Аҟәатәи ашколхәыҷқәа асанитар-епидемиологиатә маҵзура алабораториа иаҭааит

© Sputnik Экскурсия в бак лаборатории
Экскурсия в бак лаборатории - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ашколқәа №3, №14 рҵаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ареспубликатә асанитар-епидемиологиатә маҵзура алабораториа иаҭааит.

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥшьаша, жәабран 22 рзы аҟәатәи ашколқәа №3, №14 рҵаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ареспубликатә асанитар-епидемиологиатә маҵзура алабораториа иаҭааит.

"Ҳколлега Елла Харчылааԥҳа ашкол аҟны аус луеит. Лара лоуп ахәыҷқәагьы арахь ааԥхьара рызҭаз. Ҳара ахәыҷқәа ҟәшацыԥхьаӡа иҩнаагалеит, ирзеиҭаҳҳәеит иҟаҳҵо шыҟаҳҵо, идҳарбеит", — лҳәеит алабораториа аиҳабы Викториа Барцыцԥҳа.

Ахәыҷқәа арахь раагара ӡбан еиҳа инарҭбааны иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара дырбаразы, абактериақәа шәарҭарас ирылоу еилыркаарцы лҳәеит лара.

"Иара убасгьы ирзеиҭаҳҳәеит аӡыржәтәи амшынӡи шгәаҳҭо", — ҳәа азгәалҭеит Барцыцԥҳа.

© Sputnik Экскурсия в бак лаборатории
Экскурсия в бак лаборатории - Sputnik Аҧсны
Экскурсия в бак лаборатории

Аҟәатәи ажәиԥшьтәи ашкол аҵаҩы Самира Аҩӡыԥҳа еиҭалҳәеит илбаз-илаҳаз лара лзы даара аинтерес аҵаз.

Ашколхәыҷқәа аинтерес кны ирыхәаԥшуан амикроскоп ала абактериақәа, астафиллакокқәа реизҳара. Ирбаз азгьы ргәаанагарақәа еибырҳәон.

"Абактериақәа амикраскоп ала ҳрыхәаԥшуан. Урҭ рыҽшеихыршо атәы ҳарҳәеит", — лҳәоит аҵаҩы, Кристина Лабжаниаԥҳа.

Аԥшьаша, жәабран 22 рзы аҟәатәи ашколқәа №3, №14 рҵаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ареспубликатә асанитар-епидемиологиатә маҵзура алабораториа иаҭааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0