АҞӘА, лаҵарамза 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амшын Еиқәа иаԥну адыгцәа-ашаԥсугцәа рмилаҭтә ансамбль "Шапсугиа" аконцерт мҩаԥысит Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аҟны аҩаша, лаҵарамза 30 рзы.
"Ашаԥсыӷцәеи аԥсуааи еишьцәоуп. Убри азоуп ҳара иахьа ара ҳзыҟоу. Ҳажәларқәа рыбжьара акультуратә еимадарақәа еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахо агәра згоит", — иҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Хеишхо.
Ансамбль алахәылацәа ахәаԥшцәа рҿаԥхьа инарыгӡеит адыга кәашарақәеи Кавказ жәлар рыкәашарақәеи. Иара убасгьы аконцерт иалахәын жәлар ринструменталтә ансамбль "Насыԥ".
Аконцерт ахәаԥшыҩцәа номер-цыԥхьаӡа напеинҟьарыла иаԥылон. Аконцерт иара убасгьы иалахәын гагра ақалақь ахәыҷтәы хареографиатә ансамбль "Афырҭын".
"Иахьа ҳара ҳзы иныҳәоуп. Ҳхәыҷқәа сценак аҟны еицықәгылоуп", — иҳәеит ансамбль "Афырҭын" анапхгаҩы Лев Қьецба.
Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит иибаз агәахәара ду шинаҭаз.
Аконцерт ашьҭахь ахәаԥшыҩцәагьы ргәахәара рзыҵәахуамызт.
"Сара иазысыԥхьаӡоит ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызара рӷәӷәалатәуп, асеиԥш иҟоу аконцертқәа лассы-лассы имҩаԥгалатәуп ҳәа", — иҳәеит ахәаԥшҩы Алхас Қаԥшь.
Ахәаԥшыҩцәа акраамҭа напенҟьарыла азал ҭдырҭәаауан.