Атәыла Ахада Русҭам Чхебелиа дидикылеит

© Sputnik Сария КварацхелияВстреча у президента Абхазии
Встреча у президента Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультура аминистрреи Аҷандара ақыҭан хәы змоу аҵәахы аазырԥшыз Русҭам Чхебелиеи ахьчаратә уалԥшьа рнапы аҵарҩит. Уажәшьҭарнахыс иара дахьынхо аҭыԥ аҭоурых-культуратә ҭынха асиахь иаҵанакуеит.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиа. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҷандара инхо Русҭам Чхебелиа дидикылеит. 2018 шықәса рзы Русҭам Чхебелиеи Аҷандара ақыҭан хәы змоу аҵәахы ааирԥшит ибаҳчаҭраҟны.

"Аҷандара иаарԥшыз аԥсыжырҭа Аԥсназы аҵакы амоуп. Абри ахҭыс аҿы аԥхьа иургылаша ауаҩроуп. Аԥсуа нхаҩы ихатәы интересқәа ракәымкәа амилаҭ аҭоурых аԥыжәара аиҭеит. Сгәы иаанагоит егьырҭ рзгьы дҿырԥшыгоуп ҳәа", —  иҳәеит Ахада.

Аҷандаратәи аԥсыжырҭаҿы иԥшааз ахьымаҭәа иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы иҵәахуп.

Ювелирные изделия найденные в Ачандаре - Sputnik Аҧсны
Аҷандаратәи аԥшаахқәа амузеи иаҭоуп

Русҭам Чхебелиа атәыла анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит иагьазгәеиҭеит дарбанызаалакгьы иара иеиԥш рхы мҩаԥыргоны дшахәаԥшуа.

Атәыла Ахада иахь инеиаанӡа Аԥсны Акультура аминистрреи Аҷандара ақыҭан хәы змоу аҵәахы аазырԥшыз Русҭам Чхебелиеи ахьчаратә уалԥшьа рнапы аҵарҩит. Уажәшьҭарнахыс иара дахьынхо аҭыԥ аҭоурых-культуратә ҭынха асиахь иаҵанакуеит.

"Сара агәахәара снаҭоит асеиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭра ҳнапы ахьаҵааҩыз. Уи зегьы ирҭаххаӡом. Абри аҭыԥ аҿы ԥхьаҟагьы аԥшаара-ҭҵааратә усурақәа мҩаԥгатәхоит", — иҳәеит Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кобахьиа.

Аибашьҩы иԥсыбаҩ, ахыц, ахәымпал, ахьымаҭәа уҳәа аԥсыжырҭаҿы иаарԥшыз ҳера ҟалаанӡа IV-V ашәышықәса иаҵанакуаны ишьоуп.

Sputnik аинтервиу азҭоз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа иазгәаиҭеит асеиԥш ибеиоу аԥсыжырҭа Аԥснеиԥш Амшын еиқәа Мрагыларатәи аԥшаҳәа зегь аҿгьы имаҷуп.

© Фото : Пресс-служба Президента Республики АбхазияПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба принял жителя Ачандары Рустама Чхебелия, который в феврале 2018 года на приусадебном участке нашел могильник с драгоценностями
Президент Абхазии Рауль Хаджимба принял жителя Ачандары Рустама Чхебелия, который в феврале 2018 года на приусадебном участке нашел могильник с драгоценностями - Sputnik Аҧсны
Президент Абхазии Рауль Хаджимба принял жителя Ачандары Рустама Чхебелия, который в феврале 2018 года на приусадебном участке нашел могильник с драгоценностями

Ажәабжьқәа зегьы
0