Аԥсуа "еибашьра", мамзаргьы акриминал абӷа аныӷәӷәоу

CC0 / / Пистолет
Пистолет - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиатә ҭагылазаашьа инаваҟәыло акриминалтә еидысларақәа рҭыӡшәа аацәырҵуеит. Аԥсуа-ақырҭуа еибашьра 28 шықәса раԥхьа ишынҵәазгьы, иахьа уажәраанӡа аҩнуҵҟатәи аибашьра ахыԥша нымҵәац ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Асовет аамҭазы изызҳаз ауаҩы иаҳасабала, акыр исзымбатәбароуп ацәгьоура џьбарақәа ҟазҵо ауаа азакәан иамкуа, рхы иақәиҭны, ирҭаху ҟаҵо ҳаԥсҭазаара иахьалоу. Аибашьра анцоз уажәы-уажәы иҭахаз ирыдҳәалаз аинформациа шааиуаз еиԥш, акриминалтә еибашьра иазку аинформациа асоциалтә ҳақәеи аинформациатә хархәагақәеи рцәаҳәа хадаҿы игылоуп. Урҭ аидысларақәа аԥсыҭбарақәа рыцуп, насгьы ауааԥсыра рзы ишәарҭоу аҟазшьақәа змоу еиҿахысрақәоуп.

Аԥсуа "еибашьра", мамзаргьы акриминал абӷа аныӷәӷәоу
Ԥхынгәы 17 ахәылбыҽха асааҭ 8 шыҟаз иааҳалаҩит Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы аиҿахысра ҟалеит, ҩыџьа ауаа ҭахеит ҳәа. "Беслан Ӡыбеи Гәдалиа Руслани рыԥсҭазаара иалҵит, Аслан Зыхәба арепубликатә хәышәтәырҭа аԥсеиқәырхаратә ҟәшаҿы аҳақьымцәа иԥсҭазаара аиқәырхара иазықәԥоит", - абас аанацҳауан Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Уи ашьҭахь даанкылан ауаҩшьра иалахәу ҳәа иԥхьаӡоу Игорь Гәдалиа, зыԥсы еиқәдырхаз Аслан Зыхәбагьы амилициаа аамҭала дааныркылеит. Аиҿахысра еиҭа иалахәыз ҳәа иԥхьаӡоу Гарри Аҩӡба иакәзар, дыбналаны дыҟоуп.

Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа ҳрышьцылахьеит, аха иахьатәи сыҩтәы ззыскырц исҭаху, ҩыџьа абри аиҿахысра иалахәуп ҳәа иршьо, иџьбароу ашьауӷатә ус аҵыхәала уаанӡа иаанкыланы иахьыҟаз ауп. Иааныркыло зегь ахара рыдымзар акәхап, аха дара рус Иреиҳаӡоу аӡбараҭаҿы акассациатә хәаԥшра аиуаанӡа ирылшеит даҽа цәгьоурак аҽалархәра. Ишәгәаласыршәоит, хәажәкырамза 2020 шықәсазы амилициа аусзуҩцәа иреихсит, аҿагылара ӷәӷәа аадырԥшит ҳәа ԥшьҩык - Гарри Аҩӡба, Аслан, Мизан, Аинар Зыхәаа - аанкылан.

Сотрудник полиции возле служебного автомобиля - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2020
Амилициаа хысрала ирцәыбналоз рус аӡбарҭахь инашьҭуп

Руаӡәы Мизан Зыхәба иакәзар, дук мырҵыкәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә хәаԥшра ашьҭахь ихы дақәиҭтәын. Иахьа иара апартиа "Амцахара" ацхантәаҩцәа дреиуоуп, аполитика ду инапы алакуп. Уажәтәи аиҿахысра иалахәу ҳәа иԥхьаӡоу Аҩӡбеи Зыхәбеи ракәзар, аабыкьа рашәара 28 рзы Аҟәатәи араион аӡбаҩ Александр Степанов апрокуратура ирыднаҵоз ахарақәа зегь рыла вба рымаӡам ҳәа рхы иақәиҭитәит.

Ишдыру еиԥш, аӡбарҭа ахара зыднамҵо ауаа адәы иқәлоит. Убас иҟалеит араҟа. Аԥсны Апрокуратура хада ари азы ашшыԥхьыӡ Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь иашьҭзаргьы, уи иахәаԥшаанӡа зыӡбахә ҳамоу Зыхәбеи Аҩӡбеи даҽа еидысларак рҽаладырхәит. Сара, асовет аамҭазы инхоз ауаҩы, арҭқәа иахьеи уахеи иџьазшьо соуп. Исгәалашәоит, ҳанстудентцәаз, атеатртә институт аҿы аҵара зҵоз Даӷьсҭантәи астудент аԥсшьара мшқәа раамҭазы амилициа аусзуҩи иареи еиҿанагалеит. Астудент инапы шьҭихит амилиционер иганахь. Арԥыс хышықәса аҭакра иқәырҵеит, иара аинститутгьы дҭырцеит.

Аԥсны аибашьра ааилгазар, акырынтә иҟалахьеит, автоинспекциа аусзуҩцәа, мамзаргьы егьырҭ амилициа иаҵанакуа аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа раҳаҭыр аныладырҟәуа, ианрышьклахысуа, аха уи азы инагӡаны уск азы ахара здырҵо шамаха иуԥылом. Ари иаҳнарбоит иахьа акриминалтә елементқәа злоу ауаа рыбӷа ӷәӷәаны ишыҟоу. Абарҭ иреиԥшу ахҭысқәа аныҟалалак, азакәан еилазгаз рзы "ибналаны иҟоуп" нахьӡҵаны, рхы иақәиҭны адәы иқәырҵоит.

Бга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2019
Бга ахьҭам ла ҭашуам, мамзаргьы акриминали амчреи еилаҵәар аналшо аамҭа

Аҳабла ҿыц аҿы уажә иҟалаз аиҿахысреи ауаҩшьреи инарыдҳәаланы ԥхынгәы 20 рзы Жәлар Реизара "атәылахьчареи ашәарҭадареи ркомитет" аҿы аилатәара мҩаԥган Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар уҳәа, урҭ аструктурақәа рхаҭарнакцәа алархәны. Аицәажәара ишаанарԥшуа ала, "амилициа аусзуҩцәа иааныркылоит, аха аӡбарҭаҿы рхы иақәиҭыртәуеит". Зны-зынла амаҷ азы абахҭахь ирышьҭуа аныҟоу, аиашазы, иџьашьахәуп амилициа аусзуҩцәа ирышьклахысуаз ҳәа 2020 шықәсазы аҵх агәазы Каман иаанкылаз ауаа хара рыдымкәа иԥшахьарсуа иахьдәықәу.

Аӡбарҭа ӡбарҭоуп, уи иаднакылаз аԥырызхыр зылшо Иреиҳау аӡбарҭоуп. Апрокурор хадеи амилициа ахадеи Апарламент аҿы рцәажәара ишаанарԥшуа ала, иахьа аӡбаҩцәа ацәгьоура хырҩа азуны, уи иалахәыз рхы иақәиҭыртәуеит. Апарламентуаа ракәзар, урҭ аӡбаҩцәа шьақәзырӷәӷәо дара роуп.

Ажәакала, аицәажәара алкаа азаҳуазар - амилициа, апрокуратура мчыдахеит акриминал ҟазшьа змоу аусқәа рҿы аҳра зуа ахаҿқәа рахьырхәраҿы. Дара ишырҳәаз еиԥш, урҭ аӡбарҭаҿы иоурышьҭуеит. Зегь звырбо аӡбаҩцәа ракәзар, урҭ лахь рыҭара имариам усуп. Аквалификациатә коллегиа ашҟа уи азы ҷыдала ауаа ашшыԥхьыӡқәа нарышьҭлар акәзаап. Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳуаажәларра ашшыԥхьыӡқәа рыҩра уамак бзиа ирбом, агәрагьы ргом аиашара аҳра аур алшоит ҳәа, избанзар "анапи анапи еибаӡәӡәоит" ҳәа иԥхьаӡоуп.

Жәлар Реизара адепутатцәа агәынамӡара аадырԥшит апрокуратура асаит аҿы абри ауаҩшьра инадҳәаланы ицәырҵыз аинформациазы. Дара иргәамԥхеит аиҿахысра иахҟьаны иҭахаз аветеран Ӡыба "идырны Гәдалиа Руслан дишьит, нас иашьа ишьа иурц Игорь Гәдалиа даалаган Ӡыба дишьит" ҳәа ахьану. Дара ргәаанагарала, аус макьана инагӡаны иҭҵаам, Ӡыба иакәу, егьырҭ ракәу аԥхьа ихысыз.

МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәызи иҟалаз шыҟалази атәы рҳәеит

Азинхьчратә усбарҭа ахаҭарнакцәа ирҳәеит дара ринформациа иҭырҵааз ацәгьоура ишахылҿиаауа, насгьы апрокурор хада иазгәеиҭеит ахҭыс зыбла иабаз ашаҳаҭцәа шцәырымҵуа.

Шәазхәыц, убри ахҭыс машәыршәа иақәшәаз ауаҩы иибаз иҳәар иԥеиԥшу? Акгьы иамкуа акриминал уи игәаӷ ркуеит, иҭаацәеи иареи ирԥеиԥшхогьы сеидроу. Ашаҳаҭҩы зынӡа дыхьчам ҳҳәынҭқарраҿы. Дызлахьчахои, иџьбароу ацәгьоурақәа рзы гәҩарас иҟоу ауаа рабџьар разқәынҵа ирҭаху ҟарҵозар?

Апарламент аҿы иҟаз аицәажәара иаанарԥшуеит 2015 шықәсазы имҩаԥгаз "аӡбарҭа асистема ареформа" алҵшәа бзиа шаанамышьҭыз. Уи азакәан ахәҭаҷқәа ишаадырԥшуа ала, иаҳҳәап, азеиԥш иурисдикциа аӡбаҩцәа рыҿҳәара 10 шықәса азоужьуп. Уи алагьы дара аналырхуа аус зуа амчра иазоужьу аамҭа акыр иахыгоуп.

Аӡбаҩцәа рхақәиҭра аҳаҭыраз иҟаҵаз ашьаҿақәа ахақәиҭра амҩа ианымлаӡеит, ацәгьоуцәа абахҭахь рышьҭра аҭыԥан, роужьра аҭыԥ амоуп. Ашьақәырӷәӷәара сцәыуадаҩуп, аха аӡбаҩцәа ма акоррупциа иалахәзар ҟалоит, мамзаргьы ақәыӷәӷәара рымоуп реиҳа зымчу рҟынтәи. Даҽакала иаҳҳәозар, акриминал абӷа ӷәӷәоуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0