АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арҵаҩы зегь раԥхьа иргыланы аҵаҩцәа бзиа ибозар ауп, ахәҷқәеи иареи аимадара бзианы ирымазар ауп, лҳәеит Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратә школ адиректор Аида Кәарҷелиаԥҳа.
"Зегь раԥхьа иргыланы арҵаҩцәа ирыдсныҳәалар сҭахуп арҵаҩы имш, ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа, ачҳара иманшәалам ҳус аҿы. Ахәыҷы бзиа думбакәа, аимадара умамкәа, ашкол аҿы аангылашьа умам. Дарбанзаалак арҵаҩы, ашкол аҿы иауа ауалафахәы дазхәыцны мацара аус иуазтгьы, ашкол аҿы дзаангыломызт ҳәа сгәы иаанагоит", — ацылҵеит лара.
Уи лажәақәа рыла, зегь раԥхьаӡа игылазар ауп арҵаҩы иуалԥшьа, уи иашьҭанеиуеит егьырҭ азҵаарақәа зегьы.
"Дарбанзаалак ауаҩы саԥсыуоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡо, идыруазар ауп ибызшәа ада ԥсыхәа шимам. Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа шԥаҟоу ҳәа ансарҳәо, даараӡа сгәы снархьоит, избанзар, аклассқәа рҿы ҩыџьа-хҩы зхатәы бызшәала ацәажәара маҷк изцәыуадаҩу аламшәозар, зынӡа иззеилымкаауа изымцәажәо даара имаҷуп", — азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа.
Уи лажәақәа рыла, ашкол аҟны ирылшо зегь ҟарҵоит аԥсуа бызшәа ашколхәыҷқәа рхатәы бызшәа агәыбылра дыркразы.
"Аха аԥсуа бызшәа дырҵара ашколхәыҷқәа рыдыжьлра иашам ҳәа сыԥхьаӡоит. Ари аԥсуа школ ауп, ус анакәха, ахәҷы арахь данааиуа аԥсшәа идыруазар ауп, зегь раԥхьа иргыланы уи аҩны иаҳар ауп, иҵар ауп ихатәы бызшәа", — лҳәеит уи.
Аида Кәарҷелиаԥха лажәақәа рыла, иахьа ашкол еиқәшәоуп арҵагатә литературала, арҵаҩцәа зегьы гәацԥаҳәарыла аус руеит, руалԥшьақәа рынагӡараан аҭакԥхықәра аадырԥшуеит.