Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит

© SputnikТраур
Траур - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.06.2021
Анапаҵаҩра
"Иҟалашт исымазкуа дҟаларгьы, аха усгьы, ашәы аныҟәгара сшазыҟоу иазкны нҵамҭак сҭахын еснагь", - абас лыҩуеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа аԥсра иадҳәалоу аҵасқәа ртәы дырзааҭгыло.

 Исҭахын, аха ҳара ҳҿы ишьақәгылахьоу аԥсра иадҳәалоу ашәныҟәгашьа аҿагылара хырҳага злоу усым. Ус акәзаргьы, иаахҵәаны салагамҭаҿы исҳәоит, ашәы ауаҩытәыҩса игәалаҟара зырхәашьуа, игәы ҭазырҷаҷо усны сшахәаԥшуа, акыраамҭа уи аныҟәгара сшақәшаҳаҭым. Ҳаамҭазы анкьеиԥш иҵыртланы, раԥхьа апортрет кыдҵаны ашәы ныҟәызго шамаха иуԥылом, аха зегь акоуп Аԥсны амаҭәа еиқәара аԥыжәара шаго убоит, еиҳаркгьы аиҳабыратәи абиԥара иныҟәырго ацәамаҭәа уацклаԥшыр.

Ацәашьы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2019
Аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа – ашәаџьҳәареи аҷаԥшьареи

Анкьа анысҳәа, асовет аамҭазы сыла иабаз атәы сҳәозар, акыр иахырҟьаны ашәы ныҟәыргон. Усҟан аҳәса ацәҩыча еиқәаҵәа аахәаны ҷыдала рымаҭәа рӡахуан. Санқәыԥшӡаз саб идунеи иԥсахит. Сара аҵарахьы сыҟан, саанӡа сыҵкы еиқәаҵәа рӡаххьан. Уи шыӡахыз, формас иамаз атәы сҳәозар, акыр иҿаасҭаны, ухы угәы ахзыршәаша акәны схаҿы инхеит. Аԥсра ашьҭахь сҵарахьы сгьежьит. Сахьҭаз атеатртә институт аҿы акәашара, аритмика, асценатә неиааира уҳәа, уажәы-уажәы аҽыԥсахрақәа аҭахын. Ишысгәалашәо ала, ақырҭқәа аԥсра аҽны акәымзар, ашәы ршәырҵо сымбацызт. Ашәы аныҟәгара гәцаракны измаз агырқәа ракәын. Иҟалап, ҳара урҭ ирҿаҳҵаазгьы ыҟазар, еиҳаракгьы - аԥсы ипортрет агәаҿы акыдҵара.

Сҵарахьы сеиҭагьежьуазар, дук хара имгакәа сеиқәаҵәа сшәысхит, акы уи сгәалаҟара еиҳагьы иархәашьуан, саб адунеи шиԥсахыз есыҽны исыҵанаҳәон, иҩбахаз сҵара аус аҿы иманшәаламызт. Убри аахыижьҭеи, акырынтә аԥсрақәа ҳашрықәшәахьоугьы, инамыцхәны ашәы ныҟәсымгац, зегьы ианреиҳаха ҩынҩажәамш, акасы акәзар зынӡа исхасҵаӡом, сыхәдагьы иҭасмыршәыцт.

Аԥштәы апсихологиа, мамзаргьы ашәы - ашәы абоит

Ашәы зызныҟәугаша Анцәа уақәимыршәааит ҳәа рҳәо саҳахьеит. Санду илҳәалон, ажәытәан "ршьапы хтны, ржакьа аужьны ахацәа џьабон" ҳәа. Аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа ишәҟәы "Очерки об абхазском этикете" аҿы абри атема далацәажәо, иааигоит Феодор Торнау Кавказтәи ианҵамҭақәа рҟынтәи ацитатақәа: "…. Жена и родственницы покойного были одеты в длинные рубахи черного цвета. Они были босые, с открытой грудью и с распущенными волосами. Лицо, грудь и руки их были исцарапаны и избиты до крови…". Аурыс офицер дызлацәажәоз 19-тәи ашәышықәса а-30-тәи ашықәсқәа рзы иибаз ауп. Сара уи аҩыза сахааным, аха усгьы сзыхьӡазгьы ыҟоуп.

Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2019
Ашьамаҟа – аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

Сан сара дысгәалашәонаҵы шамаха амаҭәа лаша лышәны дсымбацызт. Ҳҭынхак здунеи зыԥсахыз зынӡа дгәакьамзаргьы, аиқәаҵәа ныҟәылгон. Аамҭак азы лара, ашәы аныҟәгара лгәы кыднаргылан акәхап, даалаган акымкәа, ҩбамкәа илашаз амаҭәақәа лӡахит. Илӡахит, аха аԥсҭазаара илнаҭомызт уи аныҟәгаразы алшара, зны лан лдунеи лыԥсахит, нас санду, нас саб, сашьа уҳәа илӡахыз амаҭәа лаша ашәҵаха лмоуӡеит. Уи илӡахыз лымаҭәа лашақәа ашьқаԥ ишҭакнаҳаз аибашьра иалагеит. Нас, аибашьра дырҩагьых илзаанагеит ашәы ззылшәылҵашаз атрагедиақәа. Абасала, сан ашәы шылшәыз дымҩасит сҳәар сылшоит.

Санду лахь сгьежьуазар, ашәы аныҟәгара лҽадылцаломызт, уимоу хра злоу усны илыԥхьаӡомызт, "аԥсы имыхәо, абза дзыргәамҵуа" лҳәон лара еснагь. Знымзар исгәалашәом акасы еиқәаҵәа лхаҵаны џьара днеиуа. Санду леиԥш ҳаҩны инеиуаз абыргцәа аиқәаҵәаҵәҟьа ззырҳәо рышәҵаны исымбацызт. Нанду лыԥсы анҭаз иҳалҳәахьан "сара сыԥсит ҳәа ашәы шәшәышәымҵан, нан" ҳәа. Усҟан сан илықәлаз ракәын ашәы еиҳа зҽадызцалоз, иҳаланхоз агырқәа ирҿырҵаау сыздыруам. Хыхь иаазгаз Торнау иазгәаҭақәа ракәзар, акыр рҽеиҭаркит, иахьа зшьапы хтны иџьабо хаҵагьы, ԥҳәысгьы аӡәгьы дубом. Ҳазҭагылоу аамҭазы, ахаҵа аԥсра аҽны еиқәароу акьаҿ ишәимҵозар, аҳәса реиԥш шықәс наҟьак ашәы ныҟәиго дыҟам, ииашоуп, зны-зынла 40 мшы зжакьа аузыжьуа ахацәа збахьеит. Ус акәзаргьы, ашәы аныҟәгара иахьатәи атрадициақәа рыла, еиҳарак аҳәса роуп иззынхаз. Аӡәы иҳәашт, ашәы ныҟәгалатәуп, уи ҳара икаҳажьыр ииашам ҳәа. Хәҭакахьала, ииашоуп, аԥсра иадхәалоу ритуалуп, аха шәазхәыц имариоу усума есыҽны аус зуа аԥҳәыс лзы иааиԥмырҟьаӡакәа аиқәаҵәа аныҟәгара? Иабанӡаиашоу аус зцууа аиқәаҵәа ҵаула ала ргәалаҟара анырра аҭара. Ажәытә аамҭақәа рзы хымԥада, аҳәса ацәгьарахьы иршәырымҵозар, ҳа хаиԥш аус уны аԥара арҳара рыдмызт. Сара сызлацәажәарц исҭаху, аԥсраҿы аҟаԥшь ушәҵаны унеироуп акәӡам, исҳәарц исҭаху - ахырҟьара аҭахым, ашәы ауаҩы игәалаҟара еицазкуа акәны сахәаԥшуеит. Даараӡа игәакьоу дыԥсызар, ҩынҩажәамш рҟынӡа иныҟәугар ауеит, анаҩс еиҳа ихәышлаԥсу ацәҩыча иалху ашәҵатәахьы уиасыруп сгәахәуеит.

Ансамбль Нарҭаа алахәыла, 105 шықәса зхыҵуа Лыхны ақыҭа иеиуоу Ҭемыр Уанаҿа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.12.2019
Аҽықәыргылара, аҭарчеи аныҟәгара: аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

Санду ишсалҳәоз ала, иаҳҳәап лара лқәыԥшра аамҭазы 1920 -тәи ашықәсқәа рзы ашәы ҳәа иршәырҵоз акәаԥкәаԥқәа злаԥсаз, зыҵа еиқәараз ацәҩыча иалхыз амаҭәа акәын. Анаҩс, "агырқәа Аԥсны ианықәнагала ирҿаҳҵааз рацәоуп, агәы апортрет кыдҵара нацҵаны" лҳәон лара. Сахаануп, аԥсыжраҿы амузыкантцәа анҭаргалоз агәакьацәа. "Амузыка ааргеит" рҳәон, ашҭа иҭалоз оркестр азы. Уи аазгоз агәакьацәа ракәын - абхәараа, ма амаҳә ишьҭра. Аԥсыжра аҽны амузыкантцәа тәаны илахьеиқәҵагоу амузыка адырҳәон, аԥсы иихагылаз ашәы ршәын, акасы рхан, ргәы икыдын иԥсыз исахьа ихыгьежьааз амедалион иҭасаны. Абарҭқәа ракәын санду "агырқәа ирҿаҳҵааит" ҳәа дызҿыз. Ашәы ауаҩы изныҟәигоз, дырҩагьых нанду лгәаангарала, ауаа алыԥсаа дышимо рдырырц, алаф иарымҳәарц уҳәа, дшыџьабо еилыркаарц азоуп. Ус акәзаргьы, иахьа акырынтә избахьеит, ашәы ныҟәызго аҟырҟырҳәа ианыччогьы, акаҳуажәырҭақәа ианрыҵоу, ачарақәа рахь ианнеиуа... Ашәы ныҟәызго иара иацу аетикетгьы дықәнаҟәароуп, изызныҟәымго, ишәимҵар еиҳа еиӷьзаргьы ҟалап.

Коӷониаа аижәлантәқәа рнышәынҭра. Иуа Коӷониа иҳаҭгәын - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2019
Зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа, мамзаргьы аԥсра шҽырбагахаз

Апсихологцәа ишазгәарҭо ала, ашәы ауаҩы ипсихика иаԥырхагоуп. "Инеиԥынкыланы ашәы аныҟәгара ауаҩы игәалаҟазаара архәашьуеит",- ҳәа илыԥхьаӡоит апсихолог Алиса Хәараа. Ҳара ҳаицәажәараҿы ҳазааҭгылеит иаҳҳәап, арҵаҩы, ма ааӡаҩ ашәы лышәҵаны есыҽны аҵаҩцәа рахь днеиуазар, ахәыҷқәа уи шырԥырхаго, инегативны рдунеихәаԥшра ишаныпшуа. Хәарааԥҳа абри азы "ахәыҷқәа есыҽны дырбалоит зылахь еиқәу ауаҩы, нас уи дара ирԥырхагамхар алшома?-ҳәа азҵатәы цәырылгеит.

Игәасҭахьеит аԥсҭазаараҿы, ауаа ирҳәарызеи ҳәа иацәыԥхашьаны иныҟәызго шыҟоугьы. Иҟоуп ҳәарада, уи традициала изылааӡо. Сара дыздыруеит аибашьра ааилгазар ашәы зшәу аԥҳәыс. Лара лҭаацәараҿы аамҭа-аамҭала аԥсыҭбарақәа ҟалоит, убри аҟынтә, еснагь ашәы лшәуп, еснагь лылахь еиқәуп. Аибашьра иаҳхаҳгаз аԥсыҭбарақәа ацын, анацәа, аиҳәшьцәа уҳәа ашәы ршәырҵар акәхеит. Ииашоуп, ари аамҭазы ашәы ҵыртланы аныҟәгара аамаҭа цахьан, аха зегь акоуп ҳаԥсҭазаараҿы акыраамта ашәы аԥштәы аҳра ауан. Исгәалашәоит аамҭак ашьҭахь Аԥсны анацәа рхеидкыла ахада, аибашьраҿы зыҷкәын дҭахаз Гәыли Кьычԥҳа "ҳкасқәа ҳхаҳхроуп" ҳәа анацәа рахь ааԥхьара шыҟалҵаз. Ажәытә-аҿатә атәы бзианы издыруаз Кьычԥҳа илҭахын иара усгьы згәы ҭаҷаҷаны иҟаз анацәа, акасеиқәаҵәа аҭыԥан еиҳа илашоу аԥштәы алырхырц.

Санду леиԥш, саргьы сыхшара ажәа рзынсыжьхьеит, сдунеи анысыԥсахлакгьы, сыхьӡала ашәеиқәаҵәа аныҟәгара иазхьамԥшырц. Апсихолог Алиса Хәараа лажәақәа рыла: "Иҟоуп аԥштәы психологиа, аԥштәы терапиа", - уи иаанго убри ауп аԥштәы ауаҩы идунеи анырра анаҭоит. Хәарааԥҳа "ауаҩы дарчмазаҩыр ауеит акыраамҭа аиқәаҵәа аныҟәгара, иара изыхҟьо изымдыркәа аҳақьымцәа рахь ныҟәатәыс иоуеит", - аха ҳаамҭазтәи ахақьымцәа анервчмазарақәа ашәы ишахҟьо ибзианы еилыркаауеит азы "ирлас-ырлас апсихологцәа рахь ирышьҭуеит ашәи агәырҩеи адепрессиа зызцәырнаго, зхаҭа иззеилымкаауа апациентцәа", - ҳәа азгәалҭеит апсихолог.

Похороны - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2020
Аншьан, Самақәа: аԥсуаа ртрадицатә культураҿы аԥсра иадҳәалоу ақьабзқәа

Аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩ Цира Габниаԥҳа ари атемала ҳаицәажәара ахы ажәаԥҟала илкит: "Ашәы-ашәы абоит. Аԥсра ахы рацәанашьаӡом" ҳәа рҳәоит аԥсуаа лҳәеит, аиқәаҵәа аныҟәгара армыцхәра азы. Аҵарауҩ ишазгәалҭо ала, ихҭоукцәар "аԥсра, иара нцәахәык аҳасабала ҳахәаԥшуазар, еснагь ԥсрак аҿы иаангылар аҭахым ҳәа иԥхьаӡоуп, ахы рацәанашьаӡом". Абас ауаа аԥсцәаҳа ианыхҭеиклак, инеишьҭаргыланы аԥсыҭабарақәа ҩнаҭак аҿы ианыҟалоз "аԥсра аҿаҳәара ҟарцон" ҳәа азгәалҭоит аҵарауаҩ. Уи анымҩаԥыргоз, аҩны аԥхьала ашаха нахаршәны нас иааизакны иҿарҳәон "аринахыс иҿаҳәазааит" аԥсра аанаго. Ашәы аныҟәгара уи ритуалуп, аха зегь акоуп ауаҩы иахыимырҟьароуп, - ҳәа дахәаԥшуеит Габниаԥҳа "ашәы, ашәы абоит" ззырҳәозгьы убри ауп лҳәоит лара.

Илашоу аԥштәы агәалаҟара бзиа унаҭоит, еиқәароу алахьеиқәара, уи иҭҵаау ԥштәы терапиоуп. Нас, ус анакәха, акыршықәса аиқәаҵәа аныҟәгара ауаҩы иԥырхагамхар ауама, иззишәу агәырҩа иазкызаргьы? Агәырҩа азыхҽуама ашәы? Сзацәажәоз апсихолог лгәаанагарала: "Иҟоуп иԥсыз егьи адунеи ахь ицара аилкаара аамҭа. Уи аамҭас ҩымыз, хымыз роуп иаҵанакуа. Ус анакәха, ҩынҩажәамш рнаҩс ашәы аҽадцалара иашам ҳәа исыԥхьаӡоит" лхәеит лара. Афольклорист Габниаԥҳагьы лгәаангара апсихоголог лтәы иашьашәалоуп, "40, 52 мшы ирхыгамзар еиӷьуп" лҳәеит лара ашәныҟәгара аамҭа дазхәыцуа.

Сара сылацәажәоз ашәы аныҟәгара апсихолог илҳәан еиԥш "амцхә ахырҟьара, аамҭа рацәа аныҟәгара аелементқәа ацны" ҳаԥсҭазаара иалубаауеит. Апсихолог Хәарааԥҳаи сареи ҳаицәажәара ахыркәшамҭазы исалҳәеит "ибыҩуа атема згәы иҭаны, аха иззымҳәо акыр ирыхәоит, изгәамԥхо дҟаларгьы" ҳәа…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0