Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара: аҳәса рлахьынҵақәа Алықьса Гогәуа ипрозаҿы

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация книги Алексея Гогуа "Ас ду"
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ипрозаҿы аҳәса рлахьынҵа аарԥшышьа шилшаз азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ааԥын алагамҭаз ииз Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа даԥылоит 89-тәи иирамш. Аԥсуа проза иара иҩымҭақәа ирҿырԥшны қәрала еиҳазаргьы, исҳәарц сҭахуп афилософиатә, ауаажәларратә мотивқәа шьагәыҭс измоу ипроза ду зегь шьхаҵас ирылыҳәҳәоит ҳәа.

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

Ашкол санҭаз, бжьаратәла 45 шықәса раԥхьа, ргьама скит ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа. Ҽнак зны саб ибиблиотекаҿы иаалысхит сықәра уамак иаҵанамкуаз ароман "Аси амацәыси". Усҟан ашәҟәыԥхьара хшыҩзышьҭра аман, ашкол аҿы дҵас иҳамамызгьы ҳаԥхьон. Ари ароман идеиаси хықәкыси иамаз уамак исзеилымкаауазаргьы, ашәҟәыҩҩы исиужет арҵәишьеи, ахаҿқәа реизыҟазаашьеи срымҽханакит. Жәиԥшь шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа сыхшыҩ аромантикатә цәқәырԥа иаанахәаны иҟан, убри аҟынтә, араҟа иагәылсны ицоз абзиабаратә мотив аҿиашьа, трагедиала ахыркәшашьа сгәы ааснархьит.

Саԥхьон аҵх иаасымнахаанӡа. Ироман афырԥҳәызба Аишьа лхәыцрақәа уртәыртәуан: "Илдыруан уи аҽакала дшылзыҟаз. "Абзиабара" ҳәа игәаӷьны лҿы илызҭамырӡоз ажәа зынӡагьы идылкыломызт уи, избанзар, иара изы лара лгәы имҩашьахуа иалшоз иаабац ажәа гәырҿыӷьга "аҳаҭыр" акәын". Саланахалон саԥхьацыԥхьаӡа, Аишьа леиԥш сшыбарџьеиуаз аҵх агәы еиҩнашон. Аишьа дзызхәыцуаз Амаршьан (Ардашьыл) дыхәны лыҩны данаанага, нас лыбзиабара ԥхьакны, уи данихылаԥшуаз уҳәа, апрозаик Гогәуа иааирԥшуа аҭоурыхтә-политикатә хҭысқәа раҵкьыс абзиабара аарԥшышьа акәын сзызхәыцуаз усҟан.

Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2020
Ауаҩы данииуа иразҟы ицыршоит

Иҵӡозеи, аха иахьагьы уи ароман исзыннажьыз асахьақәа сыбла иаахгылоит, ихәны ишьҭаз Ардашьыли Аишьеи реизынхара Гогәуа иаахтны даҽаӡәы ишизымҳәара ишҭихыз: "Ус лқьышә инахьысит уи иқьышәқәа. Дзықәгылаз аӷәра лыҵышьшь инаскьаанӡа, иаразнак дааҭрысит, лҽааимылхын, аҭӡамц ахь днаскьан, наҟ лҿы рҳәны акраамҭа дгылан". Ас иаахтны иҳәаз ахаҵеи аԥҳәыси ирызкыз ароманқәа ԥсышәала сырмыԥхьацызт.

Ашәҟәыҩҩы иааирԥшуаз амчрақәа реидысларақәа рҵакы уамак игәаамыгӡакәа, Аишьеи Ардашьыли рроман шԥанҵәари ҳәа сышәҟәы сиарҭа ихәыҵакны аҵх згон. Сан рыцҳа лыбжьы саҳауан "алашара ырцә, ашьыжь бызгылаӡом" ҳәа. Абас, раԥхьаӡа агьама скит ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа. Слаӷырӡышон уи анҵәамҭаҿы автор иааирԥшуаз асахьақәа срызхьаауа, ареволиуциа иахҟьаны Аишьа лразҟы ахьхыбгалаз ҭынчра снаҭомызт: "Забџьар шьҭаҵаны зыҽрызҭаз рахьгьы, ирхәыз рахьгьы, иршьыз рахьгьы – џьаргьы дыҟамызт уи … Ардашьыл".

Саныҩеидас, ашәҟәыҩҩы Гогәуа егьырҭ иҩымҭақәа лаԥшықәҵаны са стәала иҭысҵаауан, иагьрыдызбалеит аԥҳәыс лхаҿсахьа аарԥшраҿы илшарақәа шаҳараку.

Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2020
Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом: аԥсуаа рдунеихәаԥшразы азгәаҭарақәак

Ашәҟәыҩҩы инапы иҵиххьоу ироманқәа, еиҳаркгьы "Аҽыкәаҳа", "Асду" рҿы иааирԥшуа аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭысқәа инарҷыданы, апрозаик аԥҳәыс лразҟы, уи ллахьынҵа аарԥшра даҽа ԥсыуа шәҟәыҩҩык ишилымшара дазнеиуеит. Есқьынагьы иџьасшьоит, аԥсуа хдырра ду ныҟәызго ашәҟәыҩҩы-афилософ абас гәызианрала дышԥазыҟоу астереотипқәа еилаганы абзиабара аҳаҭыраз имҩахҟьо аԥсуа ԥҳәыс лхьаршшара.

Ҿырԥштәыс иааҳгар ауеит ароман "Аҽыкәаҳа" аҟны автортә хьаҵрақәа рҿы Гогәуа Медеиа илзикыз ахәыцрақәа. Лтәыла иақәлаз алегионцәа раԥхьагыла бзиа дызбаз аҭыԥҳа лзы "лара акгьы лнарбомызт аҩыз еиԥш лыуаажәлар ршьа иаҵашьшь изжәуаз анцәахша ииарҭа тата" иҳәоит автор Медеиа лыбзиабара лиааины иҟалҵаз ашьаҿазы. Ароман автортә хьаҵрақәа рҿы Гогәуа длазҵаауеит Медеиа "Ишԥабгәаӷьи бзықәгылаз адгьыл иакәхшоз быуаажәлар?" ҳәа. Автор ҭакс иоуз "исыздыруам, исыздыруам, уи уаҩгьы иагьиздыруам, иагьизеилкаауам" ауп.

Гогәуа ироманқәеи иажәабжьқәеи рҿы иааирԥшуа аҳәса трагедиатә хаҿқәоуп: Елана, Аишьа, Макрына, Аҳкәажә, Агра уҳәа, рызегьы еидызкыло аразҟыдароуп. "Деидырӷәӷәала дызкыз, лԥагьара ԥагьазтәуаз лтәыла аламыс, аԥҟарақәа, ақьабзқәа аалыхшәеит амра ицәдыршәлаз ауалыр ауадахәқәа анахышәшәо еиԥш", - иҳәоит абзиабара аҳаҭыраз зыԥсадгьыл знаԥхаз Медеиа лзы, аха иара убри аамҭазы, иара дазхәыцуеит уи лзырҟаҵаз абзиабара ду даҽа мҩак шылнамҭаз. "Зны ахәхәаҳәа дҿырҳасуа дҩагылан "шәысҭ" иҳәан, уи ауԥшәыл длыгәҭасны иҩызцәа днарылаижьит", - иҳәоит апрозаик, абзиабара иарҩашьыз абазгаа роуԥшәыл Византиатәи аибашьҩы дышлызныҟәаз аарԥшуа. Гогәуа Медеиа лшьоурала ириашоит, ажәа кьынаак лзымҳәаӡакәа "иаразнак илхыԥсааит абриаҟараамҭа илдылсны иҟаз аҩы бааԥсы. Уаҳагь уаҩ даалзыбзиамхаӡакәа, Византиаа рынцәахша иԥсырҭа иарбаны зҿыналырхаз (аҟама Е.К) дааихнахт".

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2020
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ирҿиамҭақәа рҿы иҵегь ҳара иаҳзааигәоу аамҭа иақәлоу аҭоурыхқәа рҿгьы, аԥҳәыс ллахьынҵа дазыхынҳәуеит. Акыр иҵаулоуп иажәабжь "Ашьацәгьа" аҿы иааирԥшуа аԥҳәыс лхаҿсахьа. Араҟагьы, иара длаирҟәуам аԥсҭазаара аԥҟарақәа рықәныҟәара уамак иақәымшәаз, аха ицқьаз аҭыԥҳа. "Ашьацәгьа" иамыԥхьаҵ ицәыӡыз даара ирацәоуп. Автор ицәыригоит ауҳәансҳәанқәеи абз бааԥсқәеи аԥҳәыс лразҟы иаԥырхагахар шрылшо, иара убри адагьы, аԥсуа ԥҳәыс абзиабара ду наунагӡа лгәаҵаҿы иҵәахны илымазарц шлылшо.

Автор ари ажәабжь иҩит 1986 шықәсазы, аха иааирԥшуа аамҭа маҷк инаскьоуп ижәытәӡатәимзаргьы. Усҟантәи атрадициагьы уажәтәиқәа раҵкьыс акыр иџьбаран. "Даныӡӷабыз дыҭҳаца, уажәы-уажәшьҭан гәырӷьара дук дазыԥшушәа, лыблақәа ҭбааханы, икәеицеиуа ианырбалак, лахә-лахәы илышьклаԥшуа иалагон". Автор иҩымҭаҿ ахҭысқәа реишьҭагылашьа еизаданы иҟам.

Ажәабжь далагоит Ашьацәгьа (Агра) лыхшара лаҟараханы лмагана кны аԥҳә анлырххуаз, аха угәуҽанӡамкәа уиаигоит лара данқәыԥшӡазтәи ахҭысқәа рахь, анаҩс, уи хьымӡӷхыхганы хаҵа данырышьҭуаз аамҭахь: "Лара ахьымӡӷ згаз, ахҳәаа зауз, зцәа зтәымкәа, хымз-ԥшьымз зхыҵуа аҩны итәоу длеиԥшны дыршьеит". Иџьбараз атрадициақәа рцәаҳәа маҷк иацәхьаҵыз аҭыԥҳа ачараҿы илбаз аԥшӡа иахьеи-уахеи дышизхәыцуаз ауп, хаҵа дшырышьҭыз.

Беременная женщина - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2019
Аԥҳәыс лыпату

Лара аҩнра ҳәа данцагьы, ани ачараҿы илбаз изхәыцра дауаҟәыҵхуаз: "Иахьа ҭацара луанаҵы уажәы-уажәы лаԥхьа дааиуан, аха димбаӡошәа аҽаџьара дыԥшуан, ус дааиуан, дааиуан, диасуан, дааиуан, диасуан" лхәыцрақәа рҿы. Знык ада илымбацыз ахаҿсахьа дазхәыцуа, лмагана ҟьо амхырҭа дахьҭагылаз аҳәҳәабыжь ллымҳа иааҭасуеит Агра. "Хыхь аԥсыжраҿы ҵәыуабжьқәак гоит", - ибжьа ааиргоит змагана зҟьоз лхаҵагьы. Аԥсыжрахь инхалеит рҩыџьагьы, Ашьацәгьа лцәа ианырхьан анышә иамардоз дазусҭаз. Аҭоубыҭ иҭаз аԥшӡа ихы-иҿы шыхҩазгьы, ачабра иҿаршәыз иалылбааз ала илдырит уи Иара шиакәыз, "ихәдагьы - убас иҭыхәхәа" мшаҽны ишылбаз иҟан.

Избан сыздыруам, аха Гогәуа иҩымҭақәа рҿы иааирԥшуа аҳәса рхаҿсахьақәа насыԥдоуп, ихьанҭоу аидара иаҵоуп. Дара иҟарҵалакгьы, ашәҟәыҩҩы лахь риҭоны убом, идеиалҵас иааирԥшуеит зехьынџьара инеибеиԥшны. Ааԥын иалиааз ашәҟәыҩҩы ипроза хьанҭоуп зҳәо ыҟазаргьы, абызшәа здыруа иаҵрымбаар алшом ула ихымслозаргьы, ицәаҳәақәа амузыка шрыҵоу. Иаҳҳәар ауеит прозала иҩу апоезиа ҳәа. Гогәуа апоезиа дшаҿымгьы, ироманқәа рҿы иаацәыригоит адәахьала шамаха иумбо апоезиа:

Бабацои ас шаанӡа,

Ибысуа аԥшахәхәа? -

Ҳазхара баабаанӡа,

Бабацои бкахәхәа?

Акыр ихьшәаноуп снапаҿы ианааи иахьа сыззааҭгылаз ажәабжь "Ашьацәга", 2006 шықәсазы иҭыҵыз 5-томкны иҟаз апрозаик иҩымҭақәа реизга иагәылан. Араҟа шамаха уи аамҭазы ииҩхьаз зегь анын. Гогәуа ипрозаҿы иааирԥшуа аҳәса зегь ирымоуп ирзеиԥшу ҟазшьак – абзиабара аҳаҭыраз ауаа рылахь аиура.

Ааԥын иалиааз ашәҟәыҩҩы уамак ала иныруеит аԥсуа ԥҳәыс лыԥсабара абзиабара имҩахнаҟьар шалшо, абжьааԥнытәи аҵасқәа рымҩаԥгареи, аԥсуара аԥҟарақәеи рыҽҭагӡара акәымкәа, аҳәаақәа ргәашәқәа ҭаԥыххааса абзиабара зҽазҭо аҳәса рыпсихологиа аарԥшра акыр дазҟазоуп, уи азы ашәҟәыҩҩы иаҳасабала агәаӷьрагьы имоуп.

"Шәанбалагеи аҩра?" - сиазҵааит зны сара Гогәуа, - "Ашкол санҭаз исгәаԥхоз аӡӷаб аӡы дагеит", - убри ахҭыс исзаанагаз атрагедиа иарҵысит сышәҟәыҩҩратә ԥсабара", - иҳәеит иара. Ас иаартны имаӡа ахьсымеидаз даарагьы иџьасшьеит, даарагьы сеигәырӷьеит.

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаАшәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи
Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара: аҳәса рлахьынҵақәа Алықьса Гогәуа ипрозаҿы - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуеи ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи

Алықьса Гогәуа дыздыраанӡа срыԥхьахьан иҩымҭақәа рӷьырак, хаҭала ҳаибадырит 1989-тәи ашықәсқәа рзы. Уи аамҭазы иара ахәыҷтәы журнал "Амцабз" редактор хадас дыҟан, аха амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ҵәатәышьаҟасгьы даман. Аредакциа ахьыҟаз ахыбраҿы иҟан Ашәҟәыҩҩцәа реидгылагьы, Жәлар рфорум "Аидгыларагьы", убрахь неирҭас иҳаман аҿаргьы. Уи аамҭазы алитература алацәажәара аҵкьысгьы, ҳмилаҭ рлахьынҵа азхәыцра иазкын ҳанеиқәшәоз ашәҟәыҩҩы дызлацәажәоз, аха сара сзыҳәан еиҳагьы ихадан иара иаԥиҵоз ахаҿқәа рызхәыцра.

Апҟара - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.10.2019
Аԥсуа мораль акаҳара, мамзаргьы ҳхыхьчара акультура аҽшаԥсахыз

Аибашьра ашьҭахь акырынтә аинтервиу имысххьан ашәҟәыҩҩы, даара акыр иаартны ҳаицәажәон, убарҭ ҳаицәажәарақәа ирыбзоураноуп уи ишәҟәыҩҩра ахыҵхырҭаҿ абзиабара иахылҵыз атрагедиа шыҟаз шеилыскааз. Хыхь сызлацәажәо ажәабжьқәа акырынтә срыԥхьахьеит, аха ҿыц иаасыртыцыԥхьаӡа, раԥхьа санаԥхьаз еиԥш исыцрасуеит аразҟыдареи абзиабареи ирыдҳәалоу алахьынҵақәа ирхылҵуа амца.

Иажәабжь "Ашьацәгьа" мыцхәы иласыз, аха цәгьарак згәы иҭамыз аԥҳәызба илызкуп. Иамыԥхьац изы еиҭаҳәашьак амоума, ачараҿ илгәаԥхаз арԥыс дишьҭалан архәара лҽавакны инеиуаз аҭыԥҳа лышьҭахь илхьырҳәоз дазымхәыцкәа иҟалҵоз ашьаҿа. Гогәуа уи ала иаҳирбоит абзиабара амца аҭыԥҳа дшышьҭнаԥаауа, хақәиҭра дук шылнаҭо. "Лара лылаԥш даԥшааит, иара илаԥшгьы", - ачараҿы илбаз, иаразнак дзытҟәаз ахаҿсахьа иацыз аԥхарра даанахәан, ажәлар днарылҟьан дишьҭалеит лразҟы дазааигәахарц: "Лара дыҿҟьаҿҟьо, рқыҭеи нырцәтәи ақыҭеи еиҩызшо, иагьдуцәам, иагьыхәыҷцәам аӡиас аԥаҩ дынхықәыххылеит. Иара идырдыруа иҟаз ацҳаҵәры дықәлахьан…".

Ашәҟәыҩҩы иаҳасабала дадгылом аԥҳәызба ауҳәансҳәанқәа ирыхҟьаны лразҟы анырҿаҟәо.

Иҩымҭақәа ҳаргәылаԥшуа ҳҿааҳхар, иааџьаҳшьаратәы аԥсуа ԥҳәыс илызку амотивқәа ргәылыҳәҳәоит. Алықьса Гогәуа дыпрозаикуп, аха, хыхь ишазгәасҭахьоу еиԥш, ироманқәа рҿы ҳара иаҳԥыхьашәоит ажәеинраалатә формала иҟоу автортә хьаҵрақәа:

Быбла еиқәарақәа

Еиԥшхеит аӡыжь,

Быхцә аԥарақәа

Бықәуп еиужь…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0