Ашәҟәыҩҩы, ажурнал "Аҟазара" аредактор хада Џьума Аҳәба Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит дызнысыз аԥсҭазааратә мҩеи ирҿиара ахыҵхырҭақәеи ртәы.
– Џьума Виссарион-иԥа зегь раԥхьа иргыланы ишәыдаҳныҳәалоит 80-шықәса шәхыҵра. Ҳаԥхьаҩцәа ирзеиҭашәҳәар ҳҭахуп ашәҟәҩҩра ашҟа шәхьаԥшра шыҟалаз, насгьы раԥхьатәи шәусумҭа акьыԥхь анаба.
– Раԥхьаӡа сыхьӡ акьыԥхь аҟны ицәырҵит 14 шықәса анысхыҵуаз, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ашҟа астатиа зҩит. Убри ашьҭахь раԥхьаӡа сажәеинраалақәа анылеит 1955 шықәса рзыҳәа ажурнал "Алашара" аҭыҵра ианалага ашықәс (1955) азы, ахԥатәи аномер аҟны. Ажәеинраалақәа рыла салагеит аҩҩра, нас, ԥыҭк ҵхьаны ажәеинраалақәа еизызго ашәҟәы ҭсыжьит.
– Шәазааҭгылар ҳҭахуп шәызлыҵыз шәҭаацәа рҭоурых, ҳара иаадыруеит имаҷымкәа ауадаҩрақәа шрхыргаз.
– Хымз анысхыҵуаз, саб дҭаркит "ажәлар раӷа", "атроцкист" ҳәа. Уи инақәырццакны иаб иашьа еиҳабы Қәыџьмахан ихьӡын дҭаркын, дыршьит. Ҳара аиуара, аҭынхара ҳабжьан Нестор Лакобеи ҳареи, уи иаб иашьа иԥа диман саб иаҳәшьа Хьыкәыр. Нестор ҳаҩны днеихьан, дааихьан Аҳәбақәеи иареи акыр еицныҟәахьан. Иара "ажәлар раӷа" ҳәа анизырҳәа, уи изааигәаз, дахьнеиуаз "ажәлар раӷа" ҳәа рызҳәаны иҭаркуан.
Саб раԥхьа ашьра иқәырҵеит, нас Троцки иакәу Ленин иакәу узыдгыло ҳәа иазҵааит. Аҭакс иҟеиҵеит сынхаҩуп, аҵара сымам аҩыџьагьы сыздырӡом ҳәа. Уҭаацәароума ҳәа ианиазҵаа ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп ҳәа реиҳәеит. Нас дара ааицәажәан, даҳшьыр иаҳнаҭои, ашықәс иқәҵаны дахьымаауа дҳашьҭып ҳәа ирыӡбеит. Жәашықәса иқәырҵеит. Колыма дҭакын, акыр агәаҟрақәа ихыганы дааит. Аҳәбақәа рҟынтәи жәҩык ауаа ршьит 1937 шықәсазы. Аҭара инхоз Аҳәбақәа зегьы амҳаџьырра иагеит.
Сара сабду амҳаџьырра аамҭазы Нхыҵ-Кавказ дыҟан, Аҭара данааи ҩбаҟа ҭаацәара нханы иҟан, зегьы амҳаџьырра иагахьан, иашьеиҳаби иашьеиҵбеи уахь иналаҵаны. Уи урҭ Ҭырқәтәылаҟа дрышьҭаланы дцеит, кыраамҭа дрышьҭан, ииулакгьы иԥшааит иашьцәа. Ианиԥшаа, ҳхынҳәып ҳәа реиҳәеит, аха дара ирымуит. Ҷкәына хәыҷык жәабаҟа, жәаҩаҟа шықәса зхыҵуаз зани заби змамыз диманы амҩа дықәлеит. Акырымза амҩа дықәын, амҳаџьыр дзеиԥшрахарызеи дхьыжә-кәыжәӡа амла дакны, дгәаҟны амҩа дықәын. Иааигоз ахәыҷы аԥсра даналагалак ҩны-бзиак анибалакгьы диҭиуан, нас ҩымшҟа анҵлак, днеины диӷьычуан. Хынтә дҭиины, хынтә дӷьычны дааигеит. Дааиган урҭ иахьагьы Аӡыҩбжьа инхоит. Абас, сабду Кьаӷәса ауама ихганы Аԥсныҟа дхынҳәит.
– Аҵара аҵара усҟантәи аамҭақәа рзы акыр имариамызт, ишԥашәоуи аҵара, уадаҩрақәас ишәхыжәгеи ари аус аҿы?
– Саб даныхынҳә Аҭаратәи ақырҭуа школ сҭалеит анбан сзымдыруа абызшәа сзымдыруа. Аԥшьбатәи инаркны аабатәи акласс аҟынӡа ақырҭуа школ сҭан, ақырҭшәа убриаҟара исҵеит, қырҭшәала сагьҩҩуа аҟынӡа. Аха убраҟа, ахәбатәи акласс сантәаз, слеишәа хәыҷык ицәгьан, Бераиа ҳәа аӡәы матиматика ҳирҵон.
Амыждара азыҳәа Аҭара ашкол ашьҭахь абаҳча ыҟан, убра ааԥынразы арыцқьара ҳаҿын, џьоукы аигәышә ааргеит, џьоукы абаҳа. Аигәышә бзиа сыман саргьы. Усҟан ахәыҷқәа ҳрыпҟон, иҳалшагәышьози. Бераиа ҳәа иҟаз имгәацәа дуун акамбашь иаҟараз аӡә иакәын иара. Ак ҟасҵазар акәхап аҟәақҳәа схы дасит, сыԥсы маҷхо аҟынӡа снеиит. Сишьыр ҳәа сшәаны, сылаԥш аигәышә аныҵашәа иаашьҭхны ианысҟьа, ишьҭахь дцаны дкаҳаит, даҽазны ианыс ҟьа исыдгылаз аӡә данас ивҟьаны ицеит. Ашколгьы сҭырцеит уи ашьҭахь. Изулакгьы ари ашкол салгеит. Нас, сара Лыхнытәи ашкол сҭалеит.
– Шәырҿиамҭақәа ирылукааша иреиуоуп аҩымҭа "Бзоу", аҩҩра шәгәазырԥхеи?
– Сара аҽқәа цәгьала бзиа избон саныхәыҷыз. Аҽқәа ҳааӡон, сара урҭ сыбжьон. Аҭара мацара акәымкәа, Очамчыра араион аҟны имҩаԥысуаз аицлабрақәа рҟны ҩынтә аԥхьахәқәа згахьан. Сабгьы цәгьала аҽқәа бзиа ибон. Кәтолынтәи ауаа ааит, иҳәо иалагеит уҽы ҳаҭ ҳәа. Сан цәгьала дыԥҳәыс ҟәышын, уара аҽқәа иҵегь ҳааӡап, лҳәеит. Саб ишимуаз иаҳҭиит аҽы. Аҽы аҟазшьа ауаҩы ишизааигәоу ибзианы издыруан, аха еиҳараӡак ҵакыс иамоу аҩымҭа, иахьагьы, аиҳарак Асовет мчра аан, абаҩхатәра бзиа злоу ауаҩы уиаҟара дырҭахымызт, уи акы. Ҩбагьы ахатәы гәаанагара змоу ауаҩы, жәытәгьы-ҿангьы уиаҟара дырҭахым.
– Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра шәара шәҭаацәа ӷәӷәала ишәыцрасит, шәазааҭгылар ҳҭахуп ари аамҭахҵәаха.
– Аибашьра ианалагаҵәҟьа сашьеиҳаб ӷәӷәала дырхәит, ишьапы хырҵәеит. Сыҷкәын аибашьра ихигеи, Леон Иорден ианашьан, аибашьра ашьҭахь машәырла дҭахеит. Сара схатәы архив зегьы ақырҭқәа ирблит, саҳәшьаԥа машәырла дҭахеит. Аибашьра ауама ҳзаанагеит. Саргьы акыраамҭа сахьҭакыз сырҟәаҟәеит.
– Шәышԥахәаԥшуа иахьатәи аԥсуа литература аҿиашьа?
– Асовет мчра ахаан, аҳәынҭқарра ашьақәгылашьа бзианы иаадыруан. Иугәаԥхо, иугәамԥхо ухатә гәаанагаразы ацензура ыҟан аха, ак ыҟақәан. Уажәтәи аҳәынҭқарра ҿыц изакә ҳәынҭқарроу ашәҟәҩҩы мацара иакәым, ргәы иалымсааит аполитик дуқәагьы уаҩҵас ирыздыруам. Асоциализм 30 еилкаара амоуп, убас иҟоуп адемократиагьы. Уажә ҳазҿу, Аԥсны мацара акәымкәа, ԥасатәи Асовет мчра иахьаҵанакуа еиԥшӡам адемократиа. Аԥсуаа ирымҳәои "ауаҩы дшыцәаз ихы ԥҽны ибеит", ҳәа, абас иаалырҟьаны иҳалаҳаит адемократиа. Иааиз макьана цқьа иаҳзеилымкаацт, убри иахҟьаны, ашәҟәыҩҩцәа ирцәыуадаҩхеит аамҭа ҿыц аҿы арҿиара. Аибашьра иаҳхаагаз, уаҟа иалахәыҵәҟьаз сара схаҭа даара исԥырхагахеит.
Ашәҟәҩыра аиҳарак изызку ауаҩы ирыцҳашьара, иеиқәырхара, ицхраара ауп. Сара ауаҩы дыԥсны сиҿаԥшыр, сзыцәаӡомызт. Аибашьра аан, исывыршьааз аҷкәынцәа рацәаҩуп, уи даара исԥырхагахеит арҿиара аганахь ала. Аиҳарак изҩуеит автобиографиатә жәабжьқәа. Аибашьра ианалага иааилгаанӡа ҩымшҟа бжьахазаргьы амшынҵақәа зҩҩуан. Аибашьра ахаан мызкы аҟара сҭакын, убраҟа исхызгаз зегьы, адокументалтә роман "Ахамышҭыхә" захьӡу зҩҩит саноурыжь. Соурыжьит 1992 шықәса алгамҭазы. Ишакәым схы иасын, схы сыхьуан, сыԥсаанӡа изҩып сҳәан, жәохәымш рыла, Ҭхьына изҩҩит аиҳарак. Нас аибашьра ашьҭахь иҭсыжьит ароман. Убри ажәлар ирылаҵәеит избанзар уаҟа иалоу ауааи ахҭысқәеи хыҭҳәааӡам. Иаҳҳәап, Џьон Ӡиӡариа ауама ихганы дшыршьыз, исыцҭакыз ауама шырзааргоз, ишызбо иршьуаз ауаа, абарҭ зегьы сыбла иабаз ауп.