XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" мҩаԥысраны иҟоуп ВДНХ

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие международного фестиваля музеев "Интермузей" 2015
Открытие международного фестиваля музеев Интермузей 2015 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи" мҩаԥысраны иҟоуп ВДНХ, лаҵара 31 инаркны рашәара 3 рҟынӡа.

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik. Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәхоит аиубилеитә XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Интермузеи". Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Сынтәа афестиваль иалахоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи. Амузеи аусзуҩцәа иаздырхиеит апавильон. Амузеитә експозициа акультуратәи алитературатәи ҟазшьеиԥш ианыԥшуеит Аԥсни Урыстәылеи ХХ-тәи ашәышықәса алагамҭазы ирымаз аиныррагьы", — лҳәеит лара.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аусуҩ Белла Қьецԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа ҳәынҭмузеи аусуҩ: "Интермузеи-2017" аҿы Аԥсны иазҿлымҳан

Афестиваль "Интермузей" хықәкы хаданы иамоуп жәларбжьаратәи акультуратә еимадарақәа рырӷәӷәара лҳәеит аминистр.

"Сынтәи иҵуеит Дырмит Гәлиа иԥа, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа диижьҭеи 105 шықәса. Иара иԥсҭазаареи ирҿиареи абриаҩны иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп азы аекспозициа иалаҵоуп иара ирҿиамҭақәагьы. Афестиваль иалахәхоит 400 рҟынӡа музеитә цәыргақәҵа. Ара иҟалоит Третиаковтәи агалереиа, Аермитаж, Пушкин имузеи, европатәи амузеиқәа" ҳәа лҳәоит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит афестиваль "Интермузей" аҟны ажәахә ҟаиҵараны дшыҟоу аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

Раԥхьаӡа акәны аԥснытәи аделегациа афестиваль "Интермузей" иалахәхеит 2017 шықәса рзы.

Афестиваль иатема хаданы иҟоуп "Амузеии ауаажәларреи". Сынтәа афестиваль иалахоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0