Мадина Аргәынԥҳа Искандер иажәабжь иалылхит афильм

© Фото : Мадина АргунРабота над анимационным фильмом "Мальчик и война"
Работа над анимационным фильмом Мальчик и война - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху IV-тәи Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" мҩаԥысуеит Аҟәа рашәара 13 - 15 рзы.

АҞӘА, рашәара 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Зметраж кьаҿу анимациатә фильм "Аҷкәыни аибашьреи" ддырбараны иҟоуп Фазиль Искандер ихьӡ зху IV-тәи Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" аҟны ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит арежиссер Мадина Аргәынԥҳа.

"Аҷкәыни аибашьреи" Фазиль Искандер иҩымҭақәа рҟынтәи еицырдырқәо иреиуам, аха ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа бзиа избо рзы уи иҿыцу акакәым. Сара схазгьы ари ажәабжь ааигәа иаасыртит. Лассы имҩаԥаагараны иҟоуп аибашьраҿтәи ҳиааира амш ду. Ирацәаҩуп Искандер аибашьра акгьы азимкит зҳәо. Аха уи ус акәым. Ажәабжь "Аҷкәыни аибашьреи" Фазиль Искандер иҩит аибашьра иазкны", — ҳәа лҳәоит Аргәынԥҳа.

Мадина Аргәынԥҳа еиҭалҳәеит аԥхьа ажәабжь аспектакль алылхырц шылҭахыз, нас афильм аҭыхра дшазхәыцуаз. Аҵыхәтәаны дазкылсит анимациатә фильм аҭыхра еиҳа ишанаало.

"Афильм аҿы ахархәара роуеит ахәмаргақәа, аскульптура, асахьа, авидео, 7000 инареиҳаны афотокадырқәа" — лҳәоит лара.

Пресс-конференция Стоянка человека - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаатуеит акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа"

"Аҷкәыни аибашьреи" азы Мадина илыԥшааит Фазиль Искандер ихаҭа иажәабжь дахьаԥхьо анҵамҭа, иагьылыӡбеит автор ибжьы ахаҵара.

"Акадыр ашьҭахьтәи абжьы аҳасаб ала ҳхы иаҳархәеит уи анҵамҭа. Аперсонажқәа рыбжьы гаӡом. Ицәажәо Искандер заҵәык иоуп. Амонтаж аныҟаҳҵа ашьҭахь агәра згеит уи аформа зегь раасҭа ииашаны сшазааҭгылаз" ҳәа лҳәоит арежиссиор.

Мадина Аргәынԥҳа аус лыцылуан асахьаҭыхыҩ Диана Допуаԥҳа.

"Аҷкәыни аибашьреи" сара исыпроектуп сызҳәом. Исыднагалеит акультура аминистрр. Диана Допуаԥҳаи сареи аус адааулеит" — лҳәоит лара.

Мадина Аргәынԥҳа илҳәоит амза 15 рҟынӡагьы афильм аус шадырулало.

Иара ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы ирзырхоуп. Ахәаԥшыҩцәа ирбар рылшоит Фазиль Искандер ихьӡ зху IV Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" анымҩаԥысуа аамҭазы.

Мадина Аргәын лфильм иахылҳәааз шәазыӡырҩыр ҟалоит абра >>

Мадина Аргәынԥҳа – Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр арежиссиор-ақәыргылаҩ. Иқәлыргылахьеит аспектакльқәа "Ажьақәеи амаҭқәеи", "Амра аԥҳа", "Гарольди Моди", " Бернарда Альба лыҩны" уҳәа егьырҭгьы.

Фазиль Искандер иҩымҭа Ажьақәеи арқьымаҭқәеи иалху аспектакль апремиера мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
"Ажьақәеи арқьымаҭқәеи" аҿар рыблақәа рыла

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Ҩы-шықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс. 1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура". Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа). Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Фазиль Искандер ихьӡ зху IV Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" мҩаԥысуеит Аҟәа рашәара 13 — 15 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0