"Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп": Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны

© Foto / Предоставлено Гундой ЧакветадзеГунда Чакветадзе
Гунда Чакветадзе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭыԥҳацәа жәытәнатә аахыс аӡахра, аԥара иазҿлымҳан, уимоу, уи ззымдыруаз лзыҳәан иԥхашьаран ҳәа иԥхьаӡан. Иахьатәи ҳаамҭазы уи ала аҭыԥҳа дышԥырымшәогьы, аӡахра знапы алаку аҭыԥҳацәеи аҳәсеи маҷҩым. Убарҭ дреиуоуп Наала Гәымԥҳа зыӡбахә ҳалҳәо Гәында Чакветаӡе.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Аԥсуа ҭыԥҳацәа жәытәнатә аахыс аӡахра, аԥара иазҿлымҳан, уимоу, уи ззымдыруаз лзыҳәан иԥхашьаран ҳәа иԥхьаӡан. Аҭыԥҳа лыӡахшьа ала лыхә ршьон: лгәыркышьа, лрахәыц аҵхшьа уҳәа уи иаҵаз акәамаҵамақәа анарха арҭон. Уи ижәытәӡатәиу, ихымԥадатәииз акы акәны ишыҟаз атәы дырҵабыргуеит Нарҭаа репос аҟны Саҭанеи Гәашьа уахгьы-ҽынгьы дзыдтәалаз адырды.

Хамида Иакуб-оглы - Sputnik Аҧсны
Хамида Иакəыб-оглы: анра аԥхьа исыргылоит, аха аҟазара зымҩа инсыжьуам

Иахьатәи ҳаамҭазы уи ала аҭыԥҳа дышԥырымшәогьы, аӡахра знапы алаку аҭыԥҳацәа рхыԥхьаӡара маҷым. Уи гәазыҳәарас, хашәалас измоу, усура хаданы иззыҟалаз гәацԥыҳәарала рус иазнеиуеит. Ирацәаны асоциалтә даҟьақәа рыҟны иуԥылоит знапкымҭақәа ӡырызго анапҟазацәа.

Урҭ дреиуоуп ашәыра ԥшӡақәеи, еиуеиԥшым аҩнымаҭәақәеи, акьанџьа ссирқәеи зӡахуа, ашьаҵа ԥшӡақәа рԥара иазҟазоу Гәында Чакветаӡе. Уи лнапкымҭақәа даара угәы иахәартә иҟоуп.

© Foto / Предоставлено Гундой ЧакветадзеГәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа
Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп: Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа

Гәында занааҭла декономиступ. Лара еснагь аҩнытәи аинтериер лгәы азыбылуан, дазҿлымҳан. Есышьыжь лусура хада ашә аартны дныҩналоит, ҭынч днатәаны лгәы зызцо лнапкымҭақәа нап длыркуеит. Уаҟа иубоит хыԥхьаӡара рацәала ишшны ашәырақәа, ахаа-мыхаа знуҵо, ачанахқәа зықәургыло, ашәҭқәа зҭаургыло, аԥсаӡ иаҵаургыло ишшны иҟаҵоу анапкымҭақәа жәпакы. Гәында лажәақәа рыла, лнапы злаку аус зыбзоуроу лмаҭа хәыҷы лоуп.

© Foto / предоставила Гунда ЧакветадзеГәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа
Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп: Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа

"Аӡахра схәыҷаахыс бзиа избон, сазҿлымҳан. Ибзианы исықәҿион уи аус аҟны, аха уи есымша снапы алакзаауеит ҳәа сыҟамызт. Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп иахьатәи сызҿу анаплакытә ус.

Сара ҩыџьа арԥарцәа срануп, аҭыԥҳа хәыҷы сыҩны даныҩнанагала, агәаҳәара ду соуит дзыргәырӷьаша акы лзаԥҵара. Аӡахыгатә маҭәарқәа аанкыланы кьанџьа хәыҷык лзызӡахит, ус-ус саамҽханакын, иахьа уажәраанӡа аангылашьа сымам", - ҳәа лҳәоит Гәында Чакветаӡе.

© Foto / предоставила Гунда ЧакветадзеГәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа
Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп: Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа

Гәында лԥышәа аизырҳаразы Москва Татиана Кан имҩаԥылгоз аӡахра иадҳәалоу амастер класс дахысит.

"Аинтернет аҟны исыԥшаауан аӡахра иацу еиуеиԥшым авариантқәа. Нас исыӡбеит Москва имҩаԥысуаз аӡахра иазкыз амастер класс аҽалархәра. Мызкала иҭысҵааит уи акәамаҵамақәа иаҵаз зегьы, нас Аԥсныҟа схынҳәит", - ҳәа дазааҭгылоит анапҟаза.

© Foto / Предоставлено Гундой ЧакветадзеГәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа
Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп: Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа

Аӡахра адагьы, Гәында ибзианы дԥоит. Илԥо ашәырақәа, ахылԥақәа, ашьаҵақәа ирызҿлымҳау ауаа рацәоуп. Есымша иаԥылҵоит анапкымҭа ҿыцқәа. Урҭ злылхуа амаҭәарқәа заа ирмазеины илымоуп. Ашәыра аҟаҵаразы лхы иалырхәоит ақьаад, уи лырҳәуеит, икьакьахарц азы алак ахьылшьуеит, ианбалак, иманшәалахоит ашышразын, иахьылҭаху илырҵәиуеит.

Сынтәа имҩаԥысуаз раԥхьатәи афестиваль жәлар рсахьаркыра-напҟазаратә аалыҵқәа лхы рылалырхәит. Лара ихаданы илыԥхьаӡо, ԥҟарас дзықәныҟәо - илыдҵаало ауаа ргәаҳәара анагӡара ауп.

© Foto / Предоставлено Гундой ЧакветадзеСынтәа раԥхьаӡа акәны Гәында Чакветаӡе арт-маркет аҿы лнапкымҭақәа цәырылгеит
Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп: Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны - Sputnik Аҧсны
Сынтәа раԥхьаӡа акәны Гәында Чакветаӡе арт-маркет аҿы лнапкымҭақәа цәырылгеит

"Ухы мжьакәа, иудҵаало ауаа ргәаҳәара анынаугӡо, уус ҭакԥхықәрала уаназнеиуа ауп уус алҵшәа бзиа анаиуа. Уи аԥҟара еснагь сықәныҟәоит", - ҳәа гәахәарыла илҳәоит анапҟаза.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0