Аклассикатә музыка афестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицунда

© Sputnik Cаида ЖьиԥҳаА-16-тәи аклассикатә музыка афестиваль «Лира» мҩаԥысит Пицунда
А-16-тәи аклассикатә музыка афестиваль «Лира» мҩаԥысит Пицунда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи аклассикатә музыка афестиваль "Лира" мҩаԥысит Пицундатәи ауахәама, аконцерттә зал аҟны.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Есышықәсеиԥш сынтәагьы, Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал уаала иҭәын. Арахь имҩахыҵит Аԥсны ахыи аҵыхәи рҟнытә аклассикатә музыка абзиабаҩцәа, иара убас акурорттә қалақь асасцәа.

29 юных музыкантов собрал фестиваль «Лира» - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Лира" Пицунда еизнагеит 29-ҩык амузыкантцәа

Еизаз ирыман алшара, И. С. Бах, А. Вивальди, Л. В. Бетховен, Д. Шостакович, Н. Паганини, В. Гаврилин, уҳәа реиԥш адунеи аҟны зыхьӡ наҩхьоу акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа рзыӡырҩра.

Ахәаԥшцәа рҟазарала идыргәырӷьеит 37-ҩык, Аҟәеи, Гали, Очамчыреи, Гәдоуҭеи, Гагреи, Пицундеи аҟазаратәии, амузыкатәии школқәа рҵаҩцәа, иара убас Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа иатәу амузыкатә школ ааӡамҭацәеи, аҵараиурҭа астудентцәеи. Уи аҽны, дара абжьы ссир рхарҵеит, еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа.

Артистцәа қәыԥшцәа рықәгыларақәа, аконцерт ааҭаҩцәа ирыдыркылон имеихсыӷьуаз напеинҟьарала.

Иазгәаҭатәуп, сынтәа аклассикатә музыка афестиваль "Лира" дшалахәыз Лугансктәи аестетикатә-ааӡаратә музыкатә школ №2 аҵаҩы Камилла Соболева, лара афлеитаҟны иналыгӡеит Г. Доницетти ирҿиамҭа "Соната".

11 шықәса зхыҵуа, аибашьра алакҭа иҭаԥшыз ахәыҷы асценахь лааира, иҟәандаз ацәаныррақәа рызцәырнагеит азал аҟны итәаз зегьы.

Камилла лгәы ҭызҟьахьаз ахысыбжьқәа рхаҭыԥан, иахьа ллымҳа иҭыҩуан, лбаҩхатәра ахә зшьаз ауаа рнапеинҟьабжь.

"Ҳара раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа ҳааит. Рҵаҩцәас исыцу сҭаацәа роуп. Ари атәыла алакә еиԥшуп. Инхо ауааԥсырагьы даара ргәы разуп. Иахьа асценахь санцәырҵ, избеит шаҟа исеигәырӷьаз. Саргьы, рыԥхарра снырын, ақәҵра сҭахымызт", — лҳәоит ахәыҷы.

Лугансктәи асасцәа аҩны илыдылкылеит Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кәакәасқьырԥҳа. Аԥшәма илылшо зегь ҟалҵоит, згәаҵа аибашьра ашәахсҭа аннаҵаз ауаа рыԥсшьарамшқәа иссирны имҩасырц.

Белла Кокосқьериаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Белла Кокосқьериаԥҳа: ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥсуароуп шьаҭас иҟаҵатәу

Камилла ҳаԥхьаҟагьы Аԥсныҟа ааԥхьара дазыԥшуп.

Аклассикатә музыка афестиваль "Лира" апроект авторс дамоуп, Гагратәи аҟазаратә школ арҵаҩы Мери Ҷанԥҳа.

"Сара сыхәҭакахьала иалскаар сҭахуп, ианыхәыҷыз аахижьҭеи аклассикатә музыка афестиваль зхы алазырхәо, иахьа Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа астудентцәа Елизаветта Логәуаԥҳа, Барас Ҟәыџба, Едуард Цатуриан, уҳәа реиԥш иҟоу, ҳаԥхьаҟа ҳзықәгәыӷуа, ҳус иацызҵо аҿар. Иҭабуп ҳәагьы расҳәоит ҳкультура ахьӡырырго", — ҳәа азгәалҭоит Мери Ҷанԥҳа.

Раԥхьатәи аклассикатә музыка афестиваль "Лира" мҩаԥысит 2002 шықәсазы. Уи аахижьҭеи Аԥсны еиҵагылеит амузыкантцәа раԥибара ҿыц.

Аклассикатә музыка афестиваль "Лира" хықәкы хадас иамоуп, аҟазареи абаҩхатәреи злоу ахьыбҿар ралԥшаара, анаҩс адгылара арыҭара. Иара убас аԥышәа еимадара.

Аконцерт еиҿкаан Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кәакәасқьырԥҳаи, акультура аҟәшеи рыцхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0