Аираа рныҳәара

© Sputnik предоставлено Эсмой ТодуаАираа рныҳәара
Аираа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсуа жәлар рымзар аҿы иуҧылоит имаҷымкәа ажәлантәқәа ишьҭырхыз рхатә ныҳәарақәа. Урҭ зегьы рыҟалара зыхҟьаз досу рхатә ҭоурых рымоуп. Убас, есышықәса, нанҳәа мзазы иазгәарҭоит Аираа рныҳәара.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аираа, дара рхаҭа ишырҳәо ала, Аибӷа иҭыҵит. Убри азы урҭ рныҳәара мҩаҧыргоит ҩыџьара: иахьынтәиааз Аибӷа нанҳәа раҧхьатәи амҽышазы, уажә иахьынхо Уаҭҳара – уи иацааиуа егьи амҽышазы. 

Аираа рныҳәара шыҟалаз атәы абас еиҧш иаҳзеиҭеиҳәеит акыр шықәса раахыс ныҳәаҩс иҟаз, 90 шықәса зхыҵуа Аиба Борис Шьмаҭ-иҧа (иара аныҳәара абшьҭрала иоуит, иабгьы дныҳәаҩын): 

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

"Аииҧҳа ӡӷабк Аҭраа ланшьцәа рахь дышцоз адыд-мацәыс ҟалан, аҩада, хыхҟьа дханагалеит. Аӡӷаб хыхь даныхәнанага, лылбаагара азин ҟамло иҟалеит. Усҟан Анцәа рашәа ҳәа иҟан, (уажәгьы иҟоуп, аха издыруа маҷуп), акәашара ҟаҵо, ашәаҳәара ҟаҵо, ҩымчыбжь убра итәаны Анцәа рашәа рҳәон. Дылбааргеит. Ашьҭахь Аирааи Аҭрааи еизан, аныҳәарҭа ҭыҧ алхны, аҿаҭахьы рықәырҵеит, есышықәса абри аныҳәарҭа аҭыҧ аҿы рхы шырныҳәауа ҳәа". 

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ари аныҳәара Аираа рацуныҳәа ҳәагьы ахьӡырҵо иалагеит, избанзар уи рхы аладырхәуа иалагеит аханатә изтәу рыдагьы ацуҭа иалоу, уаҟа инхо егьырҭ ажәлақәагьы. Аныҳәара аныҟарҵогьы иныҳәоит быжьҩы-ааҩы рҟынӡа еиҳабы-еиҵбыла (аа-шьтәак аныршьуаз – ааҩык, бжьы-шьтәак – быжьҩык ахныҳәоит). Зегь раҧхьа агәи агәаҵәеи зкуа Аиба иоуп. Уи "Аиба инцәахәы" ҳәа дныҳәоит. Аамҭак азы иршьуан ашьтәақәа быжьба (рыбыжьбагьы аџьмақәа), Аҧсны иҟоу абжь-ныхак рыхьӡала. Нас, аџьма-шьтәак, ауасақәа фба, асыс – иаабаны – ас еиҧш аҟалара зыхҟьаз аҳәара ҳцәыуадаҩуп.  

"Уи, раҧхьа, аџьма шьтәа агәаҵәа аҵәы иахарҵуеит, ачеиџьгьы амацәаз аҭыҧ анырҵоит. Уи анаҩсан ажәлар еизоит, ара атәым жәлагьы ыҟоуп, аха иара аныҳәара зду, иҟазҵо Аираа роуп", — ҳәа аныҳәара шымҩаҧырго атәы далацәажәоит Борис Аиба. Сынтәа инаркны иара ари аныҳәара имыидеит, ихаҭа зыхьӡ иҳәаз, Анатолии (Баграт) Аиба. 

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ацуныҳәа: иацы, иахьа

Аныҳәаҩ ҿыц ишҳаиҳәаз ала, уажәы ирыхныҳәоит аџьма-шьтәаки ауасақәа фбеи.

"Аиба инцәахәы ҳәа аб-шьтәа (аџьма-шьтәа) ауп изыхныҳәо. Аҵәқәа ларсны, араса махәқәа ықәҵаны, аџьма-шьтәа хыхь иқәаҳҵоит, иара ашьтәа иалҵыз акәац, агәыи агәаҵәеи, зегь уа иқәуп — "Аираа рынцәахәы" ҳәа иҟоу атәы. Агьыи зегьы иара убасҵәҟьа араса махәқәа ҟаҵаны аҵаҟа иқәаҳҵоит. Аҩы еиқәаҵәа, абысҭа, аџьыкхыш адыргалоит. Иара излатәу ала иуфоит, пату ақәҵаны, егьыс иугар ҟалаӡом, иҵасӡам. Иаанхо уа дәыҧшӡак аҿы инаган ишьҭаҳҵоит".  

Аныҳәара мҩаҧысуеит ахәаҿы, иахьыҳаракыроу аҭыҧ аҟны, дәы-ҧшӡарак аҿы. Уахь инеиуеит ахацәа аиҳабацәа реиҧш, аҿарацәагьы, ахәыҷқәагьы (аҷкәынцәа).  Аҳәса ракәзар, аҭыҧ ааигәа инеир зынӡаск иҟалаӡом. 

© Sputnik предоставлено Эсмой ТодуаАираа рныҳәара
Аираа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аираа рныҳәара

Ҳәарада, ихадароу аныҳәара ахьымҩаҧысуа аныҳәарҭа аҭыҧ аҿоуп, аха ажәытәангьы уи хазы иазгәарҭон. "Анкьа иҩахьхьи ахацәа тәан, лахьхьи аҭыҧҳацәа неиуан, амырзаҟан адырҳәон, икәашон, ашәа рҳәон, ихәмаруан, ныҳәак еиҧш имҩаҧыргон", — ҳәа ҳаиҳәеит "Аиба инцәахә" ҳәа иахьа агәаҵәа иахныҳәо Анатолии (Баграт) Аиба.

Ҳаамҭазы акәзар, аҳәса иахьыҟоу агәараҭаҿы шықәсыцыҧхьаӡа аӡәаӡәа инарыдҵан, инеимда-ааимдо ари аныҳәара ҟарҵоит. Араҟа аҧҳәыс еиҳабы лоуп иныҳәо. Ачаҳаржәқәа ҟарҵоит, ачашәқәа, акәытқәа. Зегьы аӡәаӡәала ирныҳәаны урҭ ргьама длырбоит. 

© Sputnik предоставлено Эсмой ТодуаАираа рныҳәара
Аираа рныҳәара - Sputnik Аҧсны
Аираа рныҳәара

Сынтәа Аибӷа аныҳәара амҩаҧгара залыршамхеит, аха зегь акоуп Аираа рныҳәара аҵакы мырӡкәа иахьагьы еиқәырханы иааргоит. Уи аҭоурых ахәыҷы уиазҵааргьы иуаиҳәоит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0