Цуца Аҳəԥҳа: аҵаҩы арҵаҩы ибла дхыԥшылозароуп, лабҿаба еимадазароуп

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКарантин в школах
Карантин в школах - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟəатəи ажəабатəи Ашьхарыуаа рышкол аҟны аус зуа, Аԥсны зҽаҧсазтəыз арҵаҩы Цуца Виссарион-иԥҳа Аҳəба аиҿцəажəараҟны дырзааҭгылоит ҳазҭагылоу аамҭазы аҭыԥ змоу аҿкчымазара аҵаҩцəеи, арҵаҩцəеи, аҭаацəеи ишырныԥшыз, иара убас лзанааҭ аҷыдарақəа ртəы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Цуца Виссарион-иԥҳа, адунеи иалаҵəаз аҿкчымазара иахҟьаны ашколқəа рҟны имҩаԥысуаз аҵаратə процесс еиԥҟьоуп, уи уадаҩрақəас ицəырнагазеи, ишԥарныԥшуеи аҵаҩцəа рҵарадырра аизырҳараҿы?

- Ҳəарас иаҭахузеи ари аҭагылазаашьа аҵаҩцəагьы, арҵаҩцəагьы, аҭаацəагьы ирнымԥшырц залшом, ԥсыхəа змам акакəны иҟалеит, аҵарадырра знапы алаку зегьы гəҭыхас иҳамоуп. Онлаин арежим ала, аҭелқəа рыла ахəыҷқəа разыҟаҵара, адҵақəа рыҭара нап аркуп, аха уи еиззырҳауа акакəым. Сара аиҵбыратəи аклассқəа рҟны аус злазуа ала, ибзианы избарҭоуп ахəыҷи арҵаҩи аԥхарра рыбжьазар шакəу, урҭ еснагь еимадазароуп. Ахəыҷы арҵаҩы ила дхыԥшылозароуп, арҵаҩы ахəыҷы ила дхыԥшылозароуп, дихəаԥшуазароуп, аҩышьа, аԥхьашьа инацəкьыс нақəкуа, дырҽеиуа дцозароуп. Ари аҩыза аҭагылазаашьа аԥхьаҟа ҳҳəыҷқəа абакылнаго ҳəа зегьы хьаас иҳамоуп.

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаАԥсны зҽаҧсазтəыз арҵаҩы Цуца Виссарион-иԥҳа Аҳəба
Цуца Аҳəԥҳа: аҵаҩы арҵаҩы ибла дхыԥшылозароуп, лабҿаба еимадазароуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зҽаҧсазтəыз арҵаҩы Цуца Виссарион-иԥҳа Аҳəба

- Абри аамҭа иалагӡаны шəҵаҩцəеи шəареи аимадара шшəыбжьоу ҳасаб азуны, рҵара аус еихьӡара ҳəа акраманы ижəбома?

- Иҟоуп аҭаацəа рхəыҷкəа напы рыдкыланы, ирыдтəаланы рыдҵақəа рыцҟазҵо. Аха, еиҳараӡак аҭаацəа ирылшаӡом, аус зуа ыҟоуп, хəлаанӡа ахəыҷқəеи аҭаацəеи изеибамбо ыҟоуп. Убри азы ахəыҷқəа еиҳа изцəыуадаҩу еиҳахеит, иззымариоу реиҳа. Ахəыҷы еиҳа аҭакԥхықəра иднаҵоит ашкол аҟны даныҟоу, аҩны даныҟоу днатəоит, днагылоит, уиаҟара ихы дацклаԥшӡом. Иреиҳау аҵараиурҭақəа ирҭоу рҭагылазаашьа хазуп, еиҳа иазҿлымҳаны иазнеиуеит рҵаратə процесс.

- Шəара имаҷымкəа абиԥарақəа еиҵашəааӡахьеит, шəџьабаа акыр ирацəоуп. Иаҳҳəозар, шаҟа шықəса ҵуеи уажəшьҭа шəзанааҭ ала аус шəуеижьҭеи?

- Уажəшьҭа 50 шықəса инареиҳауп ахəыҷқəа нап рыдкыланы рааӡара саҿуижьҭеи. Аҭаацəа змоу ауаҩы иҭаацəа рыда дышхəарҭам еиԥш, ахəыҷқəа рыда ухəарҭаӡам. Абыржəы аҩны ҳаҩнахеижьҭеи, сааҟəымҵӡакəа ахəыҷқəа роуп сзызхəыцуа, сыла ихгылоуп еснагь. Ирҳəоз-ируаз зегьы сгəалашəоит, ашкол аҟны аус анууа ахəыҷқəа бзиа иубароуп, бзиа иумбакəа гəыла-ԥсыла аус рызудулаӡом. Ахəыҷқəа анааԥсогьы ыҟоуп, усҟан лафк нараҳəаны, иаарччаны аусура иналасыргалоит. Ахəыҷы дук иаҳасабала пату-ҳаҭыр иқəҵаны уиацəажəозароуп, уи ахəыҷы имнырырц залшом.

- Шəара шəырҵаҩратə ԥсҭазаараҿы иарбан ҟазшьа ҷыдарақəоу иалышəкаауа, еиҳа зҿлымҳара зышəҭо?

Рустам Аншба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аншба ашколхәыҷқәа онлаин-аҵара рзеиҿкааразы: ихадароу - алшара зегьы еицырзеиԥшзароуп

- Еснагь уҽырԥшӡаны ахəыҷы уҽиаҟаратəны уцəажəозароуп, уи лымкаала сацклаԥшуеит. Аԥшьбатəи акласс иалганы маҷк ианеизҳалак, иҟəышхо ианалагалак, уҟазшьа ааԥсахны маҷк иаарымчшəа рацəажəара уалагоит. Убри анаҩсан, актəи акласс аҟны ианааҳго иаҳбарҭоуп, насгьы аҳəыҷбаҳчеи рҭаацəеи рыда уаҩ дзымбац ахəыҷқəа рҟазшьа шхазу, ишəаӡыӡо, иԥхашьо, иҟəиҭ-ҟəиҭӡа ианынатəо аамҭазы уаргьы уҽраҟаратəны ацəажəара уалагозар ауп, есииуа ҳрыциуазароуп ҳəа лафны исҳəалоит зны-зынла. Нас, амшын ацəқəырԥа еиҳа-еиҳа ишеиҳахо еиԥш, хəыҷы-хəыҷла уҟазшьа ааԥсахуа унапқəа нарыкəыршаны ԥхьаҟа иугозар ауп. Ахəыҷы мыцхəы иахьырхəрагьы сҟазшьаӡам сара. Аурокқəа рыбжьара аԥсшьарахь иандəылҵлак, аӡəаӡəала иааганы срацəажəоит, срылабжьоит, рҭаацəа дара гəыӷырҭас ишрымоу, идмырԥхашьарц, аҵара бзианы ирҵарц шырҭаху расҳəоит.

- Акыршықəса ҵуеит шəзанааҭ бзиа ибаны, шəыԥсы ахҭынҵаны, ааԥсарак шəынмырԥшкəа шəааиуеижьҭеи. Иаҳҳəап, егьырҭ ашықəсқəа ирҿырԥшны ҳахəаԥшуазар, раԥхьа аҵара зшəырҵоз ахəыҷқəеи уажəтəи ахəыҷқəеи еиԥшымзаарас, ҷыдарақəас ирымои?

- Ҳəарас иаҭахузеи, ахəыҷқəа аамҭа рҽақəыршəаны ицозар ҟалап, уи азы ахара ҳазрыдҵом. Ахəыҷы дани инаркны дшысабиӡоу ахəыҷбаҳчахь игара, даҽаӡəы диааӡартə еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара, абри сара тəымнапык дааӡазшəа азысыԥхьаӡоит. Урҭ уиаҟара аԥхашьара рылаӡам аҩны иааӡаз ахəыҷқəа реиԥш, рҟазшьақəа еиқəшəаӡом, еиԥшӡам. Ахəыҷбаҳчақəа хымԥада адырра рнаҭоит, иааӡоит, аҩра, аԥхьара, аԥхьаӡара, ажəеинраалақəа ахьыддырҵо рацəоуп. Уажəтəи аамҭазы, шəымбои, аҭелқəа рыҽрыдырцалоит, раамҭа иахнагоит, рҟазшьақəагьы аԥсахуеит. Зҟазшьа зыԥсахыз ахəыҷгьы дгəыгəҭамыжькəа хылаԥшра иуҭароуп. Артист асцена данықəу еиԥш, ахəыҷқəа раԥхьа дыхəмарроуп арҵаҩы.

Астанда Таркил - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит аҵарашықәс иалагӡаны ахәыҷқәа зхьымӡаз апрограмма шхарҭәаахо атәы

- Цуца Виссарион-иԥҳа, шəҵаҩцəа рахьтə уажəшьҭа иҟоуп иандуцəоу, иабдуцəоу, зыуаҩыбжара инҭысхьоу. Дареи шəареи шəанеибабо шəгəалаҟазаара зеиԥшрои, цəаныррақəас ишəызҵəырҵуеи?

- Ашкол ианалго, аҵыхəтəантəи аҵəҵəа аныҟало, раԥхьатəи рырҵҩык лаҳасабала еснагь ус расҳəоит: "Арҵаҩы изы еиҳау гəадура ыҟаӡам данубо уивсны умцакəа аԥсшəа аниауҳəо, убри аҟынтə, шəҳавымслан, аԥсшəа ҳашəҳəала" - ҳəа. Аԥсшəа самҳəакəа, сыргəыдмыҳəҳəалакəа исывымсыц сҵаҩцəа.

- Ҳаиҿцəажəара ишьҭнахуа азҵаарақəа рацəоуп, аха ахыркəшамҭазы иҳаҳарц ҳҭахуп шəара шəзеиӷьашьарақəа.

- Сара аҭаацəа рахь, ахəыҷқəа рахь схы нарханы исҳəо убри ауп, абыржəы ҳазҭагылоу аамҭазы агəабзиареи аманшəалареи Анцəа ириҭааит. Агəабзиара аныҟала, зегьы ҟалоит, рхатəы бызшəа рхамшҭуа, рыԥсадгьыл иаԥсаны иаҵагыло аманшəалара Анцəа ириҭааит!

- Иҭабуп ҳаиҿцəажəаразы, аманшəалара шəыцзааит!

Иара убас шәаԥхьа ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0