Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны иҭахаз ргәаладыршәеит Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны

© Sputnik Томас ТхайцукВозложение цветов у мемориала Славы.
Возложение цветов у мемориала Славы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра аветеранцәа, араион анапхгара, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны игылоу Амемориал аҿаԥхьа.

АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Саид Барганџьиа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәаларшәо аибашьра аветеранцәа, араион анапхгара, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа, Ахьӡ-аԥша абаҳчаҟны игылоу Амемориал аҿаԥхьа.

Аибашьра аветеран, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа аҳәса-инвалидцәа Рассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарԥҳа иазгәалҭеит иахьа Аԥсны иқәынхо ажәлар ишыргәаладыршәо ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз зегьы.

"Иахьа – Аҟәа ахақәиҭтәра амш ауп. Иахьа ара еизаз зегьы иаҳгәалаҳаршәоит иҭахаз, иахьатәи амш аҟынӡа изымааӡаз, аиааиреи ахьыԥшымреи ҳзаазгаз. Наӡаӡа рыԥсқәа ҭынчзааит", — лҳәеит лара.

Лара иазгәалҭеит, ари амш иагьшныҳәамшу, игәалашәара мшынгьы ишыҟоу. Аҟәа ахақәиҭразы ирацәоуп иҭахаз, зыԥсҭазаарақәа ахҭнызҵаз.

"Абри амш аҽны, ақалақь ахақәиҭтәра сааҭыбжак шагыз дҭахеит ҳмедицинатә еҳәшьа Марина Ҭаниаԥҳа. Шьыжьнаҵы лнышәынҭра ҳаҭааит. Исҭахуп иахьатәи амш азы Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы аҭынчреи анасыԥи рзеиӷьасшьарц", — лҳәеит Лариса Ҭарԥҳа.

Встреча с семьями погибших в Абхазии добровольцев - Sputnik Аҧсны
Пицунда рыԥсы ршьоит Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа

Аҟәатәи ашколқәа руак аҵаҩы Викториа Ес-оглы Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Сара ҭабуп ҳәа расҳәоит абри амш ҳзаазгаз зегьы, иахьа ҭынч ҳанхартә еиԥш иҟазҵаз зегьы", — лҳәеит Ес-оглы.

Гагра ақалақь аҟны инхо Акакьи Жәанбагьы арахь дааит иҭахаз рҿаԥхьа дхырхәарц.

"Ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵара ахә ашьара уадаҩуп. Ҳара иаҳуалуп урҭ рфырхаҵара атәы ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рызнагара", — иҳәеит иара.

Аҟәа ахақәиҭтәразы аибашьра жәеиза мши-ҵхи ицон. Иара напхгара арҭон аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви аинрал-маиор Сергеи Дбари.

Ашьыжь, цәыббра 27, 1993 шықәсазы аԥсуа ар раҳҭнықалақь Аҟәа ахы иақәиҭыртәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0