"Афырҭын" шықәсык напхгаҩыда: Лев Қьецба игәалашәаразы

© Фото : http://festcenter.ru/Гагрский хореографический ансамбль "Афыртын" принял участие в международном конкурсе "Надежда Европы"
Гагрский хореографический ансамбль Афыртын принял участие в международном конкурсе Надежда Европы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә студиа "Афырҭын" шықәсык ҵуеит асахьаркыратә напхгаҩы даԥхеижьҭеи. Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба ида аколлектив иаԥсҭазаашьоу еиҭарҳәеит иахьа уи хадара азызуо ахореографцәа Мураҭ Қриеи Алиас Барцыци.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Цәыббра 21, 2017 шықәсазы ачымазара бааԥсы иахырҟьаны, 70 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Гагратәи ахәыҷҭәы хореографиатә студиа "Афырҭын" ашьаҭаркҩы, асахьаркыратә напхгаҩы Лев Қьецба.

Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль Афырҭын азы. - Sputnik Аҧсны
Мартин Тхамоков х-кәашара ҿыц ықәиргылеит ансамбль "Афырҭын" азы

16 шықәса раԥхьа, Гагра ақалақь иаԥҵаз аколлектив "Афырҭын" иоунажьхьеит акәашацәа аӷьырак. Урҭ рахьтә аӡәырҩы, азанааҭ аҳасабалагьы ишьҭырхит. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп, бжьышықәса Лев Қьецба ивагыланы аус зуоз иоушьҭымҭацәа Мураҭ Қриеи, Алиас Барцыци. Хышықәса раԥхьа аклассикеи агимнастикеи арҵаразы ирывагылеит Алиаси Ольгеи Чам-иԥаа. Азҟаза дуи, арҵаҩцәа қәыԥшцәеи ргәы иҭаз апроектқәа рацәаӡан, аха рыцҳарас иҟалаз, ачымазара аӡәгьы дашаҭуам. Реиҳабы данрыԥха, шықәсык аахижьҭеи, ԥшьыҩк аҿарацәа ансамбль рнапаҟны иаанхеит.

© Sputnik , Cаида ЖьиԥҳаАхореографцәа Мураҭ Қриеи, Алиас Барцыци, Алиаси Ольгеи Чам-иԥаа
Ахореографцәа Мураҭ Қриеи, Алиас Барцыци, Алиаси Ольгеи Чам-иԥаа - Sputnik Аҧсны
Ахореографцәа Мураҭ Қриеи, Алиас Барцыци, Алиаси Ольгеи Чам-иԥаа

"Иҳаҩсыз ашықәс азы, Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны, Лев Қьецба ибзоурала еиҿкаан, "Афырҭын" 15 шықәса ахыҵра иазкыз аиубилеитә концерт. Иара убас, иазгәаҳҭеит ҳнапхгаҩы 70 шықәса ихыҵрагьы. Усҟан ҳгәы иҭашәомызт, ари аҵыхәтәантәи аиубилеиқәа ракәхоит ҳәа иԥсҭазаараҟны", — иҳәеит ахореограф Мураҭ Қриа.

© Sputnik / Томас ТхайцукКонцерт гагрского детского хореографического ансамбля "Афыртын"
Концерт гагрского детского хореографического ансамбля Афыртын  - Sputnik Аҧсны
Концерт гагрского детского хореографического ансамбля "Афыртын"

Хымԥада, аколлектив ианыԥшуеит анапхгаҩы иҟамзаара, аха зегь акоуп иҵаҩцәа ирылдыршоит ԥхьаҟа агара. Хаҭала акәашареи, ахәыҷқәа адырҵареи зынӡа еиԥшӡам. Аха, аҷкәынцәа рус зырманшәало уи ауп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны, реиҳабы идеилиркааит ахәыҷқәа рызнеишьа.

Лев Қьецба иԥсҭазаара даналҵ, ҩымз рышьҭахь, игәалашәара аҳаҭыр азы Аԥсны араионқәа рҟны асолотә концертқәа еиҿыркааит арҵаҩцәа ҿарацәа.

Венера Чагәаа. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара ахәыҷқәеи акультуреи ирзызкыз

Лев Қьецба ихаан, "Афырҭын" алахәын Аԥсни, аҳәаанхыҵи имҩаԥысуаз еиуеиԥшым афестивальқәеи, аконкурсқәеи. Иҟамлацызт зны заҵәыкгьы, иахьықәгылозаалакгьы, "Гран-при" мамзаргьы адиплом актәи аҩаӡара иаԥсамхакәа.

Ишырҳәо еиԥш "аҩбатәи аплан" зынӡа рымԥангьы иааргомызт.

Лев Қьецба ида, аколлектив алахәхахьеит Черқьесск имҩаԥысуаз "Жәлар реиҩызара" захьӡу жәларбжьаратәи афестиваль, Шәача еиҿкааз "Абаҩхатәра злоу рҵакырадгьыл" захьӡу афестиваль алахәцәа рзы асолотә концерт амҩаԥгаразы ааԥхьара рыман, иара убас Лазаревское, аҭыԥантәи ансамбль "Шапсугиа" аиубилеи азгәаҭара иалахәын.

