Аура шахабаала иркуеит

CC0 / / Соцсети
Соцсети - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рҿы зхымҩаԥгашьа ԥшӡам аҿарацәа зну анҵамҭақәа лассы-лассы ицәырҵуа иахьалагаз зыхҟьаз, насгьы маӡала иҭыхны ауаа ирылазырҵәо ахьынӡаиашоу, иара убас аҿар рааӡара апроблемазы лгәаанагара лҳәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц азы раԥхьатәи сколонка анысыҩуа, Аԥсны ахи аҵыхәеи амца қьоуқьад ахысуеит. Иҟалаз ашоура иарманшәалеит амца инароуны аҽеиужьразы аҭагылазаашьа азаԥҵара. Амца ахала еиқәылом, ари зегьы ауаҩытәыҩса ирҿиаз ауп.

Асоциалтә ҳақәа рҿы уажәы-уажәы иаацәырҵуеит амҩа дуқәа рҿықәаҿгьы абылра иаҿу аҵиаақәа амцарцәаҩцәа рымчқәа еизганы арцәара ишаҿу. Ари гәалсроуп.

Руки пожилой женщины - Sputnik Аҧсны
"Зегьы ҳреиԥшхама?": аҿатәуааи абыргцәа рроли ирызкны

Иҳалагьежьуа COVID-19 атәы ҳҳәозар, акыр аҽарӷәӷәеит, ахархьуаа реиԥш, атәыла аиҳабырагьы ирхысит. Аԥсны ахада апандемиа аамҭазы аԥкрақәа шалеигалазгьы, ҳтәылауаа рсоциалтә даҟьақәа рҿы иқәдыргыло аҭыхымҭақәа иаҳдырбоит, асоциалтә хьчара иазымхәыцкәа ашықәсҿыцазтәи акорпоративқәа шымҩаԥысуа ҳқьафурҭақәа рҿы. Аԥкрақәа еилазго рзы иахьазы штраф џьбарак аӡбахә смаҳацт. Азин еилазго рзы амчра шымчыдоу убагәышьоит.

Абарҭқәа зегь иаадырԥшуеит ҳарҭ ҳзакәанқәеи ҳатрадициақәеи ҳәа абжьааԥны бжьыҭгала ҳазлацәажәо зегь шбашацәажәароу.

Арҭ амшқәа рзы асоциалтә ҳақәа рҿы зегь еимдырххоз нҵамҭаны иҟалеит аҿар Аҟәа ақьафурҭақәа руак аҿы Ашықәс ҿыц ахьазгәарҭоз ҭыԥҳак амыцхә лҽеилыхны дахьыкәашо. "Дышьтәуп, дыкнаҳатәуп, сара дыстәызар илзызурыз" уҳәа реиԥш иҟоу лексикала аха змаз зегь алацәажәеит.

Асоциалтә ҳақәа ҳара ҳаԥсҭазаара хәҭак аганахь ибзианы иаҳнырзаргьы ҟалап, иаҳҳәап, хра злоу аинформациа аиуразы, аимадаразы, аха зегь акоуп уи иаанарԥшит аӷрара шҳалоугьы. Ари зхысҳәаауа, ауаҩы игу иҿаҿы иаҳәара аҭыԥан, даашьацәхнысларгьы, ифото, ма авидео ҭыхны анонимцәа асоциалтә ҳақәа рахь идәықәырҵоит. Убри аамҭазы аӡәгьы дазхәыцӡом уи иахылҿиаар шалшо атрагедиа.

Аамҭақәак аԥхьа зықәра наӡамыз ҭыԥҳак лҽылшьит, лара дызныз, мыцхәы деилыхны дахьыҟаз зныз авидео асоциалтә даҟьақәа ианырнырҵа...

Иахьа аҭаацәа ахшара ирыгдырхо ааӡара адунеи иалагьежьуа атәым культура иханарҭәаауеит. Аамҭа убас иҟалеит, ани аби аԥарарҳара рҽарҭацәеит, уи иахҟьаны ахәыҷқәа адунеи амода шьҭыркаауа иалагеит. Иҳамбаӡакәа иаҳтәымыз акультура ҳашәхымс иаалагылеит. Атрадициақәа зынӡа кьыс рымамкәа, анкьа ишыҟаз инымхозар акәхап, аха усгьы, аҭаацәеи ашколи ируалуп ахәычқәа рхылаԥшра, урҭ иаҳтәуи иаҳтәыми еиҩырдыраауа аҟаҵара. Абарҭқәа ирыхҟьаны, зықәра наӡам аҿар европатәи, ма даҽаџьаратәи акультура рҽадырхалоит, альтернатива анырмоулакгьы.

Ажәытәан аҭыԥҳа џьара данцоз ус лхала дрышьҭуамызт, лашьцәа днаргааргон. Иахьа аамҭа аҽаԥсаххьеит, ҳҿар Аԥсны анҭыҵгьы ицаны аҵара рҵоит, рани раби уахьтәи аԥсҭазаара хылаԥшра аҭара рзымариам. Аус злоу ахәыҷы данхәыҷу иузилааӡаз ауп, нас иара дандухалакгьы, ихала иалихуеит ииашоу амҩа.

