АҞӘА, жәабран 27 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер ҭыҵит 1919 шықәсазы, агазеҭ аҭыжьра ибзоуроуп Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Гәлиа. Агазеҭ "Аԥсны" мацара акәым, уи имч, илша, идырра здым даара имаҷуп, аха лымкаала, иара агазеҭ аҭыжьра гәадурас ииԥхьаӡон, ҳәа иҳәеит агазеҭ аредактор хада Владимир Қапба.
"Усҟан, агазеҭ "Аԥсны" адаҟьақәа аполитикатә хҭысқәа раасҭа ианыпшуан жәлар рыбзазара, рдоуҳатә культура, ажәлар рыхдырра ашьҭыхра, аҵарахьы рхьарԥшра. Аԥсны асовет мчра анышьақәгыла анаҩс, ҳажәлар ирхыргоз ахынҭа-ҩынҭара агазеҭ адаҟьақәа ирныԥшуан, ажәакала, аҭоурых рыҩуан ",- иҳәеит Қапба.
Аредақтор хада иажәақәа рыла агазеҭ хықәкыс иамаз, иахьа уажәраанӡагьы иамоу ҳмилаҭи ҳбызшәеи реиқәырхара ауп, абиԥара ҿа ԥсуаҵас рааӡара ауп.
Агазеҭ аҭыҵра ианалага инаркны аԥсуа литеаратура аҩаӡара ҳаракхеит, аԥсуа журналистикагьы аҿиарамҩа ианылеит. Акьыԥхь ахь ицәырҵуа иалагеит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа, лассы-лассы агазеҭ адаҟьақәа ирнылон Самсон Ҷанбеи, Ӡаӡ Дарсалиеи, Иуа Коӷониеи, Мушьни Аҳашбеи ражәеинраалақәа, ражәабжьқәа, рочеркқәа, рыдраматә ҩымҭакәа.
"Агазеҭ "Аԥсны " аредакциа иҩнымсыз иахьатәи ҳашәҟәыҩҩцәеи, ҳҵарауааи шамахамзар иҟаӡам, зегьы абра хәышҭаараны ӡыжәырҭаны ирыман, абраҟа аԥышәа ду шьҭыркааит ", — ҳәа азгәеиҭеит аредақтор.
Иахьа, агазеҭ "Аԥсны" аиҳабыреи ажәлари рыбжьара ацҳаржәҳәаҩра ауеит. Урҭ иаԥырҵо азакәанқәеи, аусԥҟакәеи, рықәгыларақәеи инарываргыланы агазеҭ адаҟьақәа ирнылоит аԥсуа иԥсҭазаашьа атәы зҳәо астатиақәа.
"Агазеҭ ахаҭабзиареи, ҳполиграфиатә базеи ҳара ишаҳҭаху ишыҟамгьы, Дырмит ду иаԥиҵаз атрадициақәа иахьагьы иааҳгоит, амаҵ азаҳуеит ", — ҳәа ациҵеит уи.
"Аԥсны" — аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларратә-политикатә газеҭуп. Иара акьыԥь абеижьҭеи иҵуеит 97 шықәса. 1921-1991 ашықәсқәа рзы агазеҭ ҭыҵуан "Аԥсны ҟаԥшь " ахьыӡны.
Иахьазы, ҳҳәынҭқарраҿы ԥсышәала мацара иҭыҵуа аорган агазеҭ "Аԥсны" заҵәык ауп.