Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

© Sputnik/Irina SychevaЦветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos
Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытә азгәаҭарақәа иабанӡа иашаз, иара убас иахьатәи аамҭа урҭ азхаҵарақәа иахьынӡақәшәо атәы лҳәеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклористҭҵаареи ацентр аусзуҩ, аҵарауаҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Sputnik

Жәытәнатә аахыс аԥсуа жәлар еиуеиԥшым азхаҵарақәа рхы иадырхәон. Еиҳарак аҵиаақәеи, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхымҩаԥшьалеи, ажәҩан иаҵыԥшны аеҵәақәа рылеи амш зеиԥшрахо ҳәа азгәаҭарақәа ҟарҵон. Хәажәкыра 20 аҽны, амш зеиԥшрахоз ала ажәытәан ирдыруан изеиԥшрахоз аԥхын, ақәа леиуазар — аԥхын ӡыс аамҭахоит, амра ԥхозар кәыркә шоурахоит ҳәа иԥхьаӡан, даҽакала иуҳәозар аӡыни-аԥхыни рҽанеилдыргои, ақәыџьма аӡы ианӡаалои амш.

"Ажәытәан, ҳажәлар аԥсабара иадҳәалоу анцәахәқәа ирымҵаныҳәон, ирымҵахырхәон. Хәажәкыра 20 анаҳҳәо, ари аҽны, аиҳарак аиҳабацәа ирҳәо ақәыџьма аӡы ианӡаало амш ауп ҳәа. Акәыџьма акульт аԥсуаа рмифологиаҿы иҟоуп, ус рҳәоит ақәыџьма,ақәылара ианцо адгьыл иазҵаауеит ҳәа, хәажәкыра 20 аҽны иара ашықәс аҩнуҵҟа иҟанаҵаз ацәгьарақәа рҟнытә аӡы иӡааланы аҽарыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп", — лҳәеит аҵарауаҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Афольклорист лажәақәа рыла, иара убас, хәажәкыра 20 аҽны амш зеиԥшрахо гәаҭаны, ашықәс зеиԥшрахо ҳәа азгәаҭарақәа ҟарҵон.

"Ари амш аӡынтәи аамҭа ииасны аԥхарақәа рышҟа ианиасо ҳәа иԥхьаӡоуп, аҽны амши аҵхи еиҟарахоит. Хәажәкыра 22 аҽны, амш зеиԥшрахоз ала ажәытәан ирдыруан изеиԥшрахоз аԥхын, ақәа леиуазар — аԥхын ӡыс аамҭахоит, амра ԥхозар кәыркә шоурахоит ҳәа иԥхьаӡан. Ари азхаҵара ажәлар рыҩнуҵҟа ишьақәгылахьеит, уи иахьагьы иазгәарҭоит, еиҳарак ақыҭақәа рыҟны аарыхра знапы алакәу, зықәра ыҟоу ауаа. Даҽакалагьы, аӡыни аԥхынреи анеилысуа ҳәа аԥсуаа ирыԥхьаӡоит раԥхьатәи адыд абжьы анго, уи ашьҭахь ауп ажәлар рыҟны ианырҳәоз аԥхынра ааит ҳәа", — азгәалҭеит лара.

Аԥсуаа рмифологиаҿы иҟоуп даҽа фактк, аԥсабара зегьы анҿыхо, аҵиаақәа анышәҭуа ааԥынра аамҭа, аԥсуаа ныҳәак еиԥш иаԥылон ҳәа. Аҵарауаҩ, афольклорист Римма Ҳашба, иҭылҵаауан ижәытәу, иахьа иӡхьо, зыӡбахә ҳамҳәо анцәахәқәа, убас еиԥш иҟоу анцәахәқәа дреиоуп аҵиаақәеи, аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас.

Цира Габниа. - Sputnik Аҧсны
Габниаԥҳа: хәажәкыра - аԥсуа милаҭтә культура иахәҭаку ныҳәоуп

"Аҵарауаҩ, афольклорист Римма Ҳашба лышәҟәы аҟны аԥсуаа рмифологиаҿ иаҳԥыло жәабжьк аагоуп. Иҟан ҩыџьа аеишьцәа Хтыри Лази ҳәа, урҭ ажәҩан аҭӡамц икыдланы адгьыл иақәшаны иныҟәон, дара ажәҩани адгьыли ахьеилало аҳәаа аҟны шыкәсык ахь знык еиқәшәон, ианеиқәшәалак рԥаҵа рсон, рҿы-рнапы рыӡәӡәон, еибабон, уи нахысгьы еиҭах ныҟәара ицон, ианеиқәшәозгьы даҽа шықәсык ашьҭахь акәын. Аешьцәа Хтыри Лази анеиқәшәоз амш аԥсуаа ныҳәаны иаԥылон, ари амш ршьон. Аамҭақәа реиҟарара, аеишьцәа реиқәшәара амш хәажәкыра 20 аҽны иақәшәоит ҳәа ишьақәырӷәӷәаны иузҳәом аха, ус еиԥш иҟоу агәаанагара ыҟоуп, уи иҵегь иҭҵаатәуп", — ҳәа лҳәеит Ҭодуаԥҳа.

Абзыԥқәа рҟны аешәцәа Хтыри Лази, Мҭыргьалазҳәагьы рзырҳәоит, Абжьыуаа рыҟны Ҭыргьа Лаз, иахьа, уи анцәахәы имҵаныҳәаӡом, ажәытә акәын ианыҟаз. Ари анцәахәы иеиԥшу иаҳзааигәоу адыга жәларгьы ирымоуп Ҭҳагәылыџь ҳәа (Тҳа- анцәа, лыџь-адгьыл) иара убас ауаԥсаагьы.

"Аныҳәара мҩаԥигон аҩнаҭа аиҳабы, ашьыжь дгыланы, Мрагыларахь ихы рханы, ашықәс иалагӡаны иҵасымыз акыр ҟарҵазар, иаҭеимҵаразы аҽаҩра беиа рыиҭаразы дныҳәон. Ари аныҳәара иадыргалон ашьтәеи, аҳампалқәеи, аҩыи", — лҳәеит афольклорист.

Аԥсуа жәлар жәытәнатә аахыс зхархәара рымаз азхаҵарақәеи, азгәаҭарақәеи, иахьагьы рхы иадырхәоит, ианақәшәогьы рацәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0