Амиграциаз азакәанԥҵара ариашарақәа алагалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРейд миграционной службы
Рейд миграционной службы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит ахаша, хәажәкыра 21 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Амиграциа аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәа аԥсахрақәа рылагаларазы" апроект рыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿы.

Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит амиграциатә закәанԥҵара ариашарақәа зызку аусура арманшәалароуп ҳәа. Урҭ инарықәыршәаны ареспубликахь иаауа аҳәаанырцә атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ушьҭарнахыс ироуеит алшара аусуразы азин Амиграциатә маҵзураҟны аиура.

Уажәтәи аамҭазы аус зуа азакәанԥҵарала ареспубликахь иаауа аграждан-зинтә мамзаргьы аусутә еиқәышаҳаҭра рыманы иҟазароуп ҳәа.

"Аха, Аԥсныҟа иаауа реиҳараҩык арахь ралалараан аиқәышаҳаҭрақәа рыманы иҟам. Урҭ арахь ианааилак аброкертә структурақәа рахь инеиуеит аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵарц азы. Уи ашьҭахь аусуразы азин роуеит. Аусуразы азин анроулак ашьҭахь аиқәшаҳаҭра аанкылахоит", — ҳәа иҳәоит Шамба.

Шамба иазгәеиҭеит азакәан аҟны агхақәа рыҟазаара иахҟьаны ареспубликатә биуџьет ииасыз ашықәс азы 17 миллион мааҭ шацәыӡыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0