"Зегьы ҳреиԥшхама?": аҿатәуааи абыргцәа рроли ирызкны

CC0 / Pixabay / sabinevanerp / Руки пожилой женщины
Руки пожилой женщины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҿы абиԥарақәа ирымоу аиԥшымзаарақәа, аиҳабацәеи аиҵбацәеи реизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахуа ишалагаз, иахьатәи аамҭазы тенденциақәас ҳауаажәлар ирыдылбало уҳәа ртәы далацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
"Зегьы ҳреиԥшхама?": аҿатәуааи абыргцәа рроли ирызкны

Абиԥарақәа аиԥшымзаарақәа роуан еснагь, аха иҟан наџьнатә аахыс имырӡӡакәа иааргоз атрадициақәа. Иансызҳауаз еиқәхан иҟаз аизыҟазаашьақәеи уажәтәи аамҭазы аԥша иаанагази анеидыскыло, хәыки гаки рыбжьоушәа избо салагеит. Сажәыма, избан, аҿатәаамҭаҿ исзышьҭымхуа абас изырацәахазеи, схы сазҵаалоит зны-зынла. Ҳанхәыҷқәаз иҳаларааӡоз атрадициа бзиақәа иахьатәи аԥсҭазаара ахыԥша ишеиланарҩынтыз ангәоуҭо, ихьааны иудумкылар алшом.

Силует девушки - Sputnik Аҧсны
"Илбаз иакәӡам дыззааргаз..."

Зегьы ҳреиԥшхама? Адунеи былгьа иаанаго зегь шьҭаҳкаауама мшәан? Сызлааӡаз асовет аамҭазы, абырг ироль даара иҳаракын, уи ихьӡгьы ихьымӡӷи ихшара ирыдын. Санду ҳара ҳани ҳаби раҵкысгьы лџьабаа ҳадын, саб инаҩсан даҽа ҩыџьа аԥацәа шлымазгьы, загь акоуп дызхьымӡӷыз саб иакәын, избанзар уи аҩын ду аҿы дыҟан.

Зны-зынла нанду ақалақь аҿы инхоз лԥацәа рахь данцалоз, мчыбжьык аиҳа даанхар саб даргәамҵуан, ларгьы уа рацәак дзынкыломызт, ирласны дгьежьуан.

Иахьа еиҭасҳәо аԥҳәыс лҭоурых аҩызцәа рацәоуп, аԥхьаҩ иаразнак иидыруа аҭоурых акәны идикыло џьысшьоит. Аибашьра ианналага, Душьа лԥа заҵәы, ахы заҵә дацәылҵәахырц, Урыстәылаҟа дцарцы иабжьылгеит. Лара дыԥҳәысеибан, лԥеи лыԥҳаи лхала илааӡеит, аӡӷаб аҩнра ҳәа дцахьан, аԥа деибашьратәы дыҟан аибашьра ианналагоз. Аԥсы ҵаауп рымҳәои, Душьа лԥа иеиқәырхара аԥыжәара алҭеит, аԥсадгьыл ахьчара аасҭа.

Элеонора Когония  - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара азхәыцра

Лара дахьынхоз уажәы-уажә аӷа дажәлон, аха лыҷкәын иқәлацәа уи ақыҭа ааигәа днарышьҭуамызт. Душьа игәнылгон аиашазы лыҷқәын дахьыбналҵаз, аха лыҵәҩаншьап аиқәырхара ҳасаб азуны наҟ дцаратәы иабжьылгеит. Иаргьы гәаӷьра дук змаз иакәымызт, авертолиотқәа руак дынҭалан, есс, уцаларгьы, урыстәылатәи акаршәрақәа иҽриҭеит. Иԥшра-исахьа уааиеилаҳаратәы дыҟан, уа дахьнеиз ихы здикылашаз ԥҳәызбакгьы диԥшааит.

Шықәсыки ҩымзи ицоз аибашьрагьы аҵыхәтәа ааит. Ақыҭа иаланхоз зыхшара ҭахаз анацәа ашәы рхьыссы идәықәын, Душьа лакәзар, лыҩны лҽыҩнакны дыҟан акыраамҭа, шамаха џьаргьы днеиуамызт, аҽԥныҳәа лаҳар ҳәа дшәаны. Аибашьра еилгеит, аха аԥҳәыс лԥа, аҩны шимаз ихашҭу, акыраамҭа ихабаргьы ҟаиҵомызт, Душьа лыԥҳа лнапы даныԥшыло дааҟалеит. Ԥыҭк анҵы аԥа адырра ҟаиҵеит деибга-дызҩыда дшыҟаз, инашьҭарххны иан лбарагьы дааит. Дааит, аха дшааз еиԥш, иԥҳәыс лахь дгьежьит, иан абзиараз ҳәа налаҳәаны.

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ду аҟны "Аԥсуаа рышәк" иалахәыз аибашьцәа. Арӷьарахьтә актәи Коӷониа Ҟача иоуп - Sputnik Аҧсны
Нанду лразҟы: Ҷаҷа Габлиаԥҳаи "Аԥсуаа рышәк" иалаз Ҟача Коӷониеи рҭаацәара иазкны

Аамҭа цон, ан лшьамхы днанагонаҵы аҩнра дахын. Агәылацәагьы дрыцҳаршьон, зегь акоуп лгәыбылра рымамзи, лԥа дыбналҵазаргьы. Хәышықәса рахь знык Душьа лԥа иан лбара даар бзиан, нас днахынҳәны ича ахәша нахьшьны иахьифашаз дцон, иан лхала дааныжьны. Зынӡа илылымшо даналага, Душьа лыԥҳа лыҩныҟа дылгеит.

Ақәра ду нылҵит лара, аха ҽнак зны зегь акоуп аԥсцәаҳа дылҭааит. Лыԥсымҭаз, зегь акоуп "сыҷкәын" ҳәа лҳәон рҳәеит. Ҭелла ашәаџьҳәара изыруит аԥа, иан лдунеи шылыԥсахыз азы. Душьа лыԥҳа лҿы дыҟанаҵы, лыҩны еилаҳагәышьеит, уа дыкҿаҵаны дуҵәыуо дыҟамызт, убри аҟынтә, аҵәыуара амаҳә иҩны илоуит.

Иҽахьигӡеит аԥа иан лыԥсыжра. Дгылан аџьабараҿы, иан имаҳә иҩны дахьыкҿаз уамак игәаамыгӡакәа. Ҵәыуара инеиуз ирҵәыуоз иара иакәын рҳәеит, идезертирра азымхо, иан иҩны дизыкҿамцо, амаҳә хьымӡӷыс дахьизынхаз азы. Здунеи зыԥсахыз абырг даарган лқыҭаҿы еималахьаз рыжәлантәқәа рнышәынҭраҿы анышә днамардан, инагьежьит. Аԥа иакәзар, дахьцац дцеит, уаҳагьы ихабар уаҩы имбо...

Атрансформациа зыхьыз атрадициақәа, ма аԥсуаа рмыткәмаҳәара иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Атрансформациа зыхьыз атрадициақәа: аԥсуаа рмыткәмаҳәара иаци иахьеи

Ари иашьашәалоу аҭоурыхқәа маҷым ҳҿатә ԥсҭазаараҿы. Аибашьра иԥыххааса иагеит анкьа аԥсуаа  ишьҭыхны ирымаз атрадициақәа. Аҿатәуаа ртәы ҳҳәозар, иахьа аԥарарҳара аҳаҭыраз, рбыргцәа баҩцәас агастарбаитерцәа рыҳәсақәа рыдыртәаланы, дара ақалақь рҽарҭоит. Иамоузеи, мшәан, адтәала длымами? Абас иҟалеит иахьатәи аамҭа.

Сажәра саназхәыцуа сгәы ааҭаӡыӡоит. Ишԥаҟаларишь слахьынҵа? Ахшара даныуааӡо, илоуҵо анузаамрыхуагьы ыҟами? Ари атенденциа модаханы, аҿатәуаа рзы ишьцылараны иҟалар, усура ҳәа иаауа агастарбаитерцәа рыҳәсақәа еиқәыркуа иалагашт абыргцәа. Амалырҳара, мамзаргьы ачахә арҳара абас иаԥсахит аԥсуаа ҳатрадициатә культура. Иҟалар алшоит ахосписқәа ргыланы, абыргцәа анажәлакгьы уахь иарҭо иалагар, нас наунагӡа иаҳцәыӡыр алшоит, абиԥарақәа имырӡӡакәа иааргоз ахьӡи ахьымӡӷи…

Душьа лԥа илахьынҵа атәы ҳҳәозар, ҽнак зны ақыҭаҿы иаарылаҩит, амҩатә машәыраҿ дҭахеит ҳәа. Иԥсадгьыл аҿы изқәаҭыԥ ҟамлеит, дызхатәаз аԥҳәыс уа анышә дамалдеит. Иани иаби рывараҿы изқәаҭыԥ ҟамлеит, избанзар иҟаиҵахьаз агәнаҳа абас иԥсҭазаара иазныҟәеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0