Нодар Ванаба Пицунда ақалақь Ахада инапынҵақәа неигӡалоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаНадар Ванаба
Надар Ванаба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Витали Хәытаба ицынхәрас Пицунда ақалақь Ахадас дҟаҵоуп Нодар Ванаба.

ПИЦУНДА, 12 мар — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба ақалақь Ахадара дрыдигалеит ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нодар Ванаба.

"Атәыла Ахада Аусԥҟа инапы аҵеиҩит Витали Хәытаба ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны ихы дақәиҭтәызарц. Аҩбатәи Аусԥҟала ақалақь Ахада инапынҵақәа назыгӡоит Нодар Ванаба", — иҳәеит Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба.

Иара иазгәеиҭеит ақалақь ауааԥсыра уаанӡатәи анапхгаҩы еиԥш иахьа зыӡбахә ҳәоугьы ибзианы дшырдыруа.

"Шәара ибзианы ижәдыруеит арҭ ауааԥсыра. Сазааҭгылар сҭахуп Витали Матвеи-иԥа иӡбахә. Иара Пицунда ақалақь аҟны еиуеиԥшым анапынҵақәа неигӡон, ақалақь Ахадас ламысцқьала аус иуан. Сгәы иаанагоит ииҩыз арзаҳал акыр дазхәыцны иҩит ҳәа. Нодар Рауф-иԥа иакәзар, ара диит ара дааӡеит. Хымԥада Пицунда аизҳа-зыӷьаразы ихы деигӡараны дшыҟам аадыруеит, агәра аагоит", — иҳәеит Лышәба.

Пицунда уаанӡатәи Ахада Витали Хәытаба ақалақь Ахадара аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит акраамҭатәи русеицуразы, Нодар Ванаба изеиӷьеишьеит иусураҟны ақәҿиарақәа.

"Ҳара ҳара ҳаилибакаауан. Ирацәоуп ҳзыхьӡаз. Иҟоуп ҳазхьымӡаз. Иахьа ақалақь анапхгара знапы иану изеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа", — иҳәеит Хәытаба.

Ахада инапынҵақәа назыгӡо Нодар Ванаба иҳәеит ақалақь анапхгара аҭараҿы иара ауааԥсыра рыцхыраара дшақәгәыӷуа.

"Пицунда иҟоу апроблемақәа маҷым, аха ҳаидгылар зегь ҳаӡбоит", — иҳәеит иара.

Пицунда - Sputnik Аҧсны
Витали Хәытаба Пицунда Ахада инапынҵақәа неигӡалоит

Витали Хәытаба Пицунда Ахадас аус иуан 2017 шықәса жәабранмза аахыс.

Нодар Ванаба диит 1963 шықәса хәажәкыра 10 рзы, Гагра араион Лӡаа ақыҭан. Ашкол даналга ашьҭахь, 1980 шықәса рзы дҭалоит Ҟабарда-Балкартәи аҳәынҭқарратә университет. 1985 шықәса рзы далгоит. 1989 – 1992шш. рзы аус иуан Гагра.

1992 – 1993шш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан.

1998 шықәсеи 2001 шықәсеи рзы дрылахәын арратә операциақәа.

1994 – 1999шш. рзы апансионат "Самшитовая роща" агараж аиҳабыс дыҟан.

2003 – 2018шш. рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә хьчара а-9-тәи аҟәша аусзуҩ.

Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0