Аԥсны жәлар рартист Азиз Агрба диижьҭеи 105 шықәса ҵит

© Предоставлено Абхазским драмтеатром им. С. ЧанбаАԥсны жәлар рартист Азиз Агрба диижьҭеи 105 шықәса ҵит
Аԥсны жәлар рартист Азиз Агрба диижьҭеи 105 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
105 шықәса ҵит Аԥсны жәлар рартист, раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә режиссиор Азиз Агрба диижьҭеи.

Бадраҟ Аҩӡбаба, Sputnik

105 шықәса ҵит Аԥсны жәлар рартист, раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә режиссиор Азиз Агрба диижьҭеи. Аԥсны жәлар рартист Кьесоу Ҳагба актиор ду дихцәажәоит.

Азиз далгеит Васили Домогаров напхгара ззиуаз аԥсуа драматә студиа. 1935 шықәса рзы аҵара иҵон Луначарски ихьӡ зху Москватәи атеатртә ҟазара аинститут аҟны.

"Азиз дреиуан Шәарах Ԥачалиа, Минадора Зыхәԥҳа, Мҭы Ақаҩба реиԥш иҟаз, иреиӷьӡақәаз. Амилаҭтә театр ҟазҵо амилаҭтә режиссиорцәа роуп. Домогаров ишьҭахь Азиз иоуп аԥсуа милаҭтә драматургиаҿы режиссиор шьаҭаркыҩны иҟоу", — иҳәоит Ҳагба.

Азиз Агрба ган рацәала здыррақәа ҭбааз уаҩын, аурыс классика бзиа ибон.

"Толстои, Достоевски, Пушкин, Лермонтов бзиа ибон. Актиорк иҳасабала дыхәмаруан еиуеиԥшым аспектакльқәа рҟны. Сара насыԥ сыманы схы збоит иареи сареи жәашықәса инарзынаԥшуа аус ахьеицаауаз", — иҳәоит Ҳагба.

1931 шықәса инадыркны Азиз Агрба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә театр аҟны актиорс дыҟан, 1939 — 1961 шықәсқәа рзы режиссиор хадас аус иуан. Иара иқәыргыламҭоуп акомедиақәа, адрамақәа.

Уаҩԥсык иҳасаб ала Азиз Агрба еиԥш зеиԥшыз дыҟамызт.

"Азиз амилаҭ дахаҭарнакын. Изныкымкәа инапы рыҵеиҩхьан амилаҭ-хақәиҭратә қәгыларақәа рлахәылак ихьӡала атәыла аԥеиԥш атәы зҳәоз ашәҟәқәа", — иҳәоит актиор.

Азиз иқәыргыламҭа аспектакль "Царь Леон I" ақәҿиара ду аман ахәаԥшцәа рыбжьара. Қарҭынтәи иааны иҟаз акомиссиа ахада аспектакль данахәаԥш иарктәуп иҳәеит, Азизгьы дҭактәуп ҳәа ақәиҵеит. Амилаҭ иаҿагылоу спектакльны ибеит, ҳәа еиҭеиҳәоит Ҳагба.

Усҟантәи аамҭазы апартиа актәи амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз Борис Адлеиба иакәзар, аспектакль аҳҭнықалақь аҿы мацара акәым ареспублика егьырҭ ақалақьқәеи араионқәеи рахь иганы идырбатәуп ҳәа адҵа ҟаиҵеит.

"Ақырҭцәа Аҟәа ианалала, Леон икостиум дәылганы иаеихсуан", ҳәа иҳәоит актиор.

Азиз Агрба иқәыргыламҭоуп аспектакльқәа: "Данаҟаи" (Миха Лакрба), "Ажәытәра иагаз" (Ӡаӡ Дарсалиа), "Асас еиқәаҵәақәа" (Гьаргь Гәлиа), "Ԥсра зқәым" (Шәарах Ԥачалиа), "Ҳауа идагәада?" (Шьоҭа Чкадуа).

Ажәабжьқәа зегьы
0