Аԥсуа "понт", апандемиа, аушьҭымҭацәа рбал: ашколтә ныҳәа аԥыхразы гәаанагарак

© Sputnik / Томас ТхайцукВыпускной бал
Выпускной бал - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра сынтәа ашколқәа роушьҭымҭацәа рныҳәатә хәылԥазқәа - абалқәа - рымҩаԥгара ҟалом ҳәа зҳәо ақәҵара аднакылеит. Ари ақәҵареи иааидкыланы абалқәа рымҩаԥгареи ирызку лгәаанагара ҳамалдоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсуа "понт", апандемиа, аушьҭымҭацәа рбал: ашколтә ныҳәа аԥыхразы гәаанагарак

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иҟанаҵаз алаҳәара инақәыршәаны ҳазҭоу ашықәс рашәарамза 25 рзы ихыркәшахоит аҵаратә процесс, аԥышәарақәа ракәзар, ԥхынгәы 1 азы инҵәоит. Аха, абраҟа ицәырҵит еиуеиԥшым агәаанагарақәа цәырызгаз даҽа ҳәамҭак. Аминистрра ишаанацҳауа ала "иаанкылоуп ақалақьтә балқәа". Иарбану шәызқәыԥшуаз, апандемиа акәу, уи иарҿиаз афинанстә кризис акәу ҳәа аминистр Инал Габлиа исҭаз азҵаара "агәабзиара ҳазхәыцуан" ҳәа аҭак сиҭеит.

Выпускной бал - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.06.2021
Аҵара аминистрра: аушьҭымҭацәа рзы ақалақьтә балқәа ҟалаӡом

Иахьа, ииашоуп, аԥкрақәа рӷьырак амхуп, ауаажәларра унарылаԥшыр, иубоит асабраданыҟәгараҵәҟьа ишаҟәыҵыз, убри аҟынтә, ашкол аушьҭымҭацәа рзы еиҳа аԥкарақәа заҭахузеи ҳәа азҵаатәқәа шьҭызхызгьы ыҟоуп. Адәахьала атәым дҳахәаԥшыр COVID-19 ацәаара ыҟамшәа иҟоуп. Аоперативтә штаб иаанацҳауа атәы ҳҳәозар, аҭагылазаашьа зынӡагьы иманшәалам. Аҵыхәтәантәи аинформациа ишаҳәо ала, игәаҭаз 302-а рахьтә 90–ҩык ачымазара рыдбалоуп. Иара убас ачымазара еизҳауеит ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи рыбжьара ҳәа арҭ амшқәа рзы адырра ҟанаҵеит Агәабзиарахьчара аминистрра.

Абас ала, аҵарадырра аминистрра ашкол аушьҭымҭацәа ашәарҭара рацәыхьчаразы ирыдыркылаз қәҵароуп. Апандемиа иарҿиаз ашәарҭара анаҩсангьы, ашкол аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа ахархьуаа рзы ҵҩа змам финанстә уадаҩроуп. COVID-19 ҟааланӡатәи атрадициақәа ртәы ҳҳәозар, "апонт" ҳәа ҳзышьҭоу иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рацәан. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы аиҿкаара, ақьафурҭахь ацара, анаҩс иҟан ақалақьтә бал - аресторан, нас ареспубликатә бал - аресторан. Абарҭқәа зегьы имаҷымкәа ахарџь рыцуп. Измоу рзы ипроблемамзар акәхап, аха зылшара маҷугьы рыхшара ргәы ҭамҷаҷарц азы абарҭ ахәылԥазқәа рҽырхьырыгӡон.

Шахматисты на берегу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2020
Аҟәантәи Калдахәаранӡа, ма акоронавирус агәра гара шаҳҭахым

Аибашьра ҟалаанӡа атәы ҳалацәажәозар, иҟан аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ашәҭқәа, ҳамҭас арҵаҩцәа рзы ашәҟәқәа. Иахьынӡасгәалашәо, ҳҭаацәа рзы уамак ибаргәымызт ашкол ҳалгара. Усҟангьы, аԥышәарақәа рышьҭахь аишәақәа рхианы ианазгәарҭоз ыҟан, аха иахьатәи "апонт" амҽхак зынӡа иацәыхаран.

Сара слацәажәеит сынтәа зыԥҳа ашкол иалго ԥшьҩык ахшара ран. Аԥҳәыс дынхоит Аҟәа. Лара лыхьӡ лҳәар лҭахымхеит, нас лыԥҳа лҩызцәа гәыбӷан лырымҭарц азы.

"Иҟоуп зыхә ҳараку аҵкқәа зыԥҳацәа ирзаазхәарц зылшо. 40 нызқь ҳәа иаазхәо дубап. Ҳара уиаҟара ҳалшомызт аҟынтә, еиҳа ирмарианы ҳшалгаша ҳазхәыцуан. Ацәҩыча аахәаны исыман схәыҷы лзы, аха уажәшьҭа абал ҟамлозар, аҵкы ҳӡахру иҳамӡахру ҳаздыруам. Сныхтәқәа еиҳа имҷхаргьы ауеит", - лҳәеит аԥҳәыс.

Акырынтә ҳаԥхьахьеит аҳәаанырцә ашкол иалго агәыҳалалратә акциақәа ҟаҵаны, абалқәа ракәымкәа баша аԥсшьара еиҿызкаауа шыҟоу. Аха, аԥсуа "понт" атәы ҳҳәозар, ҳхыза заҟароу ҳаԥшны акәӡам ҳшьапы шеиҵаҳхуа. Сара дсықәшәеит абал хымԥада имҩаԥгатәуп ҳәа изыԥхьаӡо ан. Лара "ашкол аушьҭымҭацәа рныҳәа абжьыхра аҭахым, ачарақәа руеит, нас абал ҟалар иамоузеи?" ҳәа азҵаара сылҭеит. Ҳаицәажәараан COVID-19 алеишәа шыцәгьоу атема анцәырызга, "егьырҭ ирыхьуа ҳаргьы иҳахьып" ҳәа саҭалкит. Ашкол алгара иацу ахарџь азы уи аԥҳәыс илҳәеит "60 нызқь ишеиҵамхо, цқьа иуԥхьаӡар, еиҳахаргьы ауеит, иҟоуп 40 нызқь иаԥсоу аҵкы аазхәаргьы зылшо, аха урҭ сара срацлабуам", - инацылҵеит абал амҩаԥгара иадгыло ан лажәа.

Соцсети - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2021
Аура шахабаала иркуеит

Асоциалтә ҳақәа ҳрыхәаԥшыр, Аҵара аминистрра иаднакылаз ақәҵара иақәшаҳаҭым рацәаҩуп. Иақәшаҳаҭу ыҟазаргьы, иԥхашьаны рыԥсы ахдырӡаауам. Сиацәажәон Галтәи 2-тәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр.

"Ҳара сынтәа ашкол ашҭаҿы имҩаԥаҳгоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, иара убас аттестатқәа рыҭара", - иҳәеит иара. Абал аӡбахә азы "ныҳәа бзиан, афинанстә ҳәаақәа рмаҷызҭгьы" иҳәеит ҩыџьа аҭыԥҳацәа ашкол иалзыргахьоу иаҳасабала. Адиректор Кәакәасқьыр сынтәа апандемиа иахҟьаны иаанкылоу абал аҭаацәа зны-зынла иахҭнырҵо дазхәыцуа ирониатә ҟазшьала абас  иҳәеит:

"Ҳчарақәа ирҩызахеит. Аҭаацәа реиндаҭлароуп иара шьаҭас иамоу. Араионқәа рҿы ари аус еиҳа имариоуп, аҳҭнықалақь аҿы афокусқәа рацәоуп", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2020
Онлаин акәу лабҿабоу: акарантин аан аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы агәаанагара

Анаҩс сыҽлымаздеит Гагратәи 1-тәи абжьаратә школ адиректор Хана Гәынԥҳа. Абалқәа ахьаанкылоу азы аҵаҩцәа ирҳәозеи ҳәа санлазҵаа, "хымԥада ахәыҷқәа ргәы иалсит, рҽазыҟарҵон" ҳәа азгәалҭеит. Гәынԥҳагьы илҳәеит аминистрра иҭнажьыз ақәҵара инақәыршәаны  дара ашкол ашҭаҿы ишымҩаԥырго аушьҭымҭацәа рныҳәа.

"Аттестатқәа анроулакгьы, "идырхиаз рышәҵатәқәа ахьыршәырҵаша рыԥшаауеит усгьы", - лҳәеит лара, аҭаацәеи ахшареи уи аныҳәа аганахь ишаанырмыжьуа дазхәыцуа. Аҭаацәа ашкол иалдырго рхәыҷқәа рышәҵатәы иахҭнырҵо азы адиректор Гәынԥҳа "апонт апроцент ҳаркуп" ҳәа ахҳәаа азылуит.

Асовет аамҭақәа рахь сгьежьуазар, сара 1980 шықәсазы саналгоз усҟан директорс иҳамаз Пантик Табаӷәуа азин ҳаимҭаӡеит џьара ҳаизаны "акампани́́а" ҳәа изышьҭаз амҩаԥгара. Ус ҟаиҵеит, избаназар шықәсык уи аԥхьа ақыҭаҿы ҭаацәарак рҿы имҩаԥыргоз аныҳәа ауха аҷкәынцәа ргәы нибархеит. Ажәакала, ашкол салгара иадҳәаланы абанкет захьӡу сгәалашәараҿы иҟам, уамакгьы ихьаасымгеит усҟан. Ашкол ашҭаҿы ҳаизганы арҵаҩцәа ҳадныҳәалеит. Убри ашьҭахь, ҳарҵаҩцәа қәыԥшцәа ҳацны шьапыла Кәтоли Тамшьи аспидола кны ашәа арҳәо ҳабжьысит. Уи аныҟәара уажәгьы иԥхаӡа сгәы иҭоуп. 

Сынтәа 2021-тәи ашықәс азы, "апонтқәа" рыхә акыр ихалахьеит, ачымазара ҿкы акашәа имбакәа, знык аттестатқәа роур, ашкол анҭыҵ агәырӷьаратә хәылԥазқәа еиҿыркаашт алшара змоу аҭаацәа рыхшара. Ақыҭа хәыҷқәа ракәзар, ахааназгьы еиҳа ирмарианы иахысуан ари апроцесс...

Мҩамш, ашкол аушьҭымҭацәа!

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0