩнаҿы ҳгәарҭан, иҳакәшеит.

Адгәыр Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Џьениа: аибашьреи аиумори

Аиҿахысра даара иҕәҕәаны иҟалеит, атанкқәа ааргеит, иҳажәырҵо иалагеит. Абџьар ҳаман, ибзиан ҳаибыҭан, аха иамуит. Маврик иҭахара убас иҟалеит, аиҿахысра ҳаҿын. Сара аҧенџьыр сылагылан схысуан, моментк азы санааҧш, иара хланҵы дышьҭан. Иҟалеи анысҳәа, "Маврик дыршьит" ҳәа ибжьы геит Кондаков ҳәа иҳацыз ҷкәынак", ҳә игәалаиршәоит Кәакәасақьыр. 

Зыхдырра ҳараку ауаҩы дарбанзаалак, зегь реиҳа аҭакҧхықәра иара идны ианибо иҧсадгьыл ашәарҭа ианҭагыло ауп. Усҟан зҭыҧ ззымдырыз, зыдгьыл ахьаа зынмырыз диеиҧшхоит. Уи ибзианы идыруан Маврик Наҷҟьебиа. Убри азы акәхап "Уара уабџьар шьҭоуҵар иҟалои?" ҳәа азҵаара изҭоз, ҵарауаҩык иаҳасабала даҳцәыӡыр иаҵанакуаз здыруаз изырҿаирхьуаз, "Сара ишьҭасҵар, даҽаӡәы ишьҭаиҵар аҧсадгьыл еиқәзырхода?"ҳәа.

Маврик Наҷҟьебиа данҭахоз ихыҵуан 30 шықәса. Ари ауаҩытәҩса иҧсҭазаара азы иаамҭа кьаҿуп. Аха уи иалагӡан, адунеи маӡас иаҵоу здырхьоу дреиҧшын иара. Ари адгьыл аҿы дныдгылан, днаҳалаҧшны, иҧхарра, идоуҳа ҳазныжьны дымҩсит. Абри аамҭала дахьӡеит дҵарауаҩны ашьақәгылара, аҭаацәа раҧҵара, иҧсадгьыл азы аҭахара.

© Инна Ҳаџьымԥҳа лархив аҟынтәМаврик Начҟьебиа иҩызцәеи иареи.
Маврик Начҟьебиа иҩызцәеи иареи. - Sputnik Аҧсны
Маврик Начҟьебиа иҩызцәеи иареи.

Имҧсуа ауаҩы диӡом, аха аҧсрақәа зегьы еиҧшӡам. Аҧсра бзиа ыҟазар — уи аҧсадгьыл азы аҭахара акәхап. Иџьоушьартә иҟоуп, излаилшазеи ҳәа абас зегьы еидкыланы рышьҭыхра. Аха уи дреиуан ихаҭәааз адгьылтә ҧсҭазаара аганқәа зегьы збарҭаны, урҭ ирхыҳәҳәаны иҟоу аҳаракырагьы здыруаз.

Уи рныҧшуан ихымҩаҧгашьа, итәашьа-игылашьа, иҧсҭазаашьа, иусушьа зегьы. Адәахьала иҭынчыз, ҩныҵҟала ибылуаз уаҩын. Аха аҧсуа ишицәаҩоу еиҧш, уи уаҩы ибартә иҟаиҵомызт. Даамысҭашәан, ҩныҵҟала дызбылуаз адәахьала иҵәахуан. Уи азгәарҭоит изааигәан дыздыруаз зегьы.

Алик Цымцба (хыхьтәи ариад, арымарахьынтәи ахәбатәи). - Sputnik Аҧсны
Владимир Кәакәасқьыр: ажәыларақәа раан Алик зегь раԥхьа дгылан

Адгьылтә ҧсҭазара ҧышәарак аҳасабала акәхап ишҳаҭоу. Уи аҿы дарбанызаалак иара ихаҭара имоуп, ихатәы мҩагьы имоуп. Амҩақәа зегьы раҳаракыра еиҟарам акәымзар. Маврик ирылыҳәҳәо аҳаракыра дазааигәан. Ианашьаз аамҭа кьаҿ иалагӡан, дшышьақәгылара дшьақәгылахьан, ҵарауаҩ-математикк иаҳасабала, убас уаҩык иаҳасабалагьы.

Иара 1980 шықәсазы дҭалеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет амеханикатә-математикатә факультет. Аҩбатәи акурс даналга инаркны аусура далагахьан Аҟәатәи аҳәынқарратә университет афизикатә-математикатә факультет аҿы 1986 шықәсазы дцоит Москваҟа.

Москватәи аҳәынҭқарратә университет ахь днарыҧхьеит рҵаҩык-стажиорк иаҳасабала, насгьы аматематикатә-ҭҵааратә факультет дҭалоит. Машәырла акәымкәа, ҧсабарала уи дматематикын. Москва иара дызҭаз ауниверситет аҿы аматематикатә анализ акафедра аҟны астудентцәа акурстәи адипломтәи аусумҭақәа анырҩуа, итеориақәа рхы иадырхәоит.

Маврик Қарҭ аҵара аниҵоз уа аҵара рҵон асахьаҭыхҩцәа Амиран Адлеиба, Оҭар Мацхарашвили, Нугзар Логәуа. Усҟангьы имилаҭтә хдырра, иуаҩра, хаҵаҵас иҟазшьа зегьы ишреиҧшымыз убарҭан ҳәа азгәарҭоит урҭ.

Маврик Начҟьебиа дзылгаз Аҟәатәи ашкол-интернатауп. Уи ашкол данҭазгьы ашкол аҵаҩцәа зегьы дреиҧшӡамызт. Усҟангьы зхаҭара змоу уаҩны дшьақәгылахьан, лҳәоит уи аамҭазы Аҟәатәи ашкол-интернат еиҳабыс иамаз Леила Николаи-иҧҳа Ачҧҳа. Маврик ашкол аҿы аҵара ицызҵозгьы дшыргәалашәо, даҽаӡәы иламҩашьо аӡәы иакәны ауп. Иарбан зҵааразаалакгьы уиазҵаар, уиқәгәыҕыр ауан, ҳәа азгәалҭоит еиццоз акласс аҿа аҵара ицызҵоз Марина Агрҧҳа.

Жанна Гәынџьиа, Ира Папба, Лиалиа Аршба. Гәымсҭа, 1992 ш. - Sputnik Аҧсны
Шәара зқәымыз Лиалиа Арышԥҳа лҭоурых

"Маврик дхәыҷы аахыс маӡак идырызшәа акәын дшыҟаз, зегьы ҳаиҳа деиҳабызшәа. Насгьы, хәыҷык илахь еиқәын. Дхәыҷ ҭынчын. Даара дҵаулан. Абри ашкол аҟны ҩ-класскны еиццақәоз зегьы реиҳа иара идыруазшәа, абри маӡа дуӡӡак, уажәы иахьатәи схәыцраҿы убас сгэы иаанагоит, убри зегьы ҳаҧхьа идырын, убри имаӡа игәы иҭакны имазшәа сгәы иабоит.

Даара дҟәыҕан. Нас, абри ахәыҷқәа реиҧш, дыҩуа-дыхәмаруа, дықәҧо-деисуа, ахәыҷқәа ринергиа наҟ икарыжьырц шырҭаху убас дысгәалашәаӡом. Иара есқьынгьы акы дазхәыцуан, акы дазҿлымҳан. Ус акәхап абри аматематика абзиабарагьы шикыз.

Избанзар, даара ихәыцуаз уаҩын. Аматематика анаҳзеилымкаалак, днеины иаҳзеиҭеиҳәон. Ианаҳзеиҭеиҳәоз убасҟак ддуны даҳбон, убасҟак дҟәыҕаны, зынӡаск ҳара дҳаиҧшӡамызт. Уаҩҵас иара дышәхьан. Иара ауниверситет дышҭаз Аҟәаҟа дааит усура.

Ҳара ҳастудентцәан. Зны ус сиазҵааит, "Маврик, шаҟа интересми ҳаҧстазара. Акагьы узырҽеиӡом, зегьы акалашәа ицоит" — анысҳәа, иара ус иҳәеит, "Аинтерес амамзар быҧсҭазара, бара бхала боуп аинтерес ҟазцаша. Бхала бнапала аинтерес аҵабҵар ауп, даҽаӡзы дааины ибзыҟаиҵаӡом", — иҳәеит. Иахьа еиҧш исгәалашәоит убри. Аамҭа анца, шаҟа ииашоуи ҳәа сазхәыцуеит. Усҟан иара ихыҵуааз, 21 шықәса ихыҵуазар ҟаларын. 21 зхыҵуаз аҷкәын абасҟак аҵауларахь днеихьан, абасҟак аҟәыҕарахь днеихьан".

Гәагә Аиба - Sputnik Аҧсны
Гәагә Аиба: исывыршьааз сҩызцәа иахьагьы среиԥхыӡуеит

Ашьауардын ажәҩан аҿы ахақәиҭра шамоуеиҧш, Маврик иҩнуҵҟала ахақәиҭра змаз уаҩын. Уи иааикәыршан иҟаз зегьы бзиа ибон. Зегьы реиҳа еиҕьишьоз аматематикатә ҵаулараҿгьы, аҧсҭазараҿгьы зегьы апоезиатә нырра рыҵибаауан. Ас еиҧш иҟаз ауаҩы инаалаӡомызт, ҳәарада, аибашьра адәы. Аха уи иуал, иҧсадгьыл ахақәиҭра иҧхьоз зегьы ишреиҳаз идыруан. Маврик Қарҭ аҵара аниҵоз инаркны еиҩызцәан абызшәаҭҵааҩы Виачеслав Бганбеи иареи.

Маврик ҩажәеижәаба шықәса рыла аҧсҭазаара ауалқәа зегьы ишәеит уҳәар алшоит. Ҵарауаҩык математикк иаҳасабала ашьақәгылара дахьӡаны, аҭаацәарагьы аҧиҵахьан. Ирызҳауеит ишьҭа змырӡуа иҷкәын Руслани, иҧҳа Амреи. Маврик еиҧш иҟаз аҩыза, абаагәареиҧш узыхьчаша ицәыӡра уадаҩын, аха уи лхы аҵамырхакәа, иҧшәма Ҳаџьым-ҧҳа Инна илааӡоит рхәыҷқәа.

Дунеик адгьыл иқәымӡоз, ҧсык адгьыл иқәымӡоз зыҕраз Маврик дҭахеит, уаҳагь даҽакалагь ҟалашьа амамзар акәхарын. Ac иҟоу ауаа зегь реиҳа аҭакҧхықәра зҭаху, иреиҕьу зыхшәаатәу рхы ахҭнырымҵар руӡом, аганахь инхар рыҧсҭазаара ҭацәхоит.

© Фото : Инна Ҳаџьымԥҳа лархив аҟынтәЛеон иорден занашьоу Маврик Начҟьебиа.
Леон иорден занашьоу Маврик Начҟьебиа. - Sputnik Аҧсны
Леон иорден занашьоу Маврик Начҟьебиа.

Уи ихы ахҭниҵеит ари адгьыл аҿы иара иҭаз аҧышәара — ахақәиҭреи аиашареи рышьақәыргылара. Бзиа иибоз, дзыдҳәалаз шырацәазгьы, рааныжьра илиршеит. Ари аҩыза алахьынҵа зегьы ироуӡом. Рыҧсҭазараҿы зегьы хаҭәааны, аҧсадгьыл азы иҭахо.

Изаҭәашьатәугьы маҷзар акәхап. Абас иҟаз ирыбзоуроуп ҳара иахьа иҳамоу ахақәиҭреи ахьыҧшымреи. Хашҭра ақәымзароуп, иеиҵагылоу абиҧарақәа ирымадазароуп абас еиҧш иҟаз ауаа ршьа цқьа ала иҿыху ҳаҧсадгьыл. Изхәымгарц иалагазгьы, ари ашьацқьа дшылагылоу идыруазароуп ахааназ.

Ажәабжьқәа зегьы
0