АҞӘА, цәыббра 19– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Апалата шықәсыктәи аусура аихшьаалақәеи алкаақәеи азуа апалата амаӡаныҟәгаҩ Наҭела Акаԥҳа иазгәалҭеит апалата алахәылацәеи амчратә структурақәеи реинырра акыр иԥсыҽуп ҳәа.
Лара илҳәеит Ауаажәларратә палата ажәалагалақәа, абжьагарақәа лассы-лассы иахәҭоу ақәҿыҭра шырмоуа.
"Ҳара ҳахь ирацәаҩны атәылауаа адҵаалоит еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахьала: анхарҭа аиура, аинвалидцәа хәшәыла реиқәыршәара уҳәа апроблемақәа аҭыԥ рықәҵаразы. Ҳара иахәҭаны иҟоу аструктурақәа рахь адырра ҟаҳҵоит, аха имаҷым ҳзыҳәақәа ҭакда ианаанрыжьуа. Уи угәы унархьыртә иҟоуп, насгьы азакәан аилагароуп иаанаго", — дазааҭгылеит Наҭела Акаԥҳа.
Лара ҿырԥштәны иаалгеит Аҟәа ақалақь Ахадара, апрокуратуратәи азинхьчаратәи усбарҭақәа, иагьазгәалҭеит абарҭ аилазаарақәа рҿы зегь раасҭа еиҵаны ражәалагалақәа, рзыҳәақәа хырҩа шрырҭо.
"Зны-зынла инықәырԥшны аҭак ҳарҭоит, аха уи аус иахәо иҟам. Сгәы иаанагоит ҳара ҳажәалагалақәа, ҳазгәаҭарақәа ауаажәларра ирзеиӷьу ахь икылнагоит ҳәа", — лҳәоит апалата амаӡаныҟәгаҩ.
Наҭела Акаԥҳа ишазгәалҭаз ала Ауаажәларратә палата аилатәарақәа раан еиҳарак аибарххарақәа, аимак-аиҿак цәырыргоит атәылаҿ акриминогентә ҭагылазаашьеи анаркоманиеи ирызку аилацәажәарақәа.
"Ауаа зегьы ргәы иҵхо азҵаарақәа Ауаажәларратә палатагьы завсуам. Уажәы ҳара азинхьчаратә усбарҭақәа русура аиӷьтәразы ҳгәаанагарақәа еидкыланы ажәалагала азырхиара ҳаҿуп. Ашәарҭадараз акомиссиа ахантәаҩы игәы бзиам, аусура дышҭыҵлак ашәҟәы ҳадкыланы акьыԥхь ахь ицәыраагоит", — лҳәеит Акаԥҳа.
2016 шықәса цәыббра 19 рзы, шықәсык аԥхьа Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ишьақәирӷәӷәеит Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц.