Акәашаҩ қәыԥш Лолита Џьобааԥҳа афестиваль далахәхоит

© Фото : предоставилено Еленой ДжобаваЛолита Джобава
Лолита Джобава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазараз жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный час" мҩаԥысуеит Москва, хәажәкыра 7 - 10 рзы.

АҞӘА, жәабран 26– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҟазараз жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный час" мҩаԥысуеит Москва. Афестиваль далахәхоит акәашаҩ қәыԥш Лолита Џьобааԥҳа ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит арҵаҩы-ахореограф Викториа Пигуль.

"Лолита мастер-класс дахысит ахореограф Евгени Папунаишвили иҟны. Убри ашьҭахь лара днаԥхьан афестиваль "Звездный час" ахь. Ҳара амилаҭ кәашара иазкны аклип ҭыхны афестиваль аиҿкааҩцәа ирзаҳашьҭит. Дара аҭакс – уи иаабац ауп, аҽакала иџьаҳшьаша ак ҳшәырба рҳәеит. Аҽа клипк ҭыхны иҳашьҭит. Абри ашьҭахь алкааратә тур ҳахысит", — лҳәеит Пигуль.

© Фото : Елена ДжобаваЛолита Джобава и Евгений Папунаишвили
Лолита Джобава и Евгений Папунаишвили - Sputnik Аҧсны
Лолита Джобава и Евгений Папунаишвили

Жәеиза шықәса зхыҵуа Лолита Аҟәатәи алицеи-интернат аҿы 5 акласс аҟны аҵара лҵоит. Шықәсык иназынаԥшу акәашаратә студиа "Mix studio" ахь дныҟәоит.

Аҟазараз жәларбжьаратәи афестиваль "Звездный час" мҩаԥысуеит Москва, хәажәкыра 7 — 10 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0