Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых

© Sputnik / Бадрак Авидзба День памяти жертв политических репрессий
День памяти жертв политических репрессий  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
Анапаҵаҩра
37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны идырӡыз ҳауаажәлар рыӡбахә шәзеиҭаҳәара иацаҳҵоит. Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа иахьатәи ланҵамҭа рызкуп уи аамҭа еиқәаҵәа иалаӡыз Бзыԥҭа инхоз Шармаҭаа ԥшьҩык аишьцәа.

37-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны идырӡыз ҳауаажәлар рыӡбахә аҳәара уадаҩуп. Урҭ ирхыргаз зегьы акьыԥхь аҿы иузарбом, иара уи адагьы инҭкааны изгәалашәогьы дыҟам. Иахьа ишәыдызгало ԥшьыҩк аишьцәа Шармаҭаа рҭоурыхгьы инықәырԥшны иаҳаз ала еиҭеиҳәеит ирхылҵшьҭроу Александр Шармаҭ.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

1937-тәи ашықәсқәа раан Сталини Бериеи рполитика ҟьашь иахәлабгеит шәҩыла ҳауаажәлар. Иҟан ҩнаҭак аҟынтә хҩы-ԥшьҩы ырбаандаҩны ҿааҳәыра рмоукәа ианыргоз, ҭаацәала ианықәырхуаз.

Хынтрыгу Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2020
Даныршь ашьҭахь ахара иқәырхит: Хынтрыгә Ажьиба ихҭысыз

Бзыԥҭа аҳаблан ауаҩ нага ҳәа еицырдыруаз Тиҭ Шармаҭ игәараҭагьы убасҟан аԥҭа еиқәаҵәа ахаԥеит. Ажәлар раӷацәа ҳәа ахьӡ рыҭаны иҭаркит, анаҩс иргәаҟны иҭадырхеит уи ԥшьҩык иԥацәа.

Хәаҭхәаҭи, Мақьҭаҭи, Ҳаџьыми Шармаҭаа рҭаацәа шрыхьҵәыуоз, НКВД аусзуҩцәа рыҩны идәылганы иргеит. Нас ишьҭашәарыцо иалагеит рашьа Алиас. Иара дпартиатә усзуҩын азы, иаразнак иҭакра рзыгәаӷьуамызт, аха ишьклаԥшуа иалагахьан. Усҟан ашәҵатәы, ашьаҵатәы меигӡарах иабаҟаз. Алиас Гагра апартиатә еизарахь имагә ҿыцқәа амакәан иҭаҵаны, излаҿаҳәаз ашашәа алаба иахарԥаны, ибӷа иқәҵаны дцалон. Уахь даннеиуаз ишьаҵа еиҭаикуан, даныгьежьуаз, аҿыцқәа еиҭа амакәан иҭаиҵон. Убри ацәгьахәыццәа иаалаԥшықәырҵан, дыргас иҟарҵеит.

Даныргозгьы, "Алиас дубама" ҳәа изызҵааз агәыла ҷкәын, "ааи, ибӷа амакәан ықәҵаны уажәааигәа дсывсит" ҳәа реиҳәеит. Уи алагьы иара шиакәыз агәра рган, Бзыԥҭа амилициа аиҳабыс иҟаз Жваниа зыжәлази, даҽа ҩыџьа аусзуҩцәеи аҩныҟа ишьҭаланы иааит.

Алиас Шармаҭ дзырбаандаҩуаз ауаа ахаҳә иаирган, дырцәыбналеит. Аамҭакы Бзыԥ аӡиас ахықәахь џьара иҽиӡон, аха зегь акоуп ицәгьа зҳәаз ҟалан дрыԥшааит. Иус анырӡбозгьы, ани игәыла ҷкәынгьы иҿахәы иҿырхуазаарын.

"Алиас ибӷа иқәыз амакәан аԥара ҭан, Гагра абанк дақәлеит" ҳәа иарҳәазаап, ихы шымҩаԥиго рбарц азы. Иаргьы рыцҳа ҩбара зламыз иакәзаарын, "Гагра абанк абаҟоу" ҳәа дҵааит.

Белла Барцыц  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.11.2020
Зҭоурых иамырҭынчуа апоет: Белла Барцыцԥҳа лыҿцәажәара

Ажәабжьҳәаҩ Алеқсандр Шармаҭ уи аҷкәын ижәла аҳәара иҭахымхеит, аха иазгәеиҭеит, "абанк абаҟоу" ҳәа иҵаашьа ҵаҵӷәык аҵоуп ҳәа иԥхьаӡаны, убри аҽныцәҟьа дырбаандаҩны дшыргаз, уи нахысгьы иӡбахә шдырым.

Шармаҭаа аишьцәа иреиҳабыз Хәаҭхәаҭ дҟәаҟәаны, Абааҭатәи абахҭа аҵакыраҿы акьырҭра дҭарыжьзаап далаблып ҳәа, аха имч еизганы илиршеит аҽӡара. Ашьҭахь, еиҭа дрымгарц азы ианшьцәа Ӡиӡариаа Дәрыԥшь дырҵәахуеит. Аха зымаха-зышьаха ааха ӷәӷәа амаз ахаҵа ҩымз рышьҭахь адунеи иԥсахуеит. Мақьҭаҭи Ҳаџьыми иаразнак иршьу, мамзаргьы Сибраҟа иахыргоу атәы еилкаам.

"Сара сабду Алиас Красноиарск атәылаҿацә, аҳабла Рыбныи днанагеит. Уигьы злаҳдыруа уаҟа иқәшәаз, анцәа имчала зыԥсы ҭаны ихынҳәыз ҳгәыла Падон Габлиа ила ауп. Аӡиас Енисеи азааигәара абаандаҩцәа рлагерқәа рҿы абаракқәа ирыҩназаарын. Устәи есышьыжь ацәаҳәа иқәыргыланы абналхра иргон. Ҽнак Падон Габлиа агәыԥ дацны дышцоз, баракк аԥхьа зхы ларҟәны итәаз, бааԥсыла еимҳәоз ахаҵа иахь дынхьаԥшит, "ари иеимҳәашьала хара дызнеиуам" ҳәа ааигәахәауа. Данизааигәаха, дихәаԥшзар, Алиас Шармаҭ иакәын. "Оо, Алиас, уара уоума, иухьзеи, угәы бааԥсума" ҳәа дыҳәҳәо днаидххалоны еиԥш, "абаақәа, Падон, сааигәара умааин, ма уи уахҭынҟьаны уамак уақәдыршәоит" ҳәа иеиҳәазаап. Падон дааҭгылашәа збаз асолдаҭгьы даӷьын, ԥхьаҟа дцар акәхеит", - еиҭеиҳәоит Алиас имаҭа Александр Шармаҭ.

© Foto / предоставлено Саидой Жиба37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз Алиас Шармаҭ имаҭа Александр Шармаҭ
Ииаҭымхаз абиԥарак: 37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз аишьцәа Шармаҭаа рҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
37-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз Алиас Шармаҭ имаҭа Александр Шармаҭ

Падон Габлиа иҩыза игәы дыҵалеит, даара игәаԥхомызт иеимҳәашьа. Адырҩаҽны Алиас игәабзиара аилкааразы ани иаӷьуаз асолдаҭ диҳәеит. Иагьеилкаахеит ауха иԥсҭазаара дшалҵыз.

"Падон Габлиа сабду дышԥсыз аниаҳа, алагер азааигәара иҟаз аԥсыжырҭахь дцеит инышәынҭра иԥшаарц. Аха уаҟа ҽнак шәҩыла аԥсцәа ржуан, насгьы рыхьӡи рыжәлеи ацынхәрас ргәы икыдыз абаандаҩцәа рномер акәын ирхадыргылоз аӷәыцәмаҟь аҿы икнарҳауаз.

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2020
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

"Иауеи, сзамыхәаԥши Алиас иномер, уаԥсҵәык игәы иқәыз анышә аазгазҭгьы, уаҳа акыр аҭахызма" ҳәа игәы иалан абырг иԥсы ахьынӡаҭаз", - иажәа иациҵоит Александр.

Гагра 37-тәи ашықәсқәа раан аполитикатә баандаҩцәа рҿахәы рҿыхны, иргәаҟны иахьыршьуаз НКВД иатәыз ахыбра аамҭак азы азеиԥш нхарҭа алырхит Александр Шармаҭ излаиҳәо ала. Убраҟа ауада лыман иаҳәшьаду Валиа. Александр игәалашәоит лара лҟны даныҟаз зны, амшцәгьа ашьҭахь амшын аҟәараҿы ауаа рхыбаҩқәа шибаз. Ианиԥхьаӡагьы, быжьба шыҟаз. Ирҳәацәаны убрааҵәҟьа иршьқәаз абаандаҩцәа рхыбаҩқәа шракәу агәра игоит. Иахьагьы ицәа дҭаӡыӡаауеит иблаҿы уи асахьа ааганы, иабду иашьцәа рхыбаҩқәа рылазар ҳәа данхәыцуа...

Ари анҵамҭа аишьцәа Шармаҭаа рфотосахьақәа ацзар сҭахын, аха излеилкаахаз ала, аҭаацәаратә архив Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа ирблит...

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0