Дбар: қыҭа дуӡӡак дзырҭәааша зыԥсадгьыл ашҟа игьежьыз ҳџьынџьуаа ыҟоуп

© Фото : Гагра ТВБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аилак аиҳабы Беслан Дбар дазааҭгылеит мызкы иалагӡаны иусруаҟны имҩаԥигаз аҭҵаарақәеи, ааигәа Ҭырқәтәылаҟа ицара зызкуи ртәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа.

- Беслан Андреи-иԥа, ааигәа шәара амаҵзура ҿыц шәахагылеит, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рархынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы напхгара ашәҭоит. Мызкы иалагӡаны, имҩаԥышәгаз аҭҵааратә усурақәа ирыбзоураны, иарбан зҵаарақәоу еиҳа зҿлымҳарыла изызнеитәуп ҳәа ишәыԥхьаӡо?

— Иҭабуп. Мызкы иалагӡаны сусура ҿыц аҟны еилыскааз рацәоуп. Имҩаԥызгахьоу аусқәа зегьы раасҭа аҭакԥхықәра шацу збоит, аидара хьанҭа сҟәаҟәа ишықәу агәра зго сҟалеит. Арепатриациазы аилак иаҵанакуа даара ирацәоуп, ари ҳәынҭқарратә зҵаароуп, ҳәынҭқарратә политикоуп. Дарбан аԥсыуазаалак гәыҩбарак изцәырымҵуазароуп абри азҵаара аҟны. Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра иазгәыҳәуаз абиԥарақәа рахьтә иҟоуп изымбаӡакәа иԥсқәазгьы. "Абарҭ анбагьежьри, аамҭак ҟалару?" — ҳәа ишхәыцуаз, згәыӷрақәа уахь изманы ицақәазгьы ыҟоуп. Аха, Анцәа иџьшьаны, иахьа иаҳбаратәы иҟоуп агәашәқәа шаатыз, амҩақәа шыҟалаз, ацҳақәа рыхҵара ҳшалагаз. Зегь раԥхьа иргыланы арҭқәа рҟны амчра ҳазҭаз ҳаԥсуа ҳәынҭқарра ахьыԥшымра ауп. Аԥсуа жәлар ироуз ахақәиҭра, дунеихаан уаҳа ирцәыӡыр ҟалаӡом. Убри ахақәиҭра рцәымӡырц азы, раԥхьа иргыланы ҳара ҳаԥсадгьыл аҿы, ҳаԥсуа дгьыл аҿы, ҳаԥсуа дунеи ҳамазароуп, ҳаԥсуа милаҭ рҭыԥ ыҟазароуп. Ҳаԥсуа милаҭ реидкылара аҭахуп. Убри азы, иарбан министрразаалак, иарбан наплакызаалак, иарбан хеидкылазаалак, абри иазхәыцуазароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Хымԥада, ҳара ҳаҩнуҵҟа иҳамоуп ауадаҩрақәа. Иҳамоуп аҿар ирыдҳәалоу зыӡбара аҭаху азҵаарақәа. Уи ҳара ҳаҩнуҵҟатәи проблемоуп. Аха, атәым дгьыл аҿы ара иҟоу ҳаасҭа аԥсуаа аанханы ишыҟоу ҳдыруеит. Аԥсуа дунеи ашҟа урҭ раагара-абри ауп иахьа хықәкы хадас ҳҿаԥхьа иқәҳаргылараны иҟоу.

Беслан Кәыҵниа арепатриациазы: ҳаидызкыло, ииашоу ажәабжь ҳабжьазароуп

- Беслан Андреи- иԥа, уи азы иҟаҵатәуи, мҩақәас ижәбои?

— Ишыжәдыруа еиԥш, ҳазҭалоу ашықәс алагамҭазы, ари аилак 25 шықәса ахыҵуеит. 25 шықәса рыла иҟаҵоу маҷӡам. Зыԥсадгьыл ахь иаауа ҳџьынџьуаа маҷӡам, иахьа ара иаанхаз, иҳавагыланы инхо-инҵуа, зхәыҷқәа аҵара дзырҵо, аԥсуара иашьҭоу аҭаацәарақәа маҷымкәа иҳамоуп. Иуҳәозар, иааидкыланы қыҭа дуӡӡак дзырҭәааша, зыԥсадгьыл ашҟа игьежьыз ауаа ҳамоуп. Убри иаҵанакуа рацәаӡоуп. Ҳдемографиатә зҵаара аус аҟны уи иаӡбо акрыҟоуп. Аԥсуа жәлар ҿиар ҳҭахызар, ҳаԥсуа ҳәынҭқарра иӷьацаӡа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирылагылазарц ҳҭахызар, раԥхьа иргыланы ҳара иаҳҭаху ауаа роуп, аԥсуаа роуп. Аԥсуаа рҭыԥ атәым уаа иныркылар ҳҭахӡам. Ҭоурыхла уи ҳахысхьеит, даҽазнык уи ашҟа ҳгьежьыр рыцҳара дууп ҳәа иазысыԥхьаӡоит. Дарбан чын уаҩызаалак идыруазароуп аԥсуа идгьыл аҿы шакәу аԥсуа дӷьацаратәы иахьыҟало, даҽаџьара даԥсуаны дзыҟалаӡом. Убри еилаҳкаар ауп, аԥсуа иҭыԥ иара изы ианаанхо.

- Шәцәажәараҟны иазгәашәҭеит, ус егьыҟоуп, ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҿаԥхьа изҵаара хаданы иқәгылоу ҳашьцәа Аԥсныҟа рырхынҳәра азҵаара шакәу. Шәара ари амаҵзураҿы шәааижьҭеи, иҟоума шәара шәахь иааиуа, зыпроблемақәа цәырызго ҳџьынџьуаа? Еиҳарак иарбан уадаҩрақәоу ирымоу?

— Сара мызкы иалагӡаны еилыскааз аганахь ала исҳәарц сылшоит, абри аилак аус ауеижьҭеи, ишәаны-изаны иконцептуалтәу азнеишьа аҭаны, иара иахәҭоу апрограмма шьақәырӷәӷәаны, арепатриациа аганахь ала иааиз иахьа Аԥсны, иҭыԥ ылхны, дахьтәо идыруа, дахьгылоу идыруа, ихәыҷы дахьнеиго, иарбан школу дызҭало идыруа, абас ала еиқәыршәаны апрограмма ҳамаӡам. Ииаашоуп, аҩнқәа дыргылеит, ауаа ҩнарҵеит, ашколқәа ирҭарҵеит, аус ду ҟаҵоуп, аха инагӡатәу еиҳауп. Ҳара еилкааны иҳамазароуп ҳазҭоу ашықәс азы, иааиуа ашықәс азы заҟаҩ ҳадаҳкылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳамоу, заҟаҩ уадала еиқәҳаршәо, заҟаҩ русурҭақәа ылхны иҳамоу. Иааҳгаз ауаҩы акриуроуп, аԥара ирҳароуп, ихы ныҟәигароуп. Афонд амацара амч хаӡом. Хымԥада, ауаҩы данаауга зегь рыла деиқәуршәароуп. Абарҭ азҵаарақәа рҟны ихадаратәу, иааиуа аӷьырак зызҵаауа убриоуп. Аӡәы жәашықәса ҵуеит Аԥсны дыҟоижьҭеи, егьи хәышықәса ҵуеит зҳәазеиԥш, ҩныда-гәарада иаанханы иҟоуп. Афонд ахарџьқәа рыла ауадақәа амхны иахьыҩно ыҟоуп. Арепатриант истатус хәышықәса роуп аус анауа, уи анаҩс ауаҩы ауада анузимҭа, истатус аницәыӡлак иара ихатә харџьала ауадақәа дрышьҭазароуп, уи иуадаҩу усуп, иаԥыхтәуп. Излауала, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз, дара рхы ахьыҩнаркуа, дара иртәу, дара рыхьӡ зху анхарҭа рымазароуп. Уи раԥхьа иргылатәуп, нас ауп егьырҭ ахырхарҭақәа рыла азҵаарақәа анцәырҵуа, еиҳарак адаптациа иадҳәалоу. Ахәыҷбахҷа, ашкол иадҳәалоу азҵаарақәа ирласны иӡбатәуп, ус еилыскаауеит. Иахьа ҳаԥсуа университет аҿы арепатриантцәа рхәыҷқәа аҵара рҵоит. Абиуџьет ҵаҵӷәы аҭаны аҵара зҵо уаҩ дыҟаӡам. 10-15-ҩык арепатриациа ахьӡала аҵара рҵозар, иаҳԥырхагада, зегь ҳнапаҿы иҟоуп. Амҩа иқәаҳҵароуп, 50% рҵара ахәԥса афонд аҟынтә ҳарҭ иаҳшәоит. Абиуџьет иахьа иалшаратәы иҟоуп, абиуџьет аганахь ала жәаҭыԥк рҟынӡа ҳаԥсуа университет аҿы арепатриациа ахьӡала иҟазтгьы, хәыда-ԥсада аҵара рҵаратәы иҟалон. Уигьы цхыраара думи. Хырхарҭа хадас иалхтәу акоуп-аҩнқәа рыргылара, Аԥсныҟа игьежьыз ҳџьынџьуаа рхатә хыҵакырҭа, мамзаргьы адгьыл рзыԥҵәатәуп, рыхьӡ ахҵаны ираҳҭароуп. Абри ҟалар, хымԥада, нхацәоуп, рхы иахәоит, аусушьа рдыруеит, алшара бзиақәагьы шаадырԥшуа агәра ганы сыҟоуп. 

Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаразиа: еилых ҟамҵакәа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи сареи ҳаибабалоит

- Шәара лассы Ҭырқәтәылаҟа шәцараны шәыҟоуп. Шәыпрограмма шԥеиҿкаау? Иарбан еиԥыларақәоу иазԥхьагәаҭаны ишәымоу?

— Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы аҿы аус зуа рыла мацара ишьақәгылоуп аделегациа, Аԥсуа телехәаԥшра аҟынтә ажурналисти, аоператори ҳацуп, иааидкыланы быжьҩык ҳаҟоуп. Уахь ҳцара сара сзы аибадырратә ҟазшьа амоуп. Аԥсуа Федерациа анапхгареи ҳареи аимадара ҳабжьоуп, аԥхьаҟатәи ҳусқәа еибаҳҳәароуп. Ҳара иҟаҳҵаз аҳәарала апрограмма рхианы иҟоуп. Адернеқьқәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаиқәшәоит, Сҭампыл аиԥылара неиҵхыны иҟалоит, Анкара, Кавказтәи Афедерациа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаиқәшәоит. Убра еиҿкааны иҟоу ахеилакқәа зегьы, еилых ҟамҵакәа избарц сҭахуп. Аԥсны ргәалазыршәаша ҳамҭахәыҷқәак шьҭысхит. Агәра згоит ҳаиԥыларақәа алҵшәа шроуа. Апрограммаҿы иазгәаҭоуп абызшәа арҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара, азнеишьа ҿыцқәа алагалара, аԥсуа бызшәа арҵаразы арҵаҩцәа Аԥснынтә рынашьҭра, ирацәоуп иӡбатәу азҵаарақәа. Зегь реиҳа ихадароуп ҳәа сыԥхьаӡоит саԥсыуоуп ҳәа зҳәо, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рхыԥхьаӡара аилкаара. Заҟаҩ ыҟоу иахьа уажәраанӡа иҳаздырӡом. Хымԥада, иаԥҵатәуп абаза. Уи иуадаҩу усуп, аха анапы арктәуп. Арахь ихынҳәыз ара дҳамоуп, бзиала даабеит. Уажәшьҭа ара иҟоу ҳашьа шиакәу ҳдырроуп, заҟаҩ ыҟоу ҳдырроуп, ирхылҵыз ҳдырроуп, аԥсуа шьҭра мыӡырц азы, аԥсуа жәлақәа иҟаз, аншьҭроума, абшьҭроума, атехнологиа ҿыцқәа ҳхы иархәаны зегьы абаза иҭагалатәуп, заҟаҩ ҳаҟоу адырразы. Анаҩс, иааиуа аԥхынразы аҿар, ахәыҷқәа излауала ирацәаны Аԥсныҟа раагара ҳгәы иҭоуп. Рықәлацәеи дареи еибарбатәуп, рыԥсы ахьеицыршьаша аҭыԥқәа азылхтәуп. Убарҭқәа рзы аилацәажәарақәа мҩаԥаҳгоит. Арепатриациа амч амацара ала изыҟалаӡом, иалаҳархәыша аминистррақәа ыҟоуп. Зегьы рыцхыраарала ԥшьба хәба гәыԥ иааиуа аԥхынра Аԥсны иааратәы иҟаҳҵароуп. Апроектқәа маҷымкәа иҟоуп, агәра згоит алҵшәа бзиақәа шаадырԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0