"Ақәгыларақәа рзы иҳамаз ааԥхьарақәа рыдагьы, ҳалахәын аконкурсқәагьы. Убас Москва, хәажәкырамзазы "Арт-танц талант" захьӡыз афестиваль аҟны, "Афырҭын" аиҳабыратәи агәыԥ "Гран-при" иаԥсахеит. Мшаԥымзазы, Дагомыс, "Жәлар рхыҵхырҭа" аконкурс аҟны аиҵбыратәи агәыԥ актәи аҭыԥ аннакылеит, лаҵарамзазы, Аҟәа имҩаԥгаз аконкурс "Аӡыхь" аҟны аиҵбыратәи агәыԥ иаԥсахеит "Гран-при". Иазгәасҭарц сҭахуп, 2017 шықәса анҵәамҭазы, Жәлар рҟазара Ацентр, Аԥсны иреиӷьу аколлектив ҳәа "Афырҭын" ахьӡ шырҳәаз", — ҳәа ҳаилиркааит Мураҭ Қриа.

Аҷкәынцәа ражәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы, ааԥхьара рымоуп, Санкт-Петербург имҩаԥысраны иҟоу "Гранд-Премиум" захьӡу жәларбжьаратәи афестиваль-конкурс ахь. 2019 шықәса, лаҵарамзазы, Москва еиҿкаахо "Платформа" захьӡу афестиваль ахьгьы иаарыԥхьахьеит. Гагратәи ахәыҷҭәы хореографиатә студиа "Афырҭын", араион аҩнуҵҟа имҩаԥысуа еиуеиԥшым аныҳәатәи агәалашәаратәи усмҩаԥгатәқәа ирылахәуп.

Аԥхын иалагӡаны, Гагра акультура аҩни, Пицундеи, Цандрыԥшьи аԥсшьарҭа ҩнқәа рҟни акурорт асасцәа рзы аконцертқәа мҩаԥыргоит "Афырҭынаа". Мураҭи, Алиаси изларҳәаз ала, арҭ ақәгыларақәа ирыҭнырхо аԥара аколлектив аҭахрақәа ирықәдырӡуеит.

"Афырҭын" ӷәӷәала ацхыраара азаадырԥшуеит аҭаацәа. Дара роуп акостиумқәа раахәареи, Аԥсни, анҭыҵи ироуа ааԥхьарақәа рахь ианцо ахарџь аиҳарак зхахьы изго. Хымԥада афинанстә цхыраареи адгылареи ҟарҵоит араион Ахадареи, акультура аҟәшеи.

Ахореографиатә студиа "Афырҭын" иахьа еиднакылоит 180-ҩык ахәыҷқәа. Дара шоит х-гәыԥкны, аиҵбыратәи, абжьаратәи, аиҳабыратәи ҳәа.

Ансамбль Афырҭын 15-шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
"Афырҭын" 15-шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт мҩаԥысит

"Аиҳабыратәи агәыԥ 40-ҩык акәашацәа рыла ишьақәгылоуп, абжьаратә гәыԥгьы убас, арҭ аҩ-коллективк иахьа узмырԥхашьо, аконцерткәа ирылаҳархәо роуп. Аиҵбыратәи агәыԥ, 100-ҩык ахәыҷқәа еиднакылоит, урҭ макьана аҵаратә процесс ауп изхысуа", — иҳәеит Алиас Барцыц.

Арҵаҩцәа қәыԥшцәа излаҳзеиҭарҳәаз ала, Лев Қьецба иҭаацәара раасҭа, аколлектив акәын аамҭа зқәирӡоз. Иара иԥсҭазаара зегьы, "Афырҭын" иадҳәалан.

"Ҳнапхгаҩы иҿаҳҵааша рацәан, иҵегь дҳавагылазар ҳҭахын аха иаҳлахьынҵамхеит. Ахәыҷқәа ракәзаргьы, агәыхь акраамҭа изалҵӡомызт. Иахьа уажәраанӡагьы иӡбахә рҳәоит, ирхашҭрангьы иҟаӡам", — ҳәа азгәарҭоит ахореографцәа.

Аҷкәынцәа иргәиҭоуп, Лев Қьецба игәалашәара аҳаҭыр азы, ааигәа Гагра аконцерт аиҿкаара, убас Аҟәа агәаҭаратә концерт амҩаԥгара.

Астудиа иахагылоу арҵаҩцәеи, акәашацәа хәыҷқәеи ирҳәеит агәаҳәара шрымоу, Лев Қьецба Гагратәи ахәыҷҭәи хореографиатә студиа ихьӡ ахызарц.

© Фото : архив ансамбля "Афыртын"Гагрский хореографический ансамбль "Афыртын"
Гагрский хореографический ансамбль Афыртын - Sputnik Аҧсны
Гагрский хореографический ансамбль "Афыртын"
Ажәабжьқәа зегьы
0