Валентина Гыцԥҳа: узламгаз ахала аҽарҵасӡом, узлагаз ауп ԥхьаҟа ицо

© Фото : Саида ЖиԥҳаВалентина Гыцԥҳа
Валентина Гыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанызаалак ауаҩы инапы злаку аус бзиа ибозар, уи агәахәара инаҭозар, ауадаҩрақәа зегьы дыриааины алҵшәа дазнеиуеит. Абас ауп дышхәыцуа аԥсуа бызшәеи алитературеи, англыз бызшәеи, аԥсуара маҭәарк аҳасабалеи 46 шықәса ашколхәыҷқәа ирызназго арҵаҩы-ааӡаҩ Валентина Гыцԥҳа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Валентина Гыцԥҳа, Горки ихьӡ зхыз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә институт аԥсуа бызшәеи алитературеи англыз бызшәеи афакультет доушьҭымҭоуп. Лара данстудентыз инаркны лыԥсадгьыли лхатәы бызшәеи рыхьчареи ԥхьаҟа ргареи дазықәԥон. Лырҵаҩы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лнапхгарала, 1967 шықәсазы аԥсуа быргцәа Аҟәа афилормониа аҿаԥхьа, аԥсуа телехәаԥшра аартреи арадио аамҭа ацҵареи алыршаразы амлашьра иантәа, хаха-хымш ахылаԥшра рызҭоз дреиуан.

Аинститут даналга адиплом лгарц азы ҩышықәса аусура дрышьҭит Блабырхәатәи абжьаратә школ ахь.

"1971 шықәсазы ҩышықәса ҳәа аусура инеиз, ашкол адиректор Мсас Барцыц хәышықәса соуимыжьит. Араҟа имҩаԥызгон аԥсуа бызшәеи алитературеи англыз бызшәеи амаҭәарқәа", — раԥхьатәи лусуратә шьаҿақәа лгәалалыршәоит Валентина Гыцԥҳа.

Араҟа аус шылуаз, арҵаҩ қәыԥш аҭаацәара далалеит. Анаҩс, ахшараиуразы аамҭала ԥсшьара дыҟан. Ахәыҷқәа ианрызҳа, Валентина Гыцԥҳаи лыԥшәма Владимир Гочуеи Гаграҟа нхара иааит.

"Сара Бамбора сиит сааӡеит, анаҩс сқәыԥшра Аҟәа имҩаԥысит, убри аҟынтә Гагра "мшыбзиа" ҳәа зысҳәашаз, издыруаз ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Аха сгәы касмыжьит, сҽазысшәеит бзиа избоз арҵарҩра аус ахь ахынҳәра", — азгәалҭоит лара.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа Лӡаа ақыҭан иаԥҵаны имоу ансамбль Аԥхьарца - Sputnik Аҧсны
Даур Ԥарулуа: ҳбызшәеи ҳкультуреи еивагыланы ицалароуп

Ахәыҷқәа аԥсуа хәыҷбаҳча иаҭаны, дцоит ааигәа иаартыз Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №5 адиректор Ҳараз Чамагәуа иҟны.

"Ҳараз Чамагәуа ибзиаӡаны иӡбахә саҳахьан. Иара аԥсадгьыл аинтересқәа ирзықәԥоз апатриот ду иакәын. Хымԥада сгәы азыҳәон абас еиԥш апату змаз ауаҩы инапаҵаҟа аус зурц. Аха сҭаацәаратә ҭагылазаашьа ианымаалеит исыдеигалаз аурокқәа раамҭа. Убри аҟынтә мап ицәыскыр акәхеит", — лҳәоит Валентина Гыцԥҳа.

Аԥсуа школ аҟны лусура аналмыршаха, лхәыҷқәа ахьамаз ахәыҷбаҳча аиҳабы Цуца Қьецԥҳа даалыԥхьоит, иагьлыдылгалоит абжьаратәи аиҳабыратәи аԥсуа гәыԥ ахәыҷқәа рааӡара лнапы алалкырц.

Валентина Гыцԥҳа дшымгәыӷуаз убас лусура маншәаланы ишьақәгылеит, имҩаԥылгоз иаарту асааҭқәа Аԥсны аҵара аминистрра ҿырԥшыгас иҟарҵаратәы.

1978 шықәсазы Гагра араион аҵара аҟәша даҭаххеит, ахәыҷбаҳчақәа хылаԥшра рызҭо аинспектор. Акадрқәа рыԥшаара иаҿыз усҟантәи аҟәша аиҳабы Биҷико Чакабериа Цуца Қьецԥҳа адырра лиҭеит илдыруа аӡәыр дыҟазар, ажәалагала ҟалҵарц. Хымԥада, лыхьӡ ҳәан Валентина Гыцԥҳа. Убри нахыс, арҵаҩра иазыхынҳәырц згәиҭаз, ҭакԥхықәраны илыдлеит Гагра араион ахәыҷбаҳчақәа зегьы хылаԥшра арыҭара.

"Сара санстудентызгьы ибзианы издыруан, хаҭалагьы салахәын аԥсуаа ртәылаҟны ашьақәгыларазы имҩаԥыргоз аиҿыхарақәа. Аха Гагра араион аҵара аҟәшахьы аусура саниас, есыҽны уи хықәкы хадас исоуит. Биҷико Чакабериа аԥсуаа ицәымӷын аха, иаартны иҳәомызт, ихаҭыԥуаҩцәеи, аметодистцәеи, аспециалистцәеи ракәымзар", — ҳәа азгәалҭоит змилаҭ иазықәԥоз арҵаҩы.

Валентина Гыцԥҳа араҟа аусура даналага аламҭалаз Бзыԥҭа аҳаблан, аԥсуа-ақырҭуа школ ахыбраҟны, уахынла ақырҭцәа гәыԥҩык неины рбираҟ ахадыргылеит. Уи даара ицҭәхеит, Бзыԥаа аԥсуа патриотцәа урҭ рхаҭара шьақәыргыланы, рнапала ишахадыргылаз еиԥш икнырхыртә иҟарҵеит. Есшәахьа аҵра аҟәша аиҳабы имҩаԥигоз аизараҟны ари афакт дахцәажәеит. Итәаз ақырҭуа ҳәсацәа рыԥсахы еибакны, "аԥсуаа агаӡақәа" рҳәеит. Валентина Гыцԥҳа ҩаԥхьа дырҿагылар акәхеит.

"Аизара анеилга, стәыла рыцҳа ақәмақарра шәанбаҟәыҵуа ҳәа расҳәеит. Дара ҭакс исырҭеит, Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл ауп, аԥсуаа ашьхантә шәылбаан ҳадгьыл аҟны шәынхоит, иҭабуп аҭыԥан аума абас шәхы шымҩаԥыжәго рҳәеит. Ус анакәха, шәабдуцәа анышә иабамадоу ҳәа срызҵааит. Абаша рҳәеит еиҵамхақәа. Сара сабдуцәа – Лыхны ижуп. Ус анакәха, сара соуп Аԥсны ҭоурыхла издгьылу сҳәеит", — илгәалалыршәоит аԥсуа ақырҭуа еибарххарақәа ирылахәыз Валентина Гыцԥҳа.

Ас еиԥш иҟаз аҭагылазаашьақәа лассы-лассы дрықәшәон аԥсуа ԥҳәыс. Аха еснагь ирықәнагаз аҭак рылҭон. 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы Гагра аԥсуа хацәа рмилаҭ интересқәа рыхьчаразы амлашьра итәеит. Иара убас астадион аҟны аҩ-милаҭк рыҩнуҵҟа аибырххарақәа мҩаԥысуан. Валентина Гыцԥҳа аԥсуаа рмилаҭ хақәиҭратә қәԥара иалахәыз дреиуан.

"Аихатәы лаба кны астадион агәашә сылагылан. Ҳаҷкәынцәа хҵысҭрак еиԥш акәын, астадион аҭӡы иахыԥаны ашҭа ишҭалоз. Усҟан ӷәӷәала аисрақәа ҟалеит. Аԥсуаа ззықәԥоз аиҳабыратә маҵурақәа рахь ҳмилаҭ ахаҭарнакцәа рынашьҭразы акәын. Ақырҭцәа зегьы рымҽхакын, ҳаԥсы ахьҭаз ҳахырбаауа аҟынӡа инеихьан", — ҳәа азгәалҭоит Валентина Гыцԥҳа.

Аԥсуа-ақырҭуа еиҿыхарақәа ирхылҿиааит ҳџьынџьтәылатә еибашьра. Анаҩс ҳажәлар ирзыԥшын имариамыз, аибашьра ашьҭахьтәи ашьақәгылара.

агәыҳалалратә фонд Багира аиҳабы Саида Оҭырԥҳа - Sputnik Аҧсны
Саида Оҭырԥҳа: саныхәыҷыз инаркны аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи бзиа избоит

"Аԥсуа еибашьцәа Гагра анҭадырцәы ашьҭахь мышқәак ааҵуаны, Борис Кьехьыриԥа араион аҵара аҟәша дахагылеит, ашколқәа рыԥсы рхеиҵарц азы. Саргьы сыԥшааны адырра сиҭеит аусура снеиразы, ҷыдала снапы ианиҵеит аԥсуа школқәа рхылаԥшра. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны, иаҳдыруаз арҵаҩцәа рыгәшәымшә ҳәаны иҳалҳаршеит Бзыԥҭеи Пицундеи Гагреи ашколқәа русура ахацаркра. Аиашазы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи зынӡа рхыԥхьаӡара маҷын. Аха уеизгьы, раԥхьатәи ашьаҿа ҟаҳҵеит", — илгәалалыршәоит Валентина Гыцԥҳа.

Аибашьра ашьҭахь Гагратәи абжьаратә ақырҭуа школ №1 иаԥсыуа школны иаартын. Арахь, 5-тәи аԥсуа школ аҟынтә аҵаҩцәа еихшаны иаашьҭын. 130-ҩык аԥсуа хәыҷқәа, Борис Кьехьыриԥа драԥхьагыланы (иазгәасҭарц сҭахуп, урҭ аҵаҩцәа саргьы Саида Жьиԥҳа сышрылаз) Гагратәи абжьаратә аԥсуа школ №1 ашҭа иҭалеит.

"Сара гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит усҟантәи аамҭазы уалафахәыда ҩышықәса аус зуыз арҵаҩцәа, анаҩс иҳавагылаз аҭаацәа. Аамҭақәак рышьҭахь дара рфонд иабзоураныь арҵаҩцәа мааҭқәак роуа иҟалеит", — ҳәа азгәалҭоит, аамҭа хьанҭақәа раан ашколқәа раартра зџьабаа ду адызҵаз Валентина Гыцԥҳа.

Абас ала арҵаҩцәеи аҭаацәеи еицхырааны, аамҭа хьанҭақәа иргәылганы иааргеит ашколқәа. Валентина Гыцԥҳа аҵара аҟәшаҟны аԥсуа бызшәа аспециалист хадас аус луит 2016 шықәсанӡа, аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аԥсуара амаҭәари рырҵаҩы иуси еилагӡо.

"Сырҵаҩратә практикаҿы зегь раасҭа сгәаҵаҿы иаанхеит "Башаран-коллеџь" (иахьа Гагратәи алицеи-интернат ҳәа иашьҭоуп) аҟны аус анызуазтәи ашықәсқәа. Араҟа аҭырқәа ҵаратә методикала акәын аурокқәа шымҩаԥаагоз. Аиашазы даара узеилаҳауа, уус зырманшәало, аҵаҩы ихшыҩ зыршәуа ауп. Ахәыҷы дырхәмаруа аҵара идырҵоит. Насгьы, атәым бызшәала, иаҳхәап англыз ма аҭырқәа бызшәала амаҭәар мҩаԥыргар, егьи асааҭ азы урысшәала адублиаж ҟаҵаны, еиҭа ари аурок мҩаԥыргон. Абас ҩынтәны ҩ-бызшәак рыла ахәыҷы атема еилдыркаауан", — лҳәоит арҵаҩы.

Иахьа Валентина Гыцԥҳа Гагратәи абжьаратә школ №1 аҟны асааҭқәа лымоуп. Лара аус рыдылулоит ахатәы бызшәазы абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа. Агәаҳәара лымоуп, ҩаԥхьа аԥсуара амаҭәаргьы ашколтә программа иаларгаларц.

Аԥышәа ду змоу, ган рацәала зыхшыҩ ҵаулоу арҵаҩы, абиԥара ҿыц ҳмилаҭ цәаҩала рааӡаразы лхы деигӡом. Валентина Гыцԥҳа насыԥ змоу лоуп, лара дшьақәгылеит лхатә ԥсҭазаареи лнапы злаку ауси рҿы. Иахьа дрылагәырӷьоит лыхшареи лмоҭацәеи, иара убас шықәсы рацәала дыззаԥсаз лоушьҭымҭацәеи.

Валентина Гыцԥҳа, Гагра араион аҵареи ааӡареи дахьырзааԥсахьоу азы Асовет аамҭақәа инадыркны, лҽаԥсалтәахьеит хыԥхьаӡара рацәала аҳаҭыртә шәҟәқәа, адипломқәа, арҽхәабӷьыцқәа.

2010 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала, аҿар иҿырԥшыганы рааӡаразы Валентина Гыцԥҳа иланашьан Ахьӡ-аԥша аорден III-тәи аҩаӡара.

"Ҳҵеицәа ршьа цқьала иҿыху ҳаԥсадгьыл аҟны, наӡаӡа иқәыҩларц сҭахуп аԥсуа бызшәа. Сгәыӷуеит, еиҵагыло абиԥара аԥсуа ихаҭара дмырӡып ҳәа. Аԥсныи-аԥсуааи-аԥсуареи жьи-наԥхыци реиԥш иузеиҟәымҭхуа еимадазароуп", — лҳәоит арҵаҩы-ааӡаҩ.

Валентина Гыцԥҳа леиԥш иҟоу арҵаҩцәа ҳаманаҵ, уаҵәтәи абиԥара рзы угәы ҭынчзар ауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0