Археологцәа Џьанҭоутәи ажырҭақәа рыҭҵаара иацырҵоит

© Sputnik Томас ТхайцукРаскопки.
Раскопки. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьанҭоутәи ажырҭаҟны археологиатә експедициа аусураан иаарԥшын ауаҩытәыҩса инхарҭа ашьҭақәа - ацә аскульптура зну апифос амаа ахәҭак, шәыга еиқәаҵәала ишәу ачысмаҭәа, арԥшӡагақәа.

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Тҟәарчал араион Џьанҭоу аҳаблаҟны ажырҭа ҭызҵаауаз ажәаҩатәи археологиатә експедициа аусураан археологцәа иаадырԥшит ажәытә нхарҭақәа рышьҭамҭа. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор, археолог Аркадии Џьапуа.

"Ҳара ҳгәы иаанагон аҭҵааратә усурақәа ушьҭа ахыркәшарахь инеиит ҳәа, аха абаҟа ааигәа-сигәа иҟаҳҵаз ажрақәа иаҳдырбеит уаҟа анхарҭақәа шыҟаз. Ари, ҳара акраамҭа ҳзышьҭаз ауп", — азгәеиҭеит Џьапуа.

Уаанӡагьы археологцәа араҟа иаадырԥшхьан заатәи абжьарашәышықәса иаҵанакуа анхарҭақәа. Аҵыхәтәантәи аарԥшрақәа азин ҟарҵоит араҟа ауаҩытәыҩса инхарҭақәа иҵегь заа иҟан ҳәа аҳәара – ҳера ҟалаанӡа XII – II ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа иазыԥхьаӡаны. Урҭ инарҭбааны рыҭҵаара археологцәа нап адыркуеит 2016 шықәса рзы.

"Иҵегь изаау анхарҭақәа иаҳдырбоит усҟантәи аамҭазы араҟа еиланхоз ауааԥсыра рынхашьа, анхараҟны рхы иадырхәоз амыругақәа. Ҳҭоурых азы аартрақәа ҳарзыԥшуп", — иҳәеит Аркадии Џьапуа.

© Sputnik Томас ТхайцукАркадий Джопуа
Аркадий Джопуа - Sputnik Аҧсны
Аркадий Джопуа

Есышықәса археологиатә експедициа алахәылацәа иҿыцу акы рыԥшаауеит иҳәеит аҵарауаҩ. Ажәаҩатәи археологиатә експедициа аусураан иаарԥшын ауаҩытәыҩса инхарҭа ашьҭақәа – ҳера ҟалаанӡа V-IV ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ацә аскульптура зну апифос амаа ахәҭак, шәыга еиқәаҵәала ишәу ачысмаҭәа, арԥшӡагақәа.

"Ари аскульптура 2500 шықәса рҟынӡа ахыҵуеит. Сара исгәалашәом иара еиԥшу аҽак Аԥсны ирыԥшаахьаны. Уажәы аусура ҳаҿуп иара иаҩызоу аналогк аабозар ҳәа. Иара аҭыԥантәи анышәаԥшь еиқәара иалхуп. Аҭыԥантәи акерамиказы иҟазшьарбагоу аԥслымӡ алоуп, уи иунардыруеит аҭыԥантәи аҟаза ишикымҭоу. Ари амаҭәар, ҳәарада, иаразнакы амузеи ахь инагахоит", — иҳәеит Џьапуа.

Предположительная деталь надгробия Келешбея Чачба. - Sputnik Аҧсны
Археологцәа иазырыԥхьаӡоит Қьалашьбеи иқьашана ахәҭак рыԥшааит ҳәа

Археологцәа иара убасгьы ирбеит ирацәаны аџьаз иалху амаҭәарқәа, урҭ рыгәҭа имаҷым аԥҳәыс аҽырԥшӡаразы лхы иалырхәоз амаҭәарқәа – аимхәыцқәа, агәыркыгақәа, анапхаҵақәа. Урҭ злыху еиуеиԥшым: аиха, абаҩ, ахаҳә иҳәеит археолог.

"Асеиԥш иҟоу амаҭәарқәа рхы иадырхәар рылшон аекономикатә ҩаӡара ҳаракы змаз ауаа. Амаҭәарақәа акыр ирацәоуп хыԥхьаӡарала", — азгәеиҭеит археолог.

Ажырҭа аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа иара убасгьы иаарԥшуп еллинтәи аамҭа (ҳера ҟалаанӡа IV-III ашәышықәсақәа) иаҵанакуа лак еиқәаҵәала ихырку ачысмаҭәа. Ари ачысмаҭәа Бырзентәылантәи иагоуп. Уи иаанагоит ахәаахәҭратә еимадарақәа аҭыԥ рыман ҳәа. Иара убасгьы иаарԥшуп Нхыҵ Кавказтәи аматериалқәагьы. Џьанҭоу аиҩхаа ибжьаланы Нхыҵ Кавказынтәи ауаа ажәытә баӷәаза Гиуенос ашҟа илбаауан. Аҭыԥантәи ауааԥсыра урҭ ирымрыхәҳауан еиуеиԥшым атауарқәа ҳәа азгәеиҭеит Аркадии Џьапуа.

Џьанҭоутәи ажырҭа ҭоурыхтә баҟоуп, аамҭала иаҵанакуеит ҳера ҟалаанӡа XII — II ашәышықәсақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0