Ус акәзаргьы, аҳәара уадаҩуп абиԥарақәа аивгарақәа рымам ҳәа, избанзар ибылгьо адунеи иалоу атәым культурақәа аԥсҭазаара иҳаланагалоит, уи аҽацәыхьчарагьы мариам. Ҳара ҳанқәыԥшқәазгьы, бжьаратәла 1980-тәи ашықәсқәа рзы адискотекакәа рахь ҳныҟәон. Хымԥада, ажәытәуаа ҳрызҵаар, ари аԥсуа культура иатәымызт, аха ҳара ҳазлагылаз аамҭа иаанагаз ҳацныҟәон, аха ҳшаԥсацәоу ҳхамыршҭыкәа. Усҟан адискотекақәа рахь ҳхала ҳцомызт, иҳацын акурс аҿы аҵара ҳацызҵоз ҳҩызцәа.

Осколки стакана  - Sputnik Аҧсны
Аҭыԥҳа аҵәца даҩызоуп: зыԥшӡара злахьынҵа ареиқәаҵәаз аԥҳәыс лызхәыцра

Иазгәасҭарц сҭахуп, ҳашьцәа уа иҟамзаргьы, ҳҩызцәа игәцаракны ишаҳхылаԥшуаз, уеизгьы-уеизгьы иакәым ҟаҳҵарц ҳгәы ишҭамызгьы. Иахьа изқәыӡбо зҽеилыхцәаны икәашоз аҭыԥҳа лықәлацәа роуп аныҳәа дызцаԥылоз, илшәыз угәы еихьнашьуеит ада, уаҳа даҽа бааԥсык ҟалымҵеит, аха лҩызцәа рахьтә дҟамлаӡеит аӡәы, акы набышәхарԥа, ас иԥхашьароуп зҳәоз. Ус анакәха, ари зегь рзы инормахазар? Аибашьра ашьҭахь абырсҟак аҽаԥсахма ҳахдырра?!

Зегь реиҳа ирыцҳароу абри аҭагылазаашьаҿы, маӡала иҭыхны асоциалтә ҳақәа ирылазырҵәо аноним иоуп. Гәҭакыс имоузеи уи? Иҟалҵо шиашам леиҳәарц? Мап, уи игәы иҭазҭгьы, ма длыдгыланы иҳәарын, ма лҭаацәа азусҭцәоу еилкааны ргәырҽаниҵарын. Сгәанала, иара аԥсуарагьы уамак хьаас имам, авидео автор аноним-джьышуеит, ииҭахыз - иану аҭыԥҳа аиакәым дақәдыршәар ауп. Иара игәҭакы агәымхаратә ҟазшьоуп иамоу.

Аура шахабаала иркуеит шырҳәо еиԥш, зықәра наӡам иакәымк аныҟарҵо хаала рхы иҭагалатәуп, ас ажәлар ада ҳәатәы рмоуа аҟаҵара аиакәым ахь икылнагар ауеит. Ибзианы иаҳдыруеит ари аҩыза ахҭысқәа абааԥсы рылҵыр шауа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Абџьар аҩысҭаа дҭатәоуп

Зегь реиҳа иџьашьатәу, аҭыԥҳа илықәыӡбо реиҳараҩык рхаҭа рнысымҩа набыцрак аламкәа иҟоумашь? Иақәыӡбо рыхшара зҿу рхаҭагьы ирзымдыруа иҟазар? Сара сахьахәаԥшуа ала, иахьатәи ауаҩы дымҽыӷхеит, ашьҭибахра, ауаҩы игу иҿаҿы изнагара ацәаара еиҳа-еиҳа иаӷахо иалагеит. Иҟалап иахьатәи адунеитәи амода ахыԥша ҳацәцаны ҳхатә культура аиқәырхара ҳалшаргьы, аха уи ахшара зааӡо аҭаацәа аԥарарҳара мацара рхы амҭакәа, рхатәы ҿырԥштәыла абзиа аганахь ихьадырԥшлароуп, мамзар ҳаанхоит зхатә культура зцәыӡны иҟоу милаҭны.

Миха Лакрба иновеллақәа руак аҿы, адәыӷба зҽаҵажьны зҽызшьыз аҭыԥҳа ахаҵа еиқәа лышьан. Избан акәзар лара илҭахымызт лдунеи анылыԥсахлак ашьҭахьгьы дыхтны ишакәым дырбар. Абас иҟан анкьа аамҭа, иахьа аҽыхтра аԥыжәара аго иалагагәышьеит. Анкьа ари ажәабжь ашколтә программа иалан. Издыруада, ари атема аҿар ирцәыбжьахазар, ишахәҭоу ирызнарымгазар? Ирцәыбжьамхазҭгьы, ас ҟаларымызт…

Ажәабжьқәа зегьы
0