Фазиль Искандер Москва анышә дамардоит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФазиль Искандер Москва анышә дамардоит
Фазиль Искандер Москва анышә дамардоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет Фазиль Искандер иҭаацәа рҭахрала Москва анышә дамардоит.

АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Фазиль Искандер иҭаацәа рҭахрала Москва анышә дамардоит, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵоит Москва Ахада Сергеи Собианин.

Фазиль Искандер. - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит

"Фазиль Искандер иҭаацәа рҭахрала Москва, Новодевичиатәи аԥсыжырҭаҿы анышә дамардоит", ҳәа имокроблог Twitter аҟны аҳәамҭа ҟаиҵоит Москва Ахада Сергеи Собианин.

Фазиль Искандер диит Аҟәа, далгеит Москватәи алитературатә институт. Деицырдыруан прозаикк, поетк иҳасабала.

Еицырдыруан ирҿиамҭақәа: "Человек и его окрестности", "Тринадцатый подвиг Геракла", "Софичка", "Поэт", "Кролики и удавы", "Начало" уҳәа егьырҭгьы.

Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002), СССР Аҳәынҭқарратә премиа. Москва, Кастанаевтәи амҩаҟны иҟоу абиблиотека ихьӡ ахҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0