Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәынԥҳа: Искандер ибжьы даара ианаалеит афильм аҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукМадина Аргун
Мадина Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Жәларбжьаратәи Фазиль Искандер ифестиваль аҟны иӡыргахо аннимациатә фильм зызку, жанрс изҵазкуа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аргәынԥҳа аннимациатә фильм иазкны

"Ажәабжь иалсхыз ҳаибашьра иазкуп. Уамак еицырдыруа Фазиль Искандер иҩымҭа акәӡам. Урысшәала иахьӡуп "Мальчик и война". Иаарԥшу ахҭысқәа Гагра ахақәиҭтәра иазкуп. Сара исгәаԥхеит — ҳаибашьра ахәыҷы иблала иахьаарԥшу. Даара сазхәыцит излааҳарԥшыша ажанр, синтетикатә мультфильмхоит. Уа иҟоуп акьанџьақәа, иҟоуп аҿыхынҵа, аҭыхымҭа, авидео. Быжь-нызқь иреиҳаны афото кадрқәа ҭыхуп, урҭ ирылхны иҟаҵоуп амультфильм. Иара Фазиль Искандер ибжьы аҵазаауеит, иажәабжь дахьаԥхьоз аинтернет аҟынтәи анҵамҭа аагоуп. Амультфильм аҟны ахаҿсахьақәа цәажәаӡом.  Ицәажәо Фазиль иоуп, даара ианаалт ибжьы. Хықәкыс иҳаман иара ибжьы аанхарц", — лҳәеит Аргәынԥҳа.

Афильм иазку ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Фазиль Искандер ихьӡ зху Аԥшьбатәи Жәларбжьаратәи акультура афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" Аҟәа имҩаԥысуеит рашәара 13 инаркны 15-нӡа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥхьарбарақәа ҩба ҟалоит. Аурыс драматә театр аҟны идырбахоит аспектакль "Широколобый", Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асцена маҷ аҟны аннимациатә фильм "Мальчик и война".

Ажәабжьқәа зегьы
0