Араӡны рахәыцқәа рыла иԥо Хандан Папԥҳа лҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукХандан Папба за работой
Хандан Папба за работой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩышә шықәса инарзынаԥшуа ашьҭахь, амҳаџьырраан иӡыз акәлаӡтәы ԥара атехника ссир Аԥсныҟа ишыхынҳәыз атәы ҳзеиҭалҳәоит Асида Кәыҵниаԥҳа.

Акәлаӡтәы ԥара

Аԥсуаа ахаангьы еибашьцәан, еиуеиԥшым абџьар хкы ҟарҵон. Аиҳаракгьы уи знапы алакыз ахацәа ракәын. Аҳәса ракәзар ацәамаҭәа акәын идырхиоз. Абиԥарала еимырдон амаҭәархиашьа амаӡақәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукИзделия Хандан Папба
Изделия  Хандан Папба  - Sputnik Аҧсны
Изделия Хандан Папба

Убас, ажәытәра ҵаула иатәны иԥхьаӡоуп акәлаӡтәы ԥара атехника. Уи азы рхы иадырхәоит миллиметрак аасҭа ишәпам, аметалл иалху арахәыц. Арахәыц еимхәыц-еимхәыц еихарԥоит, акәалӡгьы ахы алымҟьо иҟалоит.

Аԥсуаа ртрагедиа ду, амҳаџьырраан акәлаӡтәы ԥара ыӡит Аԥсны. Уи амаӡақәа здыруаз амшын нырцәҟа иагеит.

Ашьхеи агеи рнаҩс

Ҭырқәтәыла, шықәсқәак раԥхьа иаартын изҭаху рзы акурсқәа. Уаҟа иддырҵон ақәҵара, аӡахра, асахьаҭыхра. Иара убасгьы иаадыртит акәлаӡтәы ԥара атехника аҵаразы акурс.

© Sputnik / Томас ТхайцукКольчужное плетение
Кольчужное плетение  - Sputnik Аҧсны
Кольчужное плетение

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Хандан Папԥҳа ишылҳәаз ала арҭ акурсқәа рҟны аӡәгьы иҳәом ари атехника Аԥснынтәи ишнанагаз.

"Сара аинтерес скит уи Ҭырқәтәыла ишықәнагалаз аҭоурых, избанзар убасеиԥш иԥон ҳара ҳандуцәа. Ирацәаны алитература санаԥхьа ашьҭахь сара еилыскааит ари анапҟазара аԥсуаа шракәу изтәу", ҳәа еиҭалҳәоит Хандан Папԥҳа.

"Акәалӡтәы ԥаразы иреиӷьны иҟоуп араӡны рахәыц, аха иҟалоит иарбанызаалак аметалл иалху арахәыц ала уԥаргьы. Иара аамҭа рацәа аҭахуп. Иаҳҳәап напхаҵак аԥаразы хымз раҟара аамҭа агоит", — лҳәоит лара.

Хандан – ирацәамкәа Аԥсны инхо, абри анапҟазамҭа здыруа дыруаӡәкуп, лара лажәақәа рыла ари аҟазара аҿар ирымадатәуп, идырҵатәуп.

Аҿар иарала еиҳа ркультуреи рҭоурыхи иадухалар алшоит.

Анапҟазара аиҭеира

Шықәсык аԥхьа Аԥсны еиҿкаан акурс ҷыдақәа. Урҭ рҟны Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа ижәытәӡоу акәылӡтәы ԥара рҵон, рнапкымҭақәагьы ацәыргақәҵа иаздырхион.

© Sputnik / Томас ТхайцукСеребряные украшения
Серебряные украшения  - Sputnik Аҧсны
Серебряные украшения

"Ари анапҟазара аҵара анҳадыргала еицҿакрыла ҳаигәырӷьеит. Ари иуникалу шансуп ажәытәтәи анапҟазара аиҭарҿиаразы. Аиҿкааҩцәа иҟаҳҵоз ҳгәы азҭарҵеит", — лҳәеит Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩы Асҭанда Адлеиԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны имҩаԥысыз ацәыргақәҵа ашьҭахь аҵараиурҭа апрограмма иаларгалеит амаҭәар ҿыц. Уахь иаҵанакуеит акәлаӡтәы ԥаразы алекциақәагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукСеребряные украшения
Серебряные украшения  - Sputnik Аҧсны
Серебряные украшения

"Абри апроект ашьҭахь ҳара иҳауз адыррақәа иалдыршоит ҳҟазараҟны урҭ рхархәара. Ирацәаҩны астудентцәа русумҭақәа рҟны аетникатә стиль рхы иадырхәо иалагеит. Ҳара атәым культура ҳахьынҳалартә ҳаҟаӡам, ҳхатәы культура абеиара ҳазхоит", ҳәа азылыԥхьаӡоит арҵаҩы.

Иӡхьаз, иажәхьаз акәалӡтәы ԥара атехника аинтерес шьҭырхит. Ирацәаҩуп иара аҵара зҭахны иҟоу, аха макьана уи азы акурсқәеи аурокқәеи ыҟам.

Ажәабжьқәа зегьы
0