Аԥснытәи аҵарауаҩ ашьапылампыл аԥҟарақәа реиҭакразы ажәалагала ҟаиҵеит

© Sputnik, Бадрак АвидзбаРамгар Маршан.
Рамгар Маршан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҵарауаҩ Рамгар Маршьан ашьапылампыл асыҩцәа ироуа аахақәа ирыхҟьаны рыхәышәтәра аекономиа азызуа аӡбра иԥшааит.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл аҿы аахақәа реиҵатәразы ахәмарыҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵатәтәуп 22-ҩык рҟынтәи 18-ҩык рҟынӡа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент Рамгар Маршьан.

"Ари аидеиа сызцәырҵижьҭеи акрааҵуеит. Изныкымкәангьы аӡбахә сҳәахьеит. Ашьапылампыл бзиа избоит. Сгәаанагарагьы — иара еиҭактәуп ҳәа ауп", — иҳәоит иара.

Иҟаиҵаз ажәадгала иалоу актуалра ҵаҵӷәиркуеит ампыл зку аспортсмен икәша-мыкәша ахәмарыҩцәа рацәаҩны ианеизо, уи иара аахақәа иоуразы еиҳа алшара инаҭоит ҳәа.

"Аспорт аҿы ашьапылампыл ауп аахақәа еиҳарак изцу", — иҳәоит Маршьан.

Полузащитник сборной Алан Дзагоев - Sputnik Аҧсны
Алан Дзагоев Урыстәылеи Египти ашьапылампыл азы реицыхәмарра дзалахәхом

Ахәмарра адәаҿы ашьапылампыл асыҩцәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра адагьы Рамгар Маршьан ахәмарра аамҭагьы ркьаҿтәуп ҳәа иазиԥхьаӡоит. Иахьазы иҟоу 45 минуҭ рцынхәрас 35 минуҭ ааныжьтәны ибоит иара.

"Ахәмарыҩцәа рхыԥхьаӡара 18-ҩык рҟынӡа аларҟәра ампыл акәша-мыкәша ахәмарыҩцәа рыжәпара еиҵанатәуеит. Ахәмарра аамҭа 35 минуҭ рыла аиҵатәра акәзаргьы ахәмарыҩцәа рылшарақәа еиҳа аамҭа кьаҿ иалагӡаны иаадырԥшыр акәхоит. Абарҭ инарыдҳәаланы аахақәагьы рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷхоит" ҳәа агәрагара имоуп аҵарауаҩ.

Ахәмарыҩцәа реиҵахара еиҳа ахәмарра ахылҿиаауеит, ҭыԥк аҿы аҽықәырхарагьы алнаршом, лассы-лассы инеиҭаҵ-ааиҭаҵлар акәхоит ҳәа иазиԥхьаӡоит Маршьан.

Рамгар Маршьан агәра игоит ашьапылампылтә клубқәа рхарџьқәа асеиԥш азнеишьа еиҵанатәуеит ҳәа.

Иара иеиҭеиҳәеит адунеи ачемпионат ахәмаррақәа гәахәарыла дышрыхәаԥшуа. Иара убри аан иҳәеит командак аалкаан адгылара шаимҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0