Анчабаӡе аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Ӡиӡариа изкны: ихьӡ-иԥша ыҟан

© Sputnik / ПрохоренкоГеоргий Дзидзария.
Георгий Дзидзария. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы Гьаргь Ӡиӡариа диит Лыхны ақыҭан 1914 шықәса лаҵара 6 рзы.

АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik. Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы Гьаргь Ӡиӡариа диит Лыхны ақыҭан 1914 шықәса лаҵара 6 рзы. Ӡиӡариа аԥсуа ҭҵаарадырраҿ еиԥш асовет ҭоурыхдырраҿгьы ихьӡ-иԥша ыҟан, иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз, аетнограф, Москватәи аԥсуа диаспора алахәыла Иури Анчабаӡе.

"Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы ихьӡ инарҭбааны алаҵәара амоуп. Иара дрыҵанакуан асовет аамҭақәа рзы еиҵагылаз аԥсуа интеллигенциа. Ҿыц ииз аԥсуа республикаҿы аҿиара амҩа рзаатит акультура, аҭҵаарадырра. Ажәлар аҵараиура ргәы аҳәон, ирҭахын аамҭа иақәшәо еиԥш рыԥсадгьыл амаҵ азура рылшо иҟаларц", — иҳәоит иара.

Гьаргь Ӡиӡариа аҵара иҵон Николаи Чернышевски ихьӡ зху Москватәи афиласофиеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҟны.

"Гьаргь Ӡиӡариа аҵара ицырҵон заԥхьаҟа еицырдыруа иҟалаз аӡәырҩы. Иара иалихит аҭоурыхтә хырхарҭа", — иҳәоит Анчабаӡе.

Москватәи афиласофиеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут даналга ашьҭахь, 1939 шықәса рзы, Гьаргь Ӡиӡариа Аԥсныҟа дхынҳәуеит, аҭҵаарадырра-рҵаратә ус ихы азикуеит.

"Иара деицырдыруа дыҟан. Иусумҭақәа ракәзар ихьӡ ӡырыргон аԥхьаҩцәа рыбжьара", — ҳәа азгәеиҭоит Анчабаӡе.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь ареспубликаҿы иадыркуа иалагеит аԥсуа школқәа. Гьаргь Ӡиӡариеи, абызшәадырыҩ Константин Шьаҟрыли апоет Баграт Шьынқәбеи 1947 шықәса рзы ашәҟәы рышьҭит ЦК ВКП(б) ахь. Ашәҟаҟны еиҭаҳәан аԥсуа школқәа раркреи, аԥсуа жәлар ркыдцалареи, Аԥсны аҭоурыхи акультуреи реицакреи ртәы аартны.

"Иуҳәар ауеит усҟантәи аамҭазы асеиԥш иҟаз ашәҟәы аҩра фырхаҵара дун ҳәа. Ашәҟәаҟны иныҭкааны еиҭаҳәан иҟаҵәҟьаз аиаша. Ҳәарада уи зҩыз ирдыруан дара рганахь ала арепрессиақәа мҩаԥгахар шалшоз, иҭаркыр, ихырҵар шауаз, иҟалон рыԥсҭазаарақәаҵәҟьагьы ахҭынҵатәхар шауазгьы. Анцәа иџьшьаны рыԥсқәа шеиқәхазгьы ныррада инымхеит уи ашәҟәы. Гьаргь Ӡиӡариа лахь иҭан иҩымҭақәа рҿы аҭоурых еицеикуеит ҳәа ахьыӡҵаны", — ҳәа еиҭеиҳәоит Анчабаӡе.

Гьаргь Ӡиӡариа дзыниаз ихы анрааланы иус даҿын.

Еилкаауп Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа 2014 шықәсазы иаԥсахаз - Sputnik Аҧсны
Еилкаауп Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа 2014 шықәсазы иаԥсахаз

Аҭҵаарадырра адагьы Ӡиӡариа аус иуан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҟны ректорс, абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут адиректорс дыҟан.

"Еснагь хықәкны иман аԥсуа кадырқәа реиҵааӡара. Илиршон аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи ирыҵаруказ амаҭәарқәа аҵаратә процесс ралагалара. Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут адиректорс иҟазаараан аинститут аизҳазыӷьараз иреиӷьӡоу аамҭақәаны иҟан. Икәша-мыкәша еизигон зинтеллектуал ҳаракыз аусзуҩцәа", — ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.

Еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, аҭоурыхдырыҩ, арҵаҩы Гьаргь Ӡиӡариа диит Лыхны ақыҭан 1914 шықәса лаҵара 6 рзы.

Аҵарауаҩ ибиблиографиа иаҵанакуеит 400 инарзынаԥшуа усумҭа. Урҭ рҟынтәи 150 ҭҵаарадырратә усумҭа, 50 монографиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0