АҞӘА, мшаԥы 26– Sputnik. Москватәи Жәларбжьаратәи аҵаратә салон аусураҟны ицәырган азҵаара: Урыстәыла иҭыҵуа арҵагашәҟәқәа Аԥсны рҭыжьразы Урыстәыла аҵара аминистрра ақәшаҳаҭхарц, иҳәеит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадыррақәеи рминистр Адгәыр Какоба.
"Арҵагашәҟәқәа Аԥсныҟа иааргоит акоммерциатә ҟазшьа рыҭаны. Урҭ рыхәԥса акыр иҳаракуеит. Зны-зынла аҭаацәа ирылшом рхәыҷқәа рзы урҭ раахәара. Убри азы ари азҵаара цәыраагеит урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицәажәараан. Урыстәыла аҵара аминистр Ирина Потехина агәра ҳлыргеит азҵаара шҭылҵаауазы, иалшо ала ацхыраара шыҟалоу азгьы", — иҳәеит аминистр.
Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит аиҭаҭыжьраан ашәҟәы ахәԥса шеиҵахо.
Адгәыр Какоба Sputnik еиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>
Аминистр иара убасгьы иҳәеит Аԥснытәи аделегациеи Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рделегациақәеи рнапы шаҵарҩыз аицусуразы аплан.
Аԥснытәи аделегациа уажә ԥшьынтәуп аҵаратә форум рҽаладырхәуеижьҭеи.