Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых

© Foto / из личного архива семьи ХашбаАстатиа зызку Иуана Ҷуҷ-иҧа Ҳашба
Астатиа зызку Иуана Ҷуҷ-иҧа Ҳашба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Анапаҵаҩра
Афронт аҭахрақәа рзы аԥаратә лагала ҟазҵаз, "Кавказ ахақәиҭтәра" иалахәыз Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых ҳадылгалоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Рашәарамза 22, 1941 шықәсазы иналагаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ԥсҭазааратә ԥышәара ӷәӷәахеит Асовет ҳәынҭқарра иаҵанакуаз атәылақәа, амилаҭқәа зегьы рзы. 55 нызқьҩык Аԥснынтә ицаз ахьыбҿар аԥсра абла ихыԥшылон, рыԥсадгьыл рыхьчон еиуеиԥшым афронтқәа рҿы.

ВОВ - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: аибашьра Ду иалахәыз ԥшьҩык аишьцәа Џьниаа рҭоурых

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аибашьра ианалага, Аԥсны абџьар ашьҭыхра зылшоны иҟаз аҿар афронт рҽадыркылон. Аус хьанҭақәа зыхәда иқәлаз абыргцәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи ракәхеит. Убас, ашьыжьшара инаркны уаха ахәлара ирымнахаанӡа аус руан, рыфара иагырханы, рыжәра иагырханы, рыхшара ирыгырханы аибашьра цонаҵы Аԥсны анхацәа аӡәырҩы афронт аҭахрақәа, арратә техника аахәаразы еизыргеит аԥаратә лагалақәа. Убарҭ реиԥш хаҭала иҟан аибашьрахь ирмышьҭыз, аха уахгьы-ҽынгьы афронт азы аус зуаз, аԥсадгьыл аиқәырхаразы злагала ыҟоу ауааԥсыра. Ус еиԥш иҟоу ауаа рыӡбахә ҳәатәуп ҳәа сгәы иаанагоит, рыхьӡ аҭоурых ацәмырӡразы. Ҿырԥштәыс иаазгар сҭахуп анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых.

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан инхоз анхаҩы Ҳашба Ҷуҷ Қынҭыр-иԥеи уи иԥшәмаԥҳәыс Чачхалиа Кәына Наурыз-иԥҳаи ргәараҭаҿы ирызҳауан ааҩык ахшара: Иуана, Иона, Ермолаи, Бабушь, Аксениа, Фениа, Ӡаӡа, Мыџьа.

© Foto / из личного архива семьи ХашбаҲашба Ҷуҷ Қынҭыр- иҧа астатиа афырхаҵа иаб
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Ҳашба Ҷуҷ Қынҭыр- иҧа астатиа афырхаҵа иаб

Зегьы иреиҳабыз Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба диит 1904 шықәсазы. Аԥсҭазаараҿы иара дилахьынҵазаарын Река ақыҭа еиуаз Қәычбериа Назиа Ҭархәына-иԥҳа. Урҭ дрыхшеит рыԥҳазаҵә – Лиусиа. Ианҵеидаха, аҩнаҭа аҵәҩаншьап мыӡырц азы Иуана даалаган ԥсыуа ҵасла иашьа Иона иԥа ааӡара дааигоит.

© Foto / из личного архива семьи ХашбаАфотосахьаҿы армарахь ала Ҳашба Ҷуҷ Қынҭыр- иҧа астатиа афырхаҵа иаб
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Афотосахьаҿы армарахь ала Ҳашба Ҷуҷ Қынҭыр- иҧа астатиа афырхаҵа иаб

Ҳашба Иура Иона-иԥа диит 1944 шықәсазы. Далгеит Аҟәатәи апедагогикатә институт афизикеи аматематикеи рзанааҭ. Акыршықәса аус иуан Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҿы. Иахьазы Кь. Ш. Чачхалиа ихьӡ зху Ԥақәашьтәи абжьаратә школ № 2 аҟны аус иуеит рҵаҩыс. Дзааӡаз иаб Иуана иҭоурых анҵоуп игәалашәарақәеи аԥсҭазааратә хҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәеи ҳасаб рзуны.

Изларҳәо ала, ҭеиԥыԥшла иуаҩы ҳаракыз, аҩнгьы-анҭыҵгьы ԥсыуа маҭәала зҽеилазҳәоз Ҳашба Иуана дчеиџьыка уаҩын, асасцәа рзыҳәан ишәқәа аартын, аусура, анхара-анҵыра игәы ацԥыҳәон. Ауаа рызнеишьа, рацәажәашьа дақәшәон. Убри адагьы, иқыҭаҿы, араион аҿы еиуеиԥшым аусқәа рзы ианидҵаалозгьы ҟалон. Иажәа акраҵанакуан.

1930 шықәсазы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ԥақәашь ақыҭан Урҭа аҳаблаҿы еиҿкааз аколнхара "Адырра" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, анаҩс 1937 шықәса инаркны жәеиза шықәса уи аколнхара анапхгараҭара инапаҵаҟа иҟан.

© Foto / из личного архива семьи ХашбаҲашаа рҭаацәара
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Ҳашаа рҭаацәара

Аибашьра ианалага, аколнхара "Адырра" хантәаҩыс иҟаз Иуана Ҷуҷ-иԥа 37 шықәса дырҭагылан, иҭаацәара ду "Бзиала!" ҳәа нараҳәаны, афронт ахь зхы зырхаз иқыҭауаа днарылагылт, рлахьынҵа рыцеиҩишарц. Аха изамуит. Аиҳабыраа "араагьы аус зуша, зқыҭауаа ирывагылаша, аамҭа цәгьаҿы ргәы зырӷәӷәаша анапхгаҩы еибага даҭахуп" ҳәа шьақәдырӷәӷәан, аколнхара анапхгараҭара ааныжьны, афронт ахь ишьҭра иақәшаҳаҭымхеит. Зҩызцәа рылымкаа зыҩны аҟазаара зҭахымыз Иуана фынтә иҽазишәахьан аколнхара "Адырра" ахантәаҩы инапынҵақәа ааныжьны афронт ахь ацара, афынтәгьы иҽазышәарақәа лҵшәадан.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аветеран Ҭаниа Колиа Жьыгәа-иҧа иԥацәа рыгәҭаны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2020
Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых

Анаҩс иӡбеит, аибашьраҿы Ар Ҟаԥшь ацхыраара рыҭаразы иҭаацәеи иареи рхатәы ԥхӡашала идырҳаз, ирымаз-ирыхӡыз, хәы змаз зегьы ҭины иаҭнихыз усҟантәи аамҭазы иԥара дууз 100 нызқь мааҭ афронт иазишьҭырц. Уи аԥара иациҵеит Иосиф Сталин ихьӡынҩылаз асалам шәҟәы, уи иаҳәон инаишьҭуа аԥара азкхарц шиҭаху аибашьыгатә ҳаирплан аргылара. Ус иагьыҟалеит. Ари асалам шәҟәы наӡеит усҟантәи Асовет Еидгыла ахада Иосиф Виссарион-иԥа Сталин иҟынӡа. Дук хара имгакәаны Ԥақәашьҟа иааит Сталин инапала ииҩыз ашәҟәы аҭак. Уи иаҳәон:

"Колхоз "Адырра" Поквешского сельсовета Очамчирского района Абхазской АССР Председателю колхоза товарищу Хашба Ивану Чучиевичу. Примите мой привет и благодарность Красной Армии, товарищ Хашба, за Вашу заботу о воздушных силах Красной Армии. /И.Сталин/".

© Foto / из личного архива семьи ХашбаСталин Иуана Ҷуҷ-иҧа Ҳашба изааишьҭыз ашәҟәы
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Сталин Иуана Ҷуҷ-иҧа Ҳашба изааишьҭыз ашәҟәы

Аибашьра ишналагаҵәҟьаз еиԥш, Аԥсны аҩнуҵҟа инхаз ахацәа рҽеидыркылеит, архәҭақәа еиҿыркааит, Аԥсны шәарҭарак иҭагылар, ирыхьчаразы. 1942 шықәса нанҳәамзазы анемец еибашьцәа ирылдыршеит Кавказтәи ашьхақәа ирхыҵны Аԥсны аҳәаақәа рҭалара. Урҭ иааныркылеит акаҵәара хадақәа: Клыхәра, Марыхә, Санчара. Дук мырҵыкәа ирымпыҵархалеит Ԥсҳәы ақыҭа. Усҟан Аԥсны зыхьчоз ахацәа Ар ҟаԥшьаа ирывагыланы аӷа ҳаԥсадгьыл далызцаз дыруаӡәкын Иуана Ҷуҷ-иԥа, ԥхьаҟа урҭ ахҭысқәа ирыдҳәаланы ианашьан "Кавказ ахьчаразы" амедал.

© Foto / из личного архива семьи ХашбаИуана Ҷуҷ-иҧа Ҳашба ианашьаз
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Иуана Ҷуҷ-иҧа Ҳашба ианашьаз

Аибашьра ашьҭахь ҳастатиа афырхаҵа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы арахә рферма аиҳабыс, анаҩс бригадирс дыҟан. 1974 шықәсазы тәанчара дцаанӡа абнанхамҩа дадҳәалан.

Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2020
"Имариамыз амҩа": ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых

Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иԥсҭазаара далҵит 1987 шықәсазы. Дызлыҵыз иуаажәлар аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит гәыблыла. Уимоу, абар хәажәкырамза 6, 1987 шықәсазы иҭыҵыз агазеҭ "Советская Абхазия" адаҟьақәа изкны ианыз анекролог иаҳәо:

"В годы Великой Отечественной войны И.Ч. Хашба наладил сбор средств для Красной Армии. Он внес 100 тысяч рублей личных сбережений в фонд помощи Военно-воздушным Силам страны, за что был удостоен благодарности Верховного Главнокомандующего. Где бы ни работал И.Ч. Хашба, он показывал образцы добросовестного труда, был примером для своих товарищей, чем заслужил уважение тружеников села. Неоднократно избирался депутатом сельского Совета. Многолетний труд И.Ч. Хашба отмечен медалями "За оборону Кавказа", "За доблестный труд в Великой Отечественной войне 1941-1945 гг.", Ленинской юбилейной медалью. Светлая память о замечательном человеке навсегда сохранится в памяти односельчан и всех, кто его знал".

© Foto / из личного архива семьи ХашбаИуана Ҳашба идунеи аниҧсах хәажәкырамза 6, 1987 шықәса агазеҭ "Республика Абхазия" изкны ианылаз анекролог
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Иуана Ҳашба идунеи аниҧсах хәажәкырамза 6, 1987 шықәса агазеҭ "Республика Абхазия" изкны ианылаз анекролог

Аамҭақәа зегьы ирымоуп дара рхатәы фырхацәа. Амилаҭ ду, амилаҭ маҷ ҳәа еилыхра амамкәа уи еиднакыло ажәлар ирымоуп аҵеицәа лыԥшаахқәа, ианаҭаххо рҿахәы зҳәо, зыцәгьа-зыбзиа рыцеиҩызшо. Ҳамҩашьакәа иаҳҳәар алшоит урҭ дыруаӡәкын ҳәа Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба.

© Foto / из личного архива семьи ХашбаИуана Ҳашба
Илшоз зегьы афронти аԥсадгьыли рзы: анхаҩы Иуана Ҷуҷ-иԥа Ҳашба иҭоурых - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Иуана Ҳашба

Наӡаӡа хашҭра рықәымзааит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан зыжәлари зыԥсадгьыли рхақәиҭразы инарылшо зегьы ҟазҵоз, аиааираҿы злагала рацәаӡоу аибашьцәа, анхаҩы жәлар! Аџьамыӷәа зхызгаз аибашьра аветеранцәа зыԥсы ҭаны иҟоу хыԥхьаӡарала имаҷзаргьы, иахьагьы иҳамоуп. Ҳазшаз агәабзиара рыгимырхааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0