https://sputnik-abkhazia.info/20261110/1066881409.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны амилициа аԥҵоижьҭеи 105 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы. Аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа... 10.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-10T18:01+0300
2026-11-10T18:01+0300
2026-11-10T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0a/1066881243_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_b1876f6d1297ae09f54fa23800a07782.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны амилициа аԥҵоижьҭеи 105 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы. Аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Иара иазгәеиҭеит аусзуҩцәа рабиԥара ҿа аусбарҭа иреиӷьу атрадициақәа еиқәдырхароуп, аветеранцәа рԥышәеи рдырреи рымырдалароуп ҳәа. "Абиԥарақәа рышьҭрамадареи руалԥшьа азиашареи роуп азанааҭтә маҵзура шьақәзыргыло", — иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ. Амилициа амш – азакәани аиҿкаареи зыхьчо уи аус гәык-ԥсыкала разыҟазаареи, ргәымшәареи, хацәынмырхатәи рџьабааи ирсимволуп ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Мҽхакыҭбаала анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы аҽазышәара аус хацыркуп Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс лганахьала ҳәа аанацҳауеит апрокуратура хада. Асмаҭ Ашәԥҳа дааныркылеит жьҭаара 21 рзы. Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа жьҭаара 27 рзы агәызҩара ззыҟоу дҭакызарц азы мап ацәнакит. Ари аӡбамҭа еиҭахәаԥшуан Аҟәа араион апрокуратура адгаларала ашьауӷатә усқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Аколлегиа Ашәба лҭакра мап ацәкразы ақәҵара аԥнахит, аӡбарҭа ари азҵаара даҽа еилазаарак аҿы еиҭа иахәаԥшит. Аӡбарҭа аӡбамҭа ҿыц ала абҵара 6 рзы агәызҩара ззыҟоу ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп.
"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон ахь 300 инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭуп.Урҭ рыхәҭак ажурналистцәа рҟынтәи инашьҭын. Хыԥхьаӡарала аҩбатәи акатегориа – 20%, апресс-маҵзурақәеи PR-и рҟазауаа роуп. Иара убас, азыҳәақәа нарышьҭит аблогерцәа, SMM-специалистцәа, аоператорцәа, амонтажҟаҵаҩцәа, арежиссиорцәа, апродиусерцәа, амҩаԥгаҩцәа, астримерцәа.
Бзыԥтәи аиҩхааҿы илеиз ахаҳә амҩа хәҭак аныркит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа. Иажәақәа рыла, ахаҳәқәа каҳаит аӡиа Риҵа 22 километра амҩа ахәҭаҟны, аха аныҟәара аанкылара аҭахымхеит. "Ари аҩыза ҳашьцылеит. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ирлас иҳаӡбоит. Насыԥны аӡәгьы ааха имоуит", — азгәеиҭеит иара. Уажәы ахаҳәқәа рықәгыразы аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҩ-сааҭк рыла ихыркәшахоит.
Аԥсны амилициа аԥҵоижьҭеи 105 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы. Аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Иара иазгәеиҭеит аусзуҩцәа рабиԥара ҿа аусбарҭа иреиӷьу атрадициақәа еиқәдырхароуп, аветеранцәа рԥышәеи рдырреи рымырдалароуп ҳәа. "Абиԥарақәа рышьҭрамадареи руалԥшьа азиашареи роуп азанааҭтә маҵзура шьақәзыргыло", — иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ. Амилициа амш – азакәани аиҿкаареи зыхьчо уи аус гәык-ԥсыкала разыҟазаареи, ргәымшәареи, хацәынмырхатәи рџьабааи ирсимволуп ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут. Мҽхакыҭбаала анаркотикатә маҭәашьарқәа рыҭиразы аҽазышәара аус хацыркуп Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс лганахьала ҳәа аанацҳауеит апрокуратура хада. Асмаҭ Ашәԥҳа дааныркылеит жьҭаара 21 рзы. Аҟәатәи араионтә ӡбарҭа жьҭаара 27 рзы агәызҩара ззыҟоу дҭакызарц азы мап ацәнакит. Ари аӡбамҭа еиҭахәаԥшуан Аҟәа араион апрокуратура адгаларала ашьауӷатә усқәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа. Аколлегиа Ашәба лҭакра мап ацәкразы ақәҵара аԥнахит, аӡбарҭа ари азҵаара даҽа еилазаарак аҿы еиҭа иахәаԥшит. Аӡбарҭа аӡбамҭа ҿыц ала абҵара 6 рзы агәызҩара ззыҟоу ҩымз ҳәа дырбаандаҩуп."Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон ахь 300 инареиҳаны азыҳәақәа нашьҭуп.Урҭ рыхәҭак ажурналистцәа рҟынтәи инашьҭын. Хыԥхьаӡарала аҩбатәи акатегориа – 20%, апресс-маҵзурақәеи PR-и рҟазауаа роуп. Иара убас, азыҳәақәа нарышьҭит аблогерцәа, SMM-специалистцәа, аоператорцәа, амонтажҟаҵаҩцәа, арежиссиорцәа, апродиусерцәа, амҩаԥгаҩцәа, астримерцәа. Бзыԥтәи аиҩхааҿы илеиз ахаҳә амҩа хәҭак аныркит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа. Иажәақәа рыла, ахаҳәқәа каҳаит аӡиа Риҵа 22 километра амҩа ахәҭаҟны, аха аныҟәара аанкылара аҭахымхеит. "Ари аҩыза ҳашьцылеит. Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ирлас иҳаӡбоит. Насыԥны аӡәгьы ааха имоуит", — азгәеиҭеит иара. Уажәы ахаҳәқәа рықәгыразы аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҩ-сааҭк рыла ихыркәшахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0a/1066881243_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_19404d73ffdc7071387fad2657f12855.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио