Семион Адлеиба: акабинет аҟны аусура сыцәтәымуп

© Foto / из архива Екатерина БебияСемион Адлеиба
Семион Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио аҟны иусура далацәажәоит 50-шықәса уи зџьабаа аду акорреспондент Семион Адлеиба.

Амра Амҷԥҳа, Sputnik

Семион Адлеиба изныкымкәа идыргалахьан аредактор иҭыԥ, аха иара еснагь мап ацәикуан, арепортиорра еиӷьу ыҟам ҳәа иԥхьаӡаны.

"Сара схы саԥшәмоуп. Акабинет аҟны аусура сыцәтәымуп. Аредактор иҭыԥ аҿы дтәаны атәымуаа рматериалқәа шириашо, ихатәык изыҟаҵом" ҳәа иазиԥхьаӡоит Адлеиба.

Ажурналист игәалаиршәоит Аԥсуа радио аредактор Артиом Амқәаб раԥхьатәи адҵа анииҭаз. Ростовнтәи Аҟәаҟа аӡынразы иааргеит азоопарк аҟынтәи аԥстәқәа. Семион инапы ианырҵеит урҭ рбжьқәа ахәыҷтәы дырраҭара "Аԥсны апионер" азы иҭаиҩырц.

ажурналист, афилологиатә наукақәа рдоктор Екатерина Бебиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Ицәажәоит Аҟәа, мамзаргьы 85 шықәса аефир аҟны

"Усҟан адиктофонқәа ыҟамызт. "Арепортиор" сырҭеит. Иара аабаҟа кьыла акапануан. Азоопарк аҟны сахьнеиз астраусқәа, алымқәа. Зегь рыбжьы ҭазҩит. Нас амшын аԥшаҳәаҟны адиктортә текст ҭазыҩуан. Сааигәара ииасны ицоз хәыҷқәак: "ашпион, ашпион" ҳәа исыхәаԥшуа еибырҳәон", — иҳәоит иара.

Семион Адлеиба атуризм, аҭоурых, абаҟақәа, архитектура ирзырхоу зегьы ринтерес имоуп. Иҟам Аԥсны кәакьҭак дахьымнеиц, аҟазауаа ирзымдыруа абаҟақәагьы ахьыҟоу идыруеит.

Аамҭақәак рзы екскурсиамҩаԥгаҩыс аус иуан.

Семион Адлеиба дыруаӡәкуп Аԥсны аспелеологиатә гәыԥ аиҿкааҩцәа. 3 –нызқьынтә рҟынӡа аҳаԥқәа дырхәыҵалахьеит.

"Сара сзы арҭ азанааҭқәа реилагӡара насыԥуп" — иҳәоит Семион.

1957 шықәса раахыс Семион аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара агәҭа дгылоуп. 1977 шықәса рзы инапы аҵеиҩит "шәи-ҩеижәижәабаҩык" рышәҟәы.

Ақырҭцәа аԥсуаа ишырзыҟаз ажурналист дхәыҷаахыс еиликаахьан.

Мшаԥымза 30 Аԥсуа радио 85 шықәса ахыҵуеит - Sputnik Аҧсны
Аинформациатә қәԥара "аштаб"

"Аҩбатәи акласс аҟны сантәаз ақырҭшәахь ҳаиаргеит. Оумашәа избоит уажәы ҳхатәы бызшәала ацәажәара ахьаҳцәыуадаҩу. Усҟан аԥсшәа ҳҿыҵҟьар ҟалозма, "қырҭшәала, қырҭшәала" ҳәа ҳақәцалан ҳрыман".

"Бзыԥтәи" арепортаж азы Семион иусура дамхны Ԥсҳәыҟа диаган. Аматериал "Кьараз" иазкын. Иара зыхҟьаз ақырҭцәа Риҵаҟа узго амҩа агенерал Леселиӡе ихьӡ ахырҵарц ахьақәыркыз ауп.

"Абри аҭакс асахьаҭыхыҩ Тариел Амԥар аӷәыцәмаҟьақәа ирхиеит "Кьаразаа рымҩа" ҳәа анҵаны. Зыԥсы ҭаны инханы иҟаз Кәын Гыцба дыԥшааны дааргеит. Аизараҿ дықәдыргылеит. Сара изҩыз атекст аҿы иҳәан: "кьаразаа аменшевикцәа ықәырцеит" ҳәа. Усҟан Главлит ақәшаҳаҭымхакәа аефир ахь жәакгьы неиуамызт. Сара аӡәгьы симазҵаакәа аефир ахь инасышьҭит стекст.

Семин Ԥсҳәы ԥшьышықәса ашкол адиректорс аус иуан. Иара илшарала аинтернатгьы аартын.

"Ақыҭа дуун. Аӡын асы анлеилак ахәыҷқәа ашкол ахь изныҟәомызт", — иҳәоит иара.

Акыршықәса ҵуеит ақалақьуаа Семион авелисопед дақәтәаны усура дышцо рбоижьҭеи.

"Агәабзиара иазеиӷьуп, аҳауа цқьа лбаадо усура уцоит", — иҳәоит иара.

Семион Адлеиба Аԥсны зҽаԥсазтәыз журналиступ, аорден "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп, ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0