https://sputnik-abkhazia.info/20261110/1066872622.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Амилициа амш азы аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи дрыдныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны амилициа аҭоурых ҳтәылеи... 10.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-10T13:01+0300
2026-11-10T13:01+0300
2026-11-10T14:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0a/1066872456_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_3e82ab3bd5fd90ee2f48b2d8be0cf9d4.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Амилициа амш азы аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи дрыдныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны амилициа аҭоурых ҳтәылеи ҳажәлари рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳәа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан амилициа аусзуҩцәа ауаажәларратә зинтә еиҿкаара иахылаԥшуан ҭакԥхықәрала рмаҵзуратә ус нагӡо. Атәыла ахада иажәақәа рыла, иахьа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҭакԥхықәура ду зцу ари аусура иацырҵоит.
Аԥсны амилициа аԥҵоижьҭеи 105 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы. Аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.Иара иазгәеиҭеит аусзуҩцәа рабиԥара ҿа аусбарҭа иреиӷьу атрадициақәа еиқәдырхароуп, аветеранцәа рԥышәеи рдырреи рымырдалароуп ҳәа. "Абиԥарақәа рышьҭрамадареи руалԥшьа азиашареи роуп азанааҭтә маҵзура шьақәзыргыло", — иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ. Амилициа амш – азакәани аиҿкаареи зыхьчо уи аус гәык-ԥсыкала разыҟазаареи, ргәымшәареи, хацәынмырхатәи рџьабааи ирсимволуп ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Урыстәылеи Аԥсни азинхьчаратә усхк аҟны русеицура аҿиара иацырҵоит, уи аусбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбара алнаршоит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АҩАР ахаҭарнак Сергеи Голенков.Ареспублика Амилициа амш 105 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҿы иара Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Илиа Зубов иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит. Иара иазгәеиҭеит аԥснытәи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ишахәҭоу еиԥш атәылаҿы азакәани азинеиҿкаареи аԥыжәара рымазааразы ишымҩаԥырго имариам амаҵзура.
Урыстәылеи, Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Украинеи х-ганктәи реиҿцәажәарақәа Абу-Даби ихацдыркит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. Урҭ мҩаԥысуеит абҵара 10-11 рзы. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит ахада ицхырааҩ Владимир Медински, украинатәи аделегациа — адәныҟатәи аԥшыхәра амаҵзура анапхгаҩы Русҭем Умеров. Аиҿцәажәарақәа темас ироуеит аконтинент аҿы ашәарҭадаратә система ҿыц ашьақәыргылара аспект хадақәа рылацәажәара. Украина аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара аимак-аиҿак апунктқәа ируакхоит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Амилициа амш азы аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи дрыдныҳәалеит. Иара иазгәеиҭеит Аԥсны амилициа аҭоурых ҳтәылеи ҳажәлари рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ҳәа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан амилициа аусзуҩцәа ауаажәларратә зинтә еиҿкаара иахылаԥшуан ҭакԥхықәрала рмаҵзуратә ус нагӡо. Атәыла ахада иажәақәа рыла, иахьа аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҭакԥхықәура ду зцу ари аусура иацырҵоит. Аԥсны амилициа аԥҵоижьҭеи 105 шықәса аҵра азгәарҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿы. Аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.Иара иазгәеиҭеит аусзуҩцәа рабиԥара ҿа аусбарҭа иреиӷьу атрадициақәа еиқәдырхароуп, аветеранцәа рԥышәеи рдырреи рымырдалароуп ҳәа. "Абиԥарақәа рышьҭрамадареи руалԥшьа азиашареи роуп азанааҭтә маҵзура шьақәзыргыло", — иҳәеит ахада ихаҭыԥуаҩ. Амилициа амш – азакәани аиҿкаареи зыхьчо уи аус гәык-ԥсыкала разыҟазаареи, ргәымшәареи, хацәынмырхатәи рџьабааи ирсимволуп ҳәа азгәеиҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут. Урыстәылеи Аԥсни азинхьчаратә усхк аҟны русеицура аҿиара иацырҵоит, уи аусбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбара алнаршоит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АҩАР ахаҭарнак Сергеи Голенков.Ареспублика Амилициа амш 105 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә еилатәараҿы иара Урыстәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Илиа Зубов иҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит. Иара иазгәеиҭеит аԥснытәи азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ишахәҭоу еиԥш атәылаҿы азакәани азинеиҿкаареи аԥыжәара рымазааразы ишымҩаԥырго имариам амаҵзура. Урыстәылеи, Еиду Америкатәи Аштатқәеи, Украинеи х-ганктәи реиҿцәажәарақәа Абу-Даби ихацдыркит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости. Урҭ мҩаԥысуеит абҵара 10-11 рзы. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭоит ахада ицхырааҩ Владимир Медински, украинатәи аделегациа — адәныҟатәи аԥшыхәра амаҵзура анапхгаҩы Русҭем Умеров. Аиҿцәажәарақәа темас ироуеит аконтинент аҿы ашәарҭадаратә система ҿыц ашьақәыргылара аспект хадақәа рылацәажәара. Украина аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара аимак-аиҿак апунктқәа ируакхоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/0a/1066872456_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_090c37c7ccac75aa6f02b5f6dea4f4fe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио