"Имариамыз амҩа": ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәМатуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала
Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз, ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Тамшьыгә-иԥа иҭоурыхтә мҩа дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ҳазну адунеи иагьа гәаҟра абахьеит, иагьа хлымӡаах ирхаануп, ҵҩа рымам адунеи аҿы имҩаԥысхьоу аибашьрақәа. Аибашьра - ауаатәыҩса рыԥсҭазаараҿы идырҿиахьоу зегь рахьтә еиҳа ицәыршәагоу, ихлымӡааху ҟалароуп. Уи иацуп алаӷырӡ, агәаҟра, ахааназ иухамышҭуа агәалашәарақәа.

1941 шықәса рашәарамза 22 аҽны анемец фашистцәа еиқәных Асовет Еидгыла ианақәла, Асовет ҳәынҭқарра иаҵанакуаз атәылақәа зегьы рзы ишыҟалаз еиԥш, Аԥсны азгьы ари аибашьра ду еилых ҟазымҵаз ԥышәага ӷәӷәахеит. Абџьар ашьҭыхра, аԥсадгьыл ахьчара зылшараны иҟаз 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны иқәынхоз ауааԥсыра аӷа иҿагыларазы еибашьра ицеит. Абарҭ аибашьцәа фырхацәа дыруаӡәкын Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа.

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәМатуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа
Имариамыз амҩа: ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа

Жәабранза 25, 1921 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан инхоз анхаҩы Тамшьыгә Матуа иҭаацәараҿы агәырӷьара ҟалеит. Диит аҵеи лаша, анаҩс Лаврент ҳәа зыхьӡырҵаз. Тамшьыгә Матуа иҩнаҭаҿы мшызҳа ирызҳауан хәҩык ахшара: хҩык аҷкәынцәа - Лаврент, Мисор, Нур, аӡӷабцәа - Кәыкәыл, Марусиа.

Ветеран ВОВ Леварса Ашуба. - Sputnik Аҧсны
Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба

Аибашьра хлымӡаах рышәхымс ианаалагыла, макьана ихәыҷқәоуп ҳәа изхәаԥшуаз ҩажәа шықәса ирҭагылаз Лавренти жәаа шықәса зхыҵуаз иашьа Мисори изышьцылаз рқыҭеи, рҭаацәеи ааныжьны рыжәҩа еибыҭа идәықәлоит рыԥсадгьыл ахьчаразы.

Хаҭала длыздыруамызт, блала длымбацызт, аха лҭаацәара рҟнытә илаҳахьоу лабду Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа иӡбахә, инысымҩа атәы сзеиҭалҳәеит имаҭа Есма Матуаԥҳа.

"Аҭынчра уҭахызар аибашьра уҽазыҟаҵала", - рҳәоит ажәаԥҟаны, аха сабдуи уи иҭаацәареи аибашьра зынӡа иазыԥшӡамызт. Ҳҭаацәара аҟнытә аибашьра амцашыра рнырит ҩыџьа арԥарцәа, сабду Лавренти, сабду иашьа Мисори. Аибашьра ҳәа иахьцаз изласаҳахьоу ала ҭыԥк аҟны иақәымшәеит, аишьцәа еиҟәыҭхахеит. Иахьеибашьуаз аҭыԥқәа рыхьӡқәа цқьа иҳаздыруам, аха сабду аибашьра зегьы ихганы Берлинынӡа анаӡара илшеит. Имариамызт уи имҩа. Акырӡа дышгәаҟызгьы аибашьра дацәынхеит. Аха гәыхьс имаз, ибаҩгьы ҳмоуа ажәыларақәа руак аҟны хабарда дыбжьаӡит иашьа агәыбжьанытә Мисор" - азгәалҭоит аибашьҩы Лаврент Матуа имаҭа Есма.

© Фото : Аҭаацәаратә архив аҟынтәМатуа Лаврент имоҭа иара ипатреҭ кны "Ԥсра зқәым аполк" акциа дахьалахәу
Имариамыз амҩа: ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Матуа Лаврент имоҭа иара ипатреҭ кны "Ԥсра зқәым аполк" акциа дахьалахәу

Есма лыҿцәажәараҿы ишылҳәаз ала, лабду изку агәалашәарақәа лымаздаз, урҭ алхамыршҭра лыбзоуроуп иахьазы зыдунеи зыԥсаххьоу ланду Жьениа Инаԥшьԥҳа. Лабду игәалашәарақәа рҟны ишазгәаиҭоз ала, аибашьраҿы аџьамыӷәа цәгьа рхыргон, иҭахон зынӡа иқәыԥшыз, цқьа аԥсҭаазара агьама зымбацыз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи.

Ахы аҿагылара адагьы аибашьцәа млашьуан, ашәҵа-аҟәынҵа рыцәмаҷын. Иҳәалон, ааигәа аӡыржәтә анырмоулак, арахь ианыӡбашуаз, ақәа анауаз ирышьаз ркьырза магәқәа нарышьхны, ақәа иаҵаргыланы ақәарӡы еизганы иржәуан ҳәа.

Урҭ амагә ҳәа ҳазҿугьы рымазма, лассы-лассы иԥыжжәон. Убас зны, Лаврент ишьаз икьарза магәқәа ԥыжәжәеит. Излаиԥсахуаз имамызт, қәауншьҭахь аӡы ҭалон. Ажәыларақәа рышьҭахь дызлаз агәыԥ ахәцәеи аԥсцәеи ахьыҟаз аҭыԥ иахҭыгәлеит. Акомандир ирыдиҵеит аԥсцәа рабџьар рымырхырц, ирыхәаша рымаҭәақәа ҳәа акрыҟазар, иршәыхны дара иргарц. Зегьы уи адҵа иқәныҟәеит Лаврент ида. Иара аибашьраҿы агәымшәара, аиҿамсра шаҭахыз шидыруазгьы, ицәыӡырц иҭахымхеит ауаҩы ирыцҳашьара. Ус иҽаанкыланы дхәыцуа днагылт. Ари збаз акомандир ҿааиҭит:

Пас Гәбаз. - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап шыҟоу ззымдыруа аибашьҩы иҭоурых

– "Исҳәо умаҳаӡои, ушьапы аӡы ҭажжы узгылоузеи! Унеины ишьҭоу аӡәы иааишьхны, амагәқәа ушьаҵа!" – ҳәа.

– "Аибашьраҿы гәаҟрыла иахьҭахаз рзымхакәа, сара арҭ аԥсцәа рымаҭәа арымкәыкәаара сгәи сыламыси исдырҟаҵом!" – иҳәеит иара ҭакс.

Акомандир иажәа ахьыҩбаитәыз аҟнытә егьырҭ аибашьцәа ирыдиҵеит Лаврент мчыла, ишимуаз ишәҵатәқәеи ишьаҵақәеи иҭахаз рымаҭәақәа рыла ирыԥсахырц. Убри нахыс, аԥснытәи арԥыс акомандаҟаҵаҩ дӷәыӷәиго далагеит, еиҳа иахьшәарҭараз аҭыԥқәа рахь дишьҭуан.

Убас, 1944 шықәсазы нанҳәамза 19-20 рҽеиҩшамҭаз Румыниа ахақәиҭразы ицоз ажәыларақәа раан, аҭабиа иҭатәаны аӷа еихсуаз дрылан Лаврентгьы. Акомандир иҟаиҵаз адҵала аухантәарнак а-Матуа ҷкәына аҭабиа дҭыҵны, анҭыҵ дгыланы аӷацәа реихсра идын. Дахьхысуаз ихы баша икашәомызт, 20-ҩык аӷацәагьы рҭархара илшеит. Иџьоушьаша, уи ауха акомандир дызҭаз аҭабиа такәы аамҵыкәа аӷа иҭирҟьаз аснариад ақәшәан иԥыххаа иагеит. Лаврент инахарамкәа дышгылазгьы кьыс имоуӡеит.

Мимоза  циквитани - Sputnik Аҧсны
Арадио
Цикәтаниаԥҳа Аибашьра Ду азы: саб еиҭеиҳәон ашьа икаҭәоз аҵааршәы арӡыҭуан ҳәа

Абас зыԥсадгьыл азы акыр аџьабааи амыҟәмабарақәеи збаз Лаврент Тамшьыгә-иԥа Матуа аиааира даԥылоит Берлин ақалақь аҟны. Иара ахызаҵә хынтә дазымгацкәа дынхахьан – хынтә дкылкааны еихсхьан.

Аибашьраҿы иуалԥшьа нагӡаны даныхынҳә иқыҭа гәакьа аколнхараҿы аусура далагоит. 1949 шықәсазы Ҷлоу ақыҭа иалҵыз Жьениа Инаԥшьԥҳаи иареи рынасыԥ еиларҵоит. Ирхылҵуеит хәҩык ахшара аӡӷабцәа Еҭери Заиреи, аҷкәынцәа Вадики, Виачеслави, Рудольфи.

Аветеран Лаврент Матуа дара ддыргәамҵуан аибашьраҿы иоуз ахәрақәа, аха уи инмырԥшӡакәа аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа аус иуан иқыҭаҿы иҟаз аколнхараҿы, зны напышьашәала, зны ҳасабеилыргаҩыс уҳәа.

Лаврент Матуа аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы ианаршьахьан акыр ҳамҭа, иара убас амедалқәа: "Агәымшәаразы", "Аџьынџьтәылатә еибашьра 1941-1945 шықәсқәа рзтәи аҿы аиааира агара ҩажәа шықәса ахыҵразы", "Асовет Арбџьармчқәа 50 шықәса рхыҵразы", "Аҩбатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы афашисттә Германиа аҵкыс аиааира" уҳәа убас егьырҭгьы.

© Фото : Сусанна Ҭаниаԥҳа лҟынтәМатуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа ианаршьаз аҳамҭақәа
Имариамыз амҩа: ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа ианаршьаз аҳамҭақәа

Ауаҩ гәыраз, зыԥсадгьыл азы ашьа казҭәахьаз Лаврент Ҭамшьыгә-иԥа иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит иуаҩыбжара дышҭагылаз 1971 шықәсазы.

Ахыркәшамҭаз, абра иасырбарц сҭахуп амаҭа Есма Матуаԥҳа лажәақәа:

"Ҳәара аҭахым, имариамызт аӷа иқәцара, аха хацәнымырха аԥсадгьыл ахьчаразы еидгылаз ауаа риааишьа амаӡам. Урҭ ибзианы еилкааны ирыдыруан иззықәԥоз, ирҭахыз. Убри ауп изыбзоурахаз риааира. Иаҳхамышҭыроуп, иаҳгәалашәозароуп ҳахьыҟазаалак, уи аиааира зыԥсы ахҭнызҵаз аҵеицәа лашақәа. Иҭабуп, сабду! Иҭабуп, еибашьуаз, зхы иамеигӡаз аибашьцәа зегьы! Нагӡара ақәзааит Аиааира амш! Есымша иаҳзыԥшызааит аиааирақәа, ҳхы зқәаҳкуа аусқәа зегьы рҿы!"

Ажәабжьқәа зегьы
0