Апроект "Ты супер! Танцы": иацы, иахьа, уаҵәы

© Фото : PR НТВФинал шоу "Ты супер!Танцы"
Финал шоу Ты супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ты супер! Танцы" лахәылацәа рзы шықәс ҿыц ассирқәа нымҵәацт.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 — Sputnik. Ԥхынҷкәын 23 рзы конкурс "Ты супер! Танцы" афинал мҩаԥысит. Иаиаиз рыхьыӡқәа рылаҳәоуп, аҳамҭақәа рызшоуп. Алахәылацәа ракәзар, аԥсҭаазара ацәқәырԥақәаа иргәылсны ԥхьацара рыгәҭакуп. Абарҭ зегьы шықәс ҿыц мышқәак шагу.

Выступление Милены Тачулия в полуфинале Ты супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Милена Тачулиаԥҳа "Ты супер!Танцы" афинал ахь днеит

Аконкурс "Ты Супер! Танцы" аҟны аҭыԥқәа абасеиԥш ишоуп: 1 аҭыԥ— 14-шықәса зхыҵу Валери Родионова; 2 аҭыԥ — Виктор Лукинов; 3 аҭыԥ — Мухаммеди Никита Иванови; 4 аҭыԥ — Алина Денисовеи Джеихун Ага-Тагиеви; 5 аҭыԥ — Анастасиа Иашкина; 6 аҭыԥ — Сергеи Козибеев; 7 аҭыԥ — Алисеи Артеми Наумоваа; 8 аҭыԥ — Милена Тачулиа.

Ашықәс ҿыц ҽаамҭак иаламҩашьо, иссиру, иџьашьахәу аамҭоуп. Аҳамҭақәа ирныҳәоуп. Убри азоуп Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik апроект "Ты супер! Танцы" алахәылацәа рзы аҳамҭа здырхиаз – зегьы мчыбжьык Петербург ирхыргараны иҟоуп ашықә ҿыцазтәи аамҭа, абри атәы лҳәеит амаҵзура аредактор хада Маргарита Симониан.

Нева иахықзгыло ақалақь акәзар, аныҳәа ааҽазыҟанаҵоит, еилаарцыруа ирзыԥшуп аконкурсантцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0