Ҷкотуа: аԥсуа телехәаԥшра ҳџьынџьуаа ирбаратәы, ираҳаратәы иҟаҵатәуп

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаОктаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит
Октаи Ҷкотуа: ашәҟәеиҭагара сара иалсымхӡеит, иара салнахит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥсуара ахеилак анапхгаҩы Оқҭаи Чкотуа дырзааҭгылоит аԥсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу азҵаарақәа, ахәҭакахьала Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рхатәы бызшәа аҭагылазаашьа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Оқтаи, уара угәаанагарала, абызшәа ахьчараҟны иарбан хырхарҭақәоу иубо?

— Аҳәаанырцә инхо аԥсуа диаспора иазкны зҵаарак аныуӡбо, Аԥсны иадҳәалазароуп. Арантә ахырхарҭа аҭамзар, адиаспора аҩныҵҟа иарбанзаалак зҵаарак узыӡбаӡом. Ааигәа журналк аҟны саԥхьон, уи ахышыҩҵак акырынтәгьы еиҭасҳәахьеит, уажәгьы ҿырԥштәык аҳасабала ишәзаазгоит: "Абызшәа здыруа рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы мацара акәӡам изыӡуа, издыруа иахьырымҳәо азоуп. Ҳара ҳхыԥхьаӡара егьа имаҷзаргьы, уи абызшәа ашәарҭара иҭанаргылаӡом, издыруа иахьырымҳәо ауп ашәарҭара иҭазыргыло. Сара сгәаанагарала, абызшәа ахьчара, аҳәынҭқарра ахьчара иаҩызоуп. Убызшәа анумыхьча, ахәаақәа ҳцаны иҳахьчеит ҳәа акагьы аанамгозар ҟалап. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы, ахәаахәҭрақәа, ахәышәтәырҭақәа, аҩны, адәны уҳәа иарбан бызшәоу еиҳарак иуаҳауа, излацәажәо? Уи аԥсыуа бызшәаӡам, даҽа бызшәоуп. Иара убригьы иаҳнарбоит ҳара даҽа бызшәак ҳшампыҵанахалахьоу. Убри дырны, шаҟа иуадаҩугьы еилкааны аус напы анаурклак, аиааира еиҳа имариоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ахәыҷы аҵара ахьиҵо аҩнаҭаҿоуп. Уи иҿыцу аартыраӡам, еилкаау усуп.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Дбар: қыҭа дуӡӡак дзырҭәааша зыԥсадгьыл ашҟа игьежьыз ҳџьынџьуаа ыҟоуп

- Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа, иахьа уажәраанӡа рбызшәа еиқәырханы иааргеит, изла?

— Ааигәанӡа, Ҭырқәтәыла аԥсышәала аҩышьа аԥхьашьа шырзымдыруазгьы, ашколқәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа шрымамызгьы, аԥсуаа рбызшәа еиқәырханы иааргоит. Избанзар, аҩнаҭаҿы абызшәа раҳауеит, аԥсҭазаараҿы уи абызшәа рхы иадырхәоит. Аԥсны аҩыра ҳхы иаҳархәо ҳалагаанӡа, нас иаҳҳәозар ажәлар рҳәамҭақәа реиԥш иҟоу злеиқәхазеи? Избанзар, аҩнаҭаҿы ирҳәон, ираҳауан. Аҭаацәа рроль даараӡа акраҵанакуеит, абызшәа рҵагатә бызшәазароуп. Аԥсны инхо егьырҭ амилаҭқәа ԥсышәала ианзымцәажәа, аиаша шәасҳәоит, ҳара ҳаԥсуа бызшәа ҳзеиқәырхаӡом. Избанзар, дара иахьырзымдыруа, иахьырзымҳәо азы, дара еилыркаауа абызшәала ацәажәара ҳалагоит. Уи иаанагаӡом егьырҭ амилаҭқәа рзинқәа пату рықәымҵара ауп ҳәа, мап ус ҟалома? Аха, абызшәа рҵароуп Аԥсны инхо ауааԥсыра зегьы, аԥсшәа рдыруазароуп. Аԥсны иҟоу ашколқәа рызегьы аԥсышәала аҵара асистема иаҵанакуазароуп, уаҳа ԥсыхәа ҳамаӡам, мамзар ажәа ԥшӡақәа ус аҳауаҿы иаанхоит. Адунеи аҿы иҟаӡам ҳәынҭқаррак, ауааԥсыра рыбжеиҳараҩык рхатәы бызшәа ахьырзымдыруа.

- Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рбызшәа аҭагылазаашьа ҳаналацәажәо хәҭа-хәҭала иаҳшоит, урҭ иарбақәан?

— Актәи ахәҭа-абызшәа зынӡа иззымдыруа ҿыц игылаз абиԥара, аҩбатәи ахәҭа-еилызкаауа, аха изымцәажәо, ахԥатәи ахәҭа-аԥсшәа бзианы еилызкаауа, ацәажәарагьы зылшо, аԥшьбатәи ахәҭа-даара имаҷуп аха, аҩышьа, аԥхьашьа здыруа. 30-40 шықәсқәа раԥхьа, ԥшьыхәҭакны иушартә еиԥш апроблема ыҟаӡамызт. Усҟан зегьы аԥсшәа рдыруан, избанзар аҭаацәа рҿы ираҳауан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, ашьшьыҳәа аӡра иалагеит Ҭырқәтәыла, уи зыдҳәалоу еиуеиԥшым амзызқәа рацәаны иҟоуп. Зегь раԥхьа иргыланы, ақалақьқәа рахь риасра, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭалара. Аха иҟоуп џьаргьы имцакәа зҭыԥқәа рҿы иаанхазгьы. Аԥсны анҭыҵ аԥсуа телехәаԥшра аҷҷаҳәа ицәажәо, ирбаратәы, ираҳаратәы ианаҳзыҟамҵа, ҳусқәа ҽеихом. Убри аҩыза алшара аинтернет иамоуп.

Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

- Абызшәа агәыбылра ашьҭкааразы еиҳа иҟаҵатәуп ҳәа угәы иззаанагои?

— Уажәы иаҳҳәап, зқьы шәҟәы ҭҳажьит, зықьҩык рнапаҿы иҟоуп. Убри ашәҟәы аинтернет аҿы иҭагалан иҳамазар, миллионла ауаа ахәаԥшуеит, уи мариоуп аиҿкаара, иара убас ашәҟәқәа адискқәа рахь риагарагьы. Иззымдыруа рзы гәаанагарак сымоуп, шәааи аҭырқәа ашьҭыбжьқәа ирҭагӡаны, иаармарианы, аԥсуа бызшәа дырҵара иазку методикак аԥаҳҵап. Нас убри ала агәыбылра анырклак, ашьшьыҳәа иацырҵо иалагоит.

Иҭабуп, Оқтаи ҳаиҿцәажәаразы!

Ажәабжьқәа зегьы
0