Амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥган

© Sputnik Бадри ЕсиаваЗаседание кабинета министров
Заседание кабинета министров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥара азҵаарақәа ркоординациазы имҩаԥгаз аилацәажәара иалахәын: Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Роман Шьоуа, Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы Урыстәыла аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин, Аԥсни Урыстәылеи рқыҭанхамҩа аминистррақәа рнапхгаҩцәа. Аилацәажәара мҩаԥысит Аҟәа, мшаԥы 24 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Аилацәажәараҿ Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра адепартамент адиректор Петр Чекмарев иҳәеит 6-миллиард мааҭ инаӡаша ахарџь аԥырҟәҟәаауп ҳәа.

Аркадий Джинджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьинџьиа апты аизгара иазкны: аҳәынҭқарра ахә ахнашәаарц ауп

"Аҟазауаа рдыррақәа рыла Аԥсны 25 000 ҩны гәаҭаны 4,2 тонна амармалташь пты еизыргеит. Ҳара ҳаицхырааны 6-миллиард мааҭ инаӡаша ахарџь аԥҳарҟәҟәааит", — иҳәеит иара.

Чекмарев иазгәеиҭеит Аԥснытәи Урыстәылатәи аҟазауаа есыҽны аҳасабырбақәа шымҩаԥырго Аԥсны аҵакыраҿы ицо ауснагӡатәқәа рзы. Аиҳарак амармалташь пты еизгоуп Гал араион аҿы – 2,5 тонна, Гагра араион аҿы – тоннак, Очамчыра араион аҿы 600 кьыла.

Петр Чекмарев инаҵшьны иазгәеиҭеит ауааԥсыра аус рыдулареи иахәҭаны иҟаз аинформациа рыҭареи аҵак ду аманы ишыҟаз.

Апты аанаҳамкылар, Аԥснеиԥш Краснодартәи атәылаҿацәгьы шәырда уҭраҭыхда инхар алшоит иҳәеит иара.

Амшын еиқәа иаԥну атәылақәа рҿы апты цәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0