Аԥсны ар рыштаб хада аиҳаб ҿыц даҭоуп

© Фото : Пресс-служба Президента Республики АбхазияГенерал-майор Василий Лунев
Генерал-майор Василий Лунев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2015 шықәса лаҵарамза аахыс Аԥсны арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабыс дыҟан Анатоли Хрулиов.

АҞӘА, нанҳәа 3 – Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистр Мераб Кьышьмариа Аԥсны Ахада идигалеит Аԥсны Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабыс аинрал-маиор Васили Луниов икандидатура ҳәа аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Аыла Ахада иҳәеит Аԥсны ахьчаразы аусурақәа рымҩаԥысра ишаҿу.

"Шәара ишәнапынҵахоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи реинырра азҵаарақәа рыӡбара. Ҳара ԥхьаҟагьы иазҳарҳалоит астратегиатә усеицура", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Васили Луниов атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ирҭаз агәрагара ду азы.

Уаанӡа, 2015 шықәса лаҵарамза аахыс Аԥсны арбџьармчқәа рыштаб хада аиҳабыс дыҟан Анатоли Хрулиов. Хрулиов 2006 – 2010 шықәсқәа рзы напхгара аиҭон Нхыҵ Кавказтәи арратә округ 58-тәи ар.

Нанҳәа 9 2008 шықәса рзы дхәын Цхьынвал ақалақь аҿы.

Аинрал-маиор Васили Луниов 2008 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра напхгара аиҭон.

Ажәабжьқәа зегьы